Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:
- У.Д. Алиев ихьӡ зху Ҟарачы-Черқьесстәи а университет;
- Чечентәи Ареспублика Анаукақәа Ракадемиа агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут;
- Ч.Е. Ахриев ихьӡ зху агуманитартә ҭҵаарақәа рзы Ингуштәи аҭҵаара-дырратә Институт;
- Афедералтә аҭҵаарадырратә Центр «Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа Уралтәи аҟәша Коми Анаукатә центр» («Коми Научный центр Уральского отделения РАН");
- Ставропольтәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт.
Аиқәшаҳаҭрақәа аганқәа рыбжьара аимадарақәа рышьақәыргылара, аҳәаақәа рырҭбаара, рыҿиареи рырӷәӷәареи иазырхоуп.
Аусеицура ихадоу хырхарҭақәаны иҟалоит:
- археологиатә, аетнографиатә, аҭоурыхтә, афилологиатә (алингвистика, афольклористика, алитературадырра) хырхарҭақәа рыла анаука-ҭҵааратә аусеицура;
- анаукатә информациа, апубликациақәа, аматериалқәеи адыррақәеи рыла аимадара абжьаҵара;
- астатиақәа, ажәахәқәеи егьырҭ анаукақәа усумҭақәеи аганқәа рпериодикатә кьыԥхь аҿы аҭыжьра;
- анаука-практикатә конференциақәа, астол гьежьқәа, асеминарқәа, уҳәа аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи;
- аганқәа русзуҩцәа рзы археологиатә, аетнографиатә, аҭоурыхтә, афилологиатә, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рыла рыквалификациа ашьҭыхразы апрограммақәа реиҿкаара.
XII Афорум Аҭоурыхдырҩцәа-кавказҭҵааҩцәа жәларбжьаратәи рфорум «Кавказ ажәларқәа XVIII–XXI ашә.-қәа рзы: аҭоурых, аполитика, акультура» аусура жьҭаарамза 4, 2025 шықәса рҟынӡа имҩаԥыслоит.