pressadmin-2
Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа авидеоконференциа аформат ала аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистррақәа авидеоконференциа аформат ала аусутә еилацәажәара мҩаԥыргеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭараан аиҿкаара-методологиатә дгылареи уи ахаҭабзиара аиӷьтәреи ирылацәажәеит. Аиԥылара ахықәкы хаданы иҟалеит аусеицура арӷәӷәареи ареспублика ауааԥсыра иыҭахо амедицинатә цхыраара аҩаӡара ашьҭыхреи, ҳәа адырра ҟанаҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-амаҵзура.
Аԥсны аихамҩақәеи амашьынамҩақәеи реихысырҭақәа раартреи раркреи аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Релазаара аҿы Аԥсны аихамҩақәеи амашьынамҩақәеи реихысырҭақәа раартреи раркреи рзы аамҭалатәи аԥҟарақәа шьақәырӷәӷәоуп.
Аҿыкчымазарақәа рыпрофилактика иалацәажәеит агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы.
Аҟәа. Жьҭааармза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа идикылеит.
Амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс аҿы ааха зауз ставропольтәи атуристцәа Шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииаргоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз ԥшьҩык ставропольтәи атуристцәа ааигәа Шәачатәи ахәышәтәырҭахь ииагахоит, ҳәа ихатәы Telegram канал аҿы адырра ҟаиҵеит Ставропольтәи атәылаҿацәа агубернатор Владимир Владимиров.
Илегендатәу аспортсмен Алеқсандр Карелин Лыхны ақыҭан аҟазара-акласс мҩаԥигеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Илегендатәу аспортсмен, абырзен-ауримтәи стиль ала аиқәԥара азы хынттәи аолимпиатә чемпион Алеқсандр Карелин жьҭаарамза 9 рзы Лыхны ақыҭан аҟазара-акласс мҩаԥигеит.
Аԥсны аусура иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) аҳәса-афермерцәа адгылара рыҭара иазку апроект ҿыц.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы, жьҭаарамза 9 рзы аусура иалагеит «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроект ҿыц.
Апроект ақыҭанхамҩа знапы алаку аҳәса адгылареи ацхыраареи рыҭара иазырхоуп. Уи ихадоу ахырхарҭақәа ҩба амҽханакуеит: ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьреи ашәырқәеи ауҭраҭыхи аус рыдулареи. Атехникатә цхыраара аҭара анаҩс апроект иалагалоуп ақыҭанхамҩатә компонент. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афермерцәа анхамҩа амҩаԥгаразы ҳаамҭа иақәшәо апрактикақәа рзы хра злоу адыррақәа раиуразы алшара рзаԥҵахоит.
Амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал араион Аҟармара аҳабла азааигәара амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз фҩык атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рырҭоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра.
Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.
Аконфискациа зызуз Аԥснытәи амашьынақәа хәба Иҷыдоу арратә Операциа аҭаххрақәа рынагӡаразы идәықәҵахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә закәанԥҵара аилагара афактқәа рыла иаанкылаз Ареспублика Аԥсны аҟынтәи автомашьынақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь ииагоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы актәи аԥхьарала азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, жьҭаарамза 9 рзы аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба ирыхәаԥшит. Аилатәара мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, Аилак алахәылацәа Апарламент ахь иааиуа асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.








