pressadmin-2
Аспектакль «Ахьча Махаз» аԥхьарбара мҩаԥысраны иҟоуп Аурыс драматә театр аҿы лаҵарамза 24 – 25 рзы.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 24 – 25 рзы Ф.А.Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы Фазиль Искандер ирҿиамҭа амотивқәа рыла аспектакль «Ахьча Махаз» аԥхьарбара мҩаԥысуеит.
«Ахьча Махаз» - Фазиль Искандер еицырдыруа иепикатә роман «Сандро из Чегема» ановеллақәа иреиуоуп. Мыцхәы ацәажәара згәамԥхо, агәаӷьра змоу ахаҵа, зажәеи зуси еимадо анхаҩы, зыԥҳацәа зыргәааз дахьзырхәыз Махаз изку ажәабжь ауп.
Атәыла ашколқәа зегьы рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьқәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 22 рзы.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гоит лаҵарамза 22 рзы, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит атәыла аҵара Аминистрра ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Аслан Кәыҭелиа.
Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2024 шықәсазы 153-атәыла ашколқәа ирылгоит 1900-ҩык инарзынаԥшуа аушьҭымҭацәа.
«Ҳара 12-ҩык амедал аиуразы акандидатцәа ҳамоуп. Жә-ҩык «ахьтәы» медал аиуразы акандидатцәа роуп, х-ҩык «араӡны» медал аиуразы акандидатцәа роуп», - ҳәа иҳәеит Аслан Кәытелиа.
Очамчыра араион аҿы иҟалаз амшцәгьақәа ирыхҟьаны қыҭақәак рҿы амашьынақәа рныҟәара аганахьала ауадаҩрақәа ҟалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иаха иҟалаз ақәаршыҩ иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәак аӡы рыҵалеит.
Лаҵарамза 13 рзы иауз ақәаршыҩ иахҟьаны ақыҭақәа Џьгиарда, Кәтол, Ӷәада, Кындыӷ, Аҭара аӡы рыҵалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
«Аҩарқәа ақыҭамҩақәа, ацҳақәа, анышәынҭрақәа аӡәӡәеит, аҩнқәа ирыҩналеит. Иҟалаз адыррақәа рыла, Араду ақыҭан иҟалаз амшцәгьы иахҟьаны иҵыҩрыз аҵла ахатәы ҩнык иақәҳаит. Ааха зауз ҳәа аӡәгьы иӡбахә ыҟам. Кындыӷи Тамшьи ақыҭақәа иахьрыҵанакуа ареспубликатә мҩаду аӡы ахыҵәеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адырра аҿы.
Лаҵарамза 13 рзы иԥсы ҭазҭгьы 75 шықәса ихыҵуан еицырдыруа аԥснытәи ахореограф Кандид Ҭарба.
Аҟәа. Лаҵарамза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Кандид Ҭарба – 80 шықәса. Лаҵара 13, 1944 шықәса рзы диит Аԥсны жәлар рартист Кандид Тарас-иԥа Ҭарба (1944-2016шш). Аҳәынҭқарратә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, адиректор.
Кандид Ҭарба зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль артистс дыҟан, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль абалет далахәын. 1980 шықәса раахыс Аԥсны зҽаԥсазтәыза Аҳәынҭқарратә жәлар рышәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль абалетмеистер хадас дыҟан. Иара ихьӡ ауп изыдҳәалоу ансамбль «Кавказ» ашьақәгылара. 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа еиҿкаан "Кавказ". Ансамбль алахәын Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Германиа, Польша имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа.
Ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә коллективқәа рконкурс «Аӡыхь – 2024» мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы лаҵарамза 15 – 16 рзы.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 – 16 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысуеит XXVI ахәыҷтәы-қәыԥштә хореографиатә коллективқәа рконкурс «Аӡыхь – 2024» .(«Родничок»).
Аконкурс мҩаԥысуеит амилаҭтә хореографиа иреиӷьу атрадициақәа реиҭашьақәыргылареи анаҩстәи рыҿиареи еиҵагыло аҿар амилаҭтә фольклори жәлар рҟазареи рахь абзиабара рылааӡареи хықәкыс иҟаҵаны. Аконкурс еиҿнакаауеит Аԥсны акультура Аминистрра аҟны иҟоу И. Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр.
Аконкурс актәи амш, лаҵарамза 15 рзы рҟазара аадырԥшуеит 12 шықәса зхыҵуа аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа ахәыҷқәа; аҩбатәи амш, лаҵарамза 16 рзы, аиҳабыратә гәыԥ алахәылацәа.
