АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Жьҭаара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба аррахь ааԥхьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба жьҭаарамза-ԥхынҷкәынмза 2025 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьара инақәыршәаны арратә маҵзура иахысуаз арратә маҵзураҟынтә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. 

«Арратә ҭакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы», «Атәылахьчаразы» азакәанқәа инарықәыршәаны, 2025 шықәса жьҭаарамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 31-нӡа Аԥсны имҩаԥысуеит 18 шықәса зхыҵуа инадыркны 27 шықәса зхыҵуа рҟынӡа ԥхьатәара иҟам, арратә маҵзурахь ааԥхьара иаҵанакуа атәылауаа аррамаҵзурахьы рааԥхьара.

Аусԥҟа инақәыршәаны, ааԥхьарала  зарратә маҵзура аҿҳәара нҵәаз аррамаҵзураруаа рхы иақәиҭтәхоит.

Аминистрцәа Реилазаара, араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәа рхадацәа ирыдҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу ауснагӡатәқәа нхарҭәааны рынагӡара ахылаԥшра.   

 


Read 174 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.