Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ианыԥшуеит аҭоурыхтә традициақәа, хра злоу акультуратә традициақәа, ажәлар ззықәԥо ахықәкы хадақәа – аҩныҵҟатә гәҭынчреи, ауаҩы изинқәеи, ихақәиҭрақәеи, атәылауаҩратә ҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи.
Ҳара гәадурала иаҳҳәоит ихьыԥшым аҳәынҭқарра ҳамоуп ҳәа, ҳара ҳзы аҵак ду амоуп ҳԥеиԥш лаша ачаԥаразы алшара ҳазҭо аҭынчреи аҭышәынтәалареи.
Абри амш азы ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит ҳаԥсадгьыл ахьыԥшымреи ҳажәлар рзинқәеи ирзықәԥоз. Иахьа Аԥсны атәылауаа зегьы неилых ҟамҵакәа ҭакԥхықәраны иҳадуп ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны аԥеиԥш ахьчара, иагьҳаԥхықәуп хымԥада Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ақәныҟара.
Иҿиааит, еизҳазыӷьалааит Аԥсны Аҳәынҭқарра!