pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы 1992 шықәсазы ииз Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына BMW 5201 ааныркылеит.

Амашьынарныҟәцаҩ иазҵараан ихымԥадатәиу  ашәҟәҭагалара зыхәҭоу,  Евразиатәи Аекономикатә Еидгыла аҳәаа зыхгара ҟамло, мамзаргьы уи азы аԥкрақәа иаҵанакуа атауарқәа  шимам азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.  Игәҩарахаз амашьына Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә Комплекс ахгаразы идәықәырҵеит.  Имҩаԥгаз агәаҭарала автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.  «Аҳазалхратә гәаҭараан автомашьына аҩныҵҟа иаарԥшын аҳазалхратә хылаԥшра аҟынтәи иҵәахыз аҭаҭын аалыҵ», - ҳәа иазгәеиҭеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаатә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы  Алеқсеи Быков. – Автомашьына BMW 5201 аҩнуҵҟа азауадтә былтәыҭгагақәа ирызку аҭыԥ аҿы аконтрабанда аарԥшын. Аҳазалхыҩцәа «Morion Crystal Gold Slims» амарка иеиуоу 11 800 акцизтә дыргада иҟаз асигарет ҭыргеит.  Аԥсны атәылауаҩ 600 ҭоԥ инарзынаԥшуа асигарет Урыстәылаҟа аиагара иҽазишәеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 17,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Басла аӡиас аҿы ааигәа-сигәа иҟоу анхарҭақәа, иара убас аҭыԥантәи анхацәа рымхәырсҭақәа аӡы рыҵалара аҟынтәи рыхьчара азы аӡышьҭра арыцқьареи ариашареи ирызку аусурақәа мҩаԥысуеит.

Мшаԥымза алагамҭазы  аусуцәа Басла аӡиас арҵаулареи аамҭак ала уаҟа адамбақәа рыргылареи иазку аусурақәа ирылагеит. Анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак, апрораб Едуард Цаава аӡиас ҵаулаӡам, уи  ҭыԥқәак рҿы ӡӷаррала арра ҟалоит, аха ашхарахь аҵаақәа рыӡыҭраан уи ахыҵра адыруеит, убри ала ааигәа-сигәа инхо рзы ишәарҭахар алшоит ҳәа еиҭеиҳәеит.  Едуард Цаава иажәақәа рыла, Басла аӡиас анхыҵлак уи иаԥну анхарҭақәа акыр азарал рнаҭоит. «Ҳара аусурақәа рынагӡараҿы ҳхы иаҳархәоит ҩ-КамАЗки екскаваторкгьы.  Ари атехника ацхыраарала ҳара аусурақәа зегьы иазыԥҵәоу аҽҳәара иҭагӡаны ҳалгароуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аусурақәа ахьымҩаԥысуа 1,5 нызықь метра рҟынӡа инаӡо аҟәаратә цәаҳәа хә-хәҭакны ишоуп, урҭ зегьы ишәарҭоу аӡхыԥақәа ахьыҟоу ҭыԥқәоуп. Аусуцәа аӡиас иҭоу ахаҳәқәа адамба аргыларазы амаҭәахә аҳасабала рхы иадырхәоит. Убас ала иаразнак ҩ-зҵаарак рыӡбара алыршахоит:  аӡиас аӡышьҭра арҵаулареи аҟәаратә цәаҳәа арӷәӷәареи. «Актәи аучастак аҿы, иаагозар, ҩ-нызықь кубометр рҟынӡа аԥслымӡ-бӷанҷтә еилаԥса ықәҳаԥсахьеит», - ҳәа иазгәеиҭеит апрораб Едуард Цаава.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 89-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит зыхьӡ нагаз аԥснытәи аҵарауаҩ-абызшәаҭҵааҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адоцент Сариа Алеқсандр-иԥҳа Амҷба.

Аректорат, ААУ апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ лҭаацәеи лҭынхацәеи гәалсра дула ирыдышшылоит. 

