pressadmin-2
Абжьаҟазаратә ӡбарҭа «СП Путь-А» «Аԥсны аихамҩа» аганахьала иҟанаҵаз ашшра қәшаҳаҭрада иаанажьит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аусеилыргара иацҵоуп Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩеи» 2019 шықәсазы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи «СП Путь-А» ҩ-фымцадәыӷбак раагаразы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инамаданы. Аус зыдҳәалоу 2020 шықәсазы «Аԥсны аихамҩа» ЗҲәА «СП Путь-А» ирзаанагаз афымцадәыӷбақәа рзы 34 миллион мааҭ ауал алгара ауп.
Аҳаиреилазаара «РусЛайн» иҿыцу амаршрут: Аҟәа – Москва (аҳаирбаӷәаза Внуково) хацнаркуеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 1 инаркны аҳаиреилазаара «РусЛайн» амаршрут Аҟәа – Москва (аҳаирбаӷәаза Внуково) ала ишиашоу ареисқәа хацнаркуеит.
Бадра Гәынба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа идикылеит. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Ахада Иусбарҭа аҩныҵҟатәи аполитика аусбарҭа аиҳабы Хьышба Инал.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, иҭабуп ҳәа реиҳәеит ареспублика инеиԥынкыланы адгылара иарҭо азы, иагьазгәеиҭеит Аҳәынҭқарратә Дума есқьынгьы Аԥсны адгылара шанаҭоз.
Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр Аԥсны Аҭҵаарадырратә Академиа аилазаара иалаҵаны Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырратә усҳәарҭа «Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр» ҳәа еиҭеиҿкаахоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аиҭеиҿкааразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҽгәара ақыҭан.
Аҟәа. Жьҭаарамза 26, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа аҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҽгәара ақыҭан.
Аҳҭнықалақь Ахадара анҭыҵтәи акомиссиа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аҵлақәа рҭагылазаашьақәа ргәаҭара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵиаақәа рыхьчареи реиқәырхареи рзы акомиссиа аԥҵан Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба идҵа инақәыршәаны. Ас еиԥш аусеицура аекологцәа ргәаанагарала, акыр аҵак ду змоу, иаамҭоу усуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара апресс-маҵзура.
Азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхразы акурсқәа аатит Пицунда ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 27 – 31 рзы Пицунда ақалақь, В. Д. Лакоба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы ареспублика азеиԥшҵараиурҭақәа рҿы аус зуа аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәеи алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәеи рзы имҩаԥыслоит азанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку акурсқәа.
Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаараҟны аҳәынҭқарратә напхгара усбарҭа хаданы иҟалоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аиҳабыратә еимадара аусбарҭа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаараҟны аҳәынҭқарратә напхгара усбарҭа хаданы иҟалоит.
Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсны жәлар Аԥсуа бызшәа амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәаларҿы иазгәаҭоуп:
«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит ҳажәлар рзы лымкаала аҵак ҷыда змоу аныҳәа-Аԥсуа бызшәа амш. Шықәсык ахь мышкы абызшәа иамшны ишрылаҳәоугьы, ҳмилаҭ рзы амшқәа зегь ҳхатәы бызшәа иазкызароуп. Уи ҳмалқәа зегь ирмалуп, уи ҳаиқәырхагоуп, ҳгәадуроуп.