Ливантәи аԥснытәи ҳџьынџьуаа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазку аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Ливантәи Ареспублика аҿы инхо ҳџьынџьуаа рделегациа рԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура. Аделегациа напхгара аиҭоит «Ливан иҟоу Черқесстәи аконсорциум» ахантәаҩы Риад Абдельраззак Цыба.
Арепатриациа азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа аделегациа ахаҭарнакцәа Ахылаԥшырҭа ахықәкқәеи ахыдҵақәеи ртәы рзеиҭеиҳәеит.
Лаҵарамза 14 рзы диит Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 14 рзы диит иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥснытәи аҳәынҭқарра ашьаҭакҩы Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба. Иахьа Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, Аԥсны Афырхаҵа, аорден «Ахьӡ-аԥша» I аҩаӡара занашьоу аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владислав Григори-иԥа Арӡынба иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуазаарын 79 шықәса.
Ашьыжь инаркны Владислав Григори-иԥа Арӡынба иқыҭа гәакьа Алада Ешыра иҟоу Имемориал ахь иҳаҭгәын аҿы ашәҭқәа шьҭарҵарц азы ауаа анеира иаҿуп.
Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵара 14 1945 шықәса рзы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан аҭоурых арҵаҩы, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Григори Арӡынбеи ашкол аусмҩаԥгаҩ Надежда Иазычԥҳаи рҭаацәараҿы.
Владислав Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет. Владислав Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Владислав Арӡынба Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.
1971 шықәсазы В. Арӡынба ихьчоит икандидаттә дисерациа, 1985 шықәсазы идоктортә дисертациа.
1987 шықәсазы уи напхгара азиуан Ажәытә Мрагыларатәи аинститут акультуреи аидеиалогиеи сектор аҟәшаҿы, аха рацәак дынгылуом, дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Ара дахьааиз Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҭҵааратә институт хадара азиуеит 1999 шықәсанӡа.
Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз.
Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш.Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.
Аслан Бжьаниа Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапхгара ахаҭарнакцәа Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада ҳаҭырла дыргәаладыршәарц азы арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Апарламент адепутатцәа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа, Владислав Григори-иԥа Арӡынба иуацәеи иҭынхацәеи.
Лаҵарамза 14 рзы диит Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәии аполитикатәии аусзуҩ, ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада, аҵарауаҩ ду, мрагылараҭҵааҩы – Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Аслан Бжьаниа амш бааԥс иахҟьаны аԥхасҭа зауыз Очамчыра араион ақыҭақәа дырҭааит.
Аҟәа. Лаҵарамза 13,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәыршҩы бааԥс иахҟьаны аԥхасҭа зауыз Очамчыра араион Кындыӷ, Џьгьарда, Кәтол ақыҭақәа дырҭааит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Артемон Габелаиа Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рзы: аҩнқәа аӡы рыҩналеит, анышәынҭрақәа аӡы рықәлеит, ақыҭамҩақәа ҵнаӡәӡәааит, ацҳақәа агеит, аҭыԥантәи ауаа реимадара еиԥырҟьоуп. Џьара-џьара машьынала аныҟәара уадаҩуп.
Џьгьарда ақыҭа Администрациа ахада Адамыр Амҷба Ахада адырра ииҭеит ақыҭаҟны аа-ҩнык аӡы шыҩналаз, ацҳа аӡы иахьагаз азы быжь-нхарҭа ҩны рышҟа уназго амҩа аркуп.
Заа иҟаҵоу алкаатә рбагақәа рыла аԥхасҭа зауыз анхамҩақәа 35-40 рҟынӡа ыҟоуп. Араионтә Амцарцәара-аиқәырхаратә хәҭа аиқәырхаҩцәа оперативла ақәыршҩы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа мҩаԥыргоит, ақыҭақәа рыбжьара автомашьынатә еимадара аиҭашьақәдыргылара иаҿуп.
Аплатформа «Гәыма» аҿы арежиссиор қәыԥш Сандро Аблоҭиа иҭихыз раԥхьатәи зметраж нагӡоу афильм арбара мҩаԥысит.
Аҟәа. Лаҵарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 10 рзы, апроект «Арт-резиденция «Гума» аҳәаақәа ирҭагӡаны, акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы арежиссиор қәыԥш Сандро Аблоҭиа раԥхьатәи зметраж нагӡоу ифильм «Мзара» арбара мҩаԥысит. Афильм астиль «артхаус» ала иҭыхуп.
Апроект «Арт-резиденция «Гума» Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки акультура-усуратә платформа «Гәымеи» рыла аҿартә рҿиаратә проектқәа рынагӡара азы еиҿкаахеит.