pressadmin-2
Амҵәышәмпыл азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз атурнир хыркәшахеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә хәмаррақәа рышкол аҿы ихыркәшахеит Аԥсны Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩцәа Станислав Сушьенкои Валери Барцыци ргәалашәара иазкыз аспорт аветеранцәа аҳәсеи ахацәеи ркомандақәа рыбжьара амҵәышәмпыл азы атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцадәыӷба «Диоскуриа» хәымз рыла 130 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа ныҟәнагеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Лыхнашҭаҟны анхацәа аҽаҩра ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Лыхнашҭаҟны аҽаҩра ныҳәа иалахәыз ақыҭақәа рпавилионқәа дырҭааит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит амилаҭтә традициақәа реиқәырхара иамоу аҵакы, иаҵшьынгьы иҳәеит ари аныҳәа ахаангьы ажәлар реидкыларагьы ишазҳәаз.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба Никита Симониан 99-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба аԥсуа спорт ааӡамҭа Никита Павел-иԥа Симониан 99-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭеилакы аофициалтә саит.
Таращ Хагба иналукааша аспортсмен, азыҟаҵаҩ нага иахь имоу аҳаҭырқәҵара аарԥшуа уи ашьапылампыл арҿиараҿы илагала ду азгәеиҭеит, Никата Павел-иԥа ихьӡ апрофессионализми зус ламысцқьала азнеиреи ирҿырԥшны наунагӡа аспорт аҭоурых ианылеит ҳәа иҳәеит.
Ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет миллиардбжак аҟынӡа ишьҭыхуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ахада идикылаз азыӡбала ахылаԥшратә хәықәкытә программа «Ақыҭанхамҩа аҿиара» абиуџьет 500 млн. мааҭ аҟынӡа ишьҭыхуп. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит «Лыхнашҭа» аныҳәаҟны иқәгылараан.
Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥигеит. АраҟаАҳәынҭқарра Ахадеи алахәылацәеи аоператив-тактикатә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгара иалацәажәеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
ААУ иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025».
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иаатит IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥснытәи ҭагалан аԥшшәхәқәа-2025». Уи рхы аладырхәуеит Аԥсны, Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи 30-ҩык инареиҳаны асахьаҭыхыҩцәа.
Сынтәа аусмҩаԥгатә иазкуп Аԥсны Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба диижьҭеит 80-шықәса аҵра.
ААУ аректор, Урыстәылатәи Иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа академик, апрофессор Алеко Гәарамиа еизаз аусмҩаԥгатә аартра рыдиныҳәалеит.
Руслан Аџьба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Руслан Аџьба асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Аконфискациа зызуз ацраҳәабжа Иҷыдоу Арратә Операциа аҭаххрақәа рзы идәықәҵахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Шәачатәи аҳазалхыҩцәа аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы аҳазалхратә гәаҭаразы иааныркылеит Аԥснынтәи иааз аш зхарԥоу ацраҳәабжа зцу аидарамҩангагатә автохага.
Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аҳазалхратә гәаҭараан фактла иарбоу атранспорттә хархәагеи (ацраҳәабжа) аусшәҟәқәа иарбаз уи азы адыррақәеи реишьашәаламра аарԥшхеит. Аҳазалхратә ҳәаа ахысраан тауарк ала егьырҭ атауарқәа рыԥшра аҭара афакт ала Урыстәылатәи Афедерациа Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанԥҵара ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 ала административтә усеилыргара хацыркхеит.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аԥсны атәылауаҩ граммк еиҳаны аметадон идырбалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 6 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭаразы Аусбарҭа аусзуҩцәеи аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы дааныркылеит 1995 шықәса рзы ииз Аԥсны атәылауаҩ, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Саманџьиа Руслан Нурбеи-иԥа.