Сариа Амҷԥҳа лыԥсҭазаареи лнаука-рҵаҩратә усура зегьи А. М. Горки ихьӡ зху  Аҟәатәи апедагогикатә институти, анаҩс  1964 шықәса инаркны аус ахьылуаз  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети ирыдҳәалан. Уи лыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырреи аҿар рааӡареи ирызкын, даҽа ԥсҭазаарак лымаӡамызт.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы лара абызшәадырра, абсуа бызшәеи абаза бызшәеи рҭоурых, абаза бызшәа адиалектологиа, ҳаамҭазтәи аԥсуа бызшәа, уҳәа рзы алекциақәа ркурсқәа дрыԥхьон.   Арҭ адисциплинақәа зегьы рыла уи инагӡаны алекциақәа ркурсқәа еиқәыршәаны илыман.

Сариа Алеқсандр-иԥҳа иара убас Махачкала, Карачаевск, Анкара, Сҭампыл, Инегел, Лондон ақалақьқәа рҿы аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи ирызкны аԥсышәала, абаза бызшәала, аурыс бызшәала аԥсуа-базеи кавказтәи адиаспора азы алекциақәа рцикл даԥхьон.

Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса рзы Аԥсны акоммерциатә банкқәа рҿы аԥарашьҭаҵақәеи адепозитқәеи рзеиԥш хышәа-ҵышәа 4,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбага аасҭа  1,3 млрд. мааҭ, мамзаргьы 45,4% рыла еиҳауп.  Убри аан хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҟынтәи аԥарашьҭаҵақәа реицҵалыҵ ажьырныҳәамза  1, 2024 шықәсазы  3,3 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи иҳаҩсыз ашықәс азы арбага аасҭа  28,1% рыла еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауа атуристцәа 200 мааҭ рҟынӡа инаӡо абаџь ршәаларц шрыхәҭахо азы аинформациа цәырҵит.

Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит.

Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аофициалтә саит аҿы  «Аԥсны аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ареспублика аҿы аамҭала рыҟазаара аҭыԥ ала рышәҟәҭагалара иҿыцу Аԥҟара алагалара азы» Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵареи ажьырныҳәамза  1, 2024 шықәса рзы азинмчы зауз Аԥҟара атексти анылеит.

«Арҭ аусшәҟәқәа Ареспублика Аԥсны ахь алалара аԥҟарақәа акала ирыдҳәаланы иҟаӡам.

Уаҟа, Аԥсныҟа иаауа, 14 мши-ҵхи инареиҳаны иҟоу аҳәаанырцәтәи атәылауаа зегьы Аԥсны аамҭала иахььанкылаз аҭыԥ аҿы ашәҟәҭагалара иахысроуп ҳәа ауп ишарбоу.

Аԥсныҟа иаауа атуристцәа ракәзар, урҭ анхарҭақәа ианрыҩнало, иахьаанкыло аԥсшьарҭаҭыԥқәа рҿы ианнеилак  аамҭала иахьаанкыло аҭыԥ ала уи иазку аҭаҩратә-шәҟәаҿы рҽанырҵар рыхәҭоуп», – ҳәа илҳәеит Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура азинтә ҟәша аиҳабы Мадина Марганиа.

Лара ишазгәалҭаз ала, атуристцәа рганахьала иарбоу апроцедура амҩаԥгаразы аҭакԥхықәра рыдуп атуристцәа аамҭала иахьаанкыло аҭыԥқәа (аотельқәа, асасааирҭақәа, апансионатқәа, аԥсашьарҭақәа, асанаториақәа, акемпингқәа  – АП аредакциа азгәаҭара) радминистраторцәа.

«Иара убас, иарбоу аҭагылазаашьа аҿы иҟоуп иарбоу акатегориа иаҵанакуа аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы еиҳа ирмариоу аԥҟара.  Ажәакала иуҳәозар, урҭ аамҭала рнырхара аиқәыршәараан рышәҟәҭагалара мҩаԥгахоит. Ҳара ҳахь ари адырра аелектронтә цҳамҭа ала инаӡоит. Асасааирҭақәа, асанаториақәа, уҳәа атуристцәа аамҭала рнырхара аҭыԥқәа радминистраторцәа ахәҭакахьала атуристцәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет ахь зныктәи ашәатәы аҳасабала  200 мааҭ дыршәара алдыршароуп. Даҽакала иуҳәозар, ҳреспублика аҵакыра ахь аҭалара азы ахәԥса ашәара акәӡам уи иаанаго, уи  иаанаго аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи рышәҟәҭагалара амҩаԥгареи, аамҭала иахьаанкыло аҭыԥқәа рышьақәыргылареи ауп», - ҳәа иазгәалҭеит Мадина Марганиа.

 Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсанӡа Аԥсны аус ауан цәыббрамза 11, 2013 шықәсазы ирыдыркылаз аҳәаанырцәтәи атәылауаа рышәҟәҭагалара азы аԥҟара. Убас ала, усҟан ашәҟәҭагалара мҩаԥысуан ашәҟәҭагаларатә талон рыҭарала. Уи азы аҳәаанырцтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи ирымххон 60 мааҭ, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза  1 инаркны иарбоу апроцедура аҽеиҭанакит.  

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа, Челиабинск ақалақь аҿы инхо,  1990 шықәсазы ииз Ким Сергеи Олег-иԥеи 1980 шықәсазы ииз Бритулин Сергеи Иван-иԥеи анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны Гагра араион аҿы иааныркылеит.  Аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ркомплекс мҩаԥыргеит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа.

Иаанкылаз ахацәа Гагра ақалақь аҿы аамҭала иахьынхоз аҭыԥ анаркотикатә хархәагақәа рыҵәахреи анаҩс аҭиразы рырхиареи азы еиқәдыршәеит.

Ашьҭаларҭа уада аҿы агәаҭарақәа рымҩаԥгараан амилициа аусзуҩцәа ацеллофан илаҳәаз аххыраԥшра змаз ишкәакәоу икристаллрку амаҭәашьар рбеит.  Аимдараан анаркотикқәа злаларҳәоз аматериалгьы ԥшааны ирымырхит. Сергеи Ким ишиҳәаз ала, иԥҟаны еиқәдыршәаз аполиетилен цәаҳәақәа дара анаркотикатә маҭәашьар еихшаны иҭарыԥсон, анаҩс урҭ аиҟәаҭхага цаха акәдыршон.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы зыԥсҭазаара иалҵыз аҽыбӷаҟазаратә спорт азы Аԥсны ачемпион, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран  Даур Николаи-иԥа Барцыц иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула идышшылоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 15 рзы Урыстәылатәи Амилаҭтә Библиотека ахыбра ҿыц аҿы  аԥснытәи ашәҟәыҩҩы-апублицист, ажурналист, афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор Екатерина Бебиа лԥылареи уи аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа иҭлыжьыз ашәҟәқәа рӡыргареи мҩаԥысит. Уи ашьҭахь лара арҭ ашәҟәқәа Урыстәылатәи Амилаҭтә Бибилиотека ҳамҭас иалҭеит.

Аӡыргара еиҿкаахеит Урыстәылатәи Амилаҭтә библиотека амилаҭтә литературақәа рыҟәша ала.

Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩныҵҟа Екатерина Бебиа илҩит иагьыҭлыжьит 12 шәҟәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп  – «Харада ахара зыдҵаз», «Ахашҭра аҟынтәи ахьыӡ камшәара аҟынӡа», «Шьала иҩу ашәҟәқәа», «Аҟәышреи афырхаҵареи рымҩала».

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира Амш  79-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә ииасра рҽазыҟарҵоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 

Ашьаҟауаа реишьҭагыла аныҳәатә рыиасра аҽазыҟаҵара Диаскураа Рыԥшаҳәа аҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аԥхьа имҩаԥысуеит.

Сынтәа арратә парад рхы аладырхәраны иҟоуп 650-ҩык инареиҳаны Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчаа Аминистрра иатәу  еидҵоу  7-тәи арратә базеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  рыруаа. 

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амашьыналас BMW аԥсҟы зкыз Ачадара ақыҭан  дшаауаз амашьына изаанымкылаӡакәа иаԥхьаҟа иааиуаз автобус даҿалеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ  Асҭамыр Ҭаниа.

Амашьыналас BMW аԥсҟы зкыз ахәышәтәырҭахь днаргеит, уи уажәы ареанимациатә ҟәша аҿы дышьҭоуп, иԥсҭазаара азы шәарҭара ыҟаӡам. Еиуеиԥшым ахәахәа-чахәаақәа зауз автобус апассаџьырцәа хҩык убасҵәҟьа ахәышәтәырҭахь инаргеит. Урҭ иахәҭоу амедицинатә цхыраара анрырҭа ашьҭахь рыҩныҟақәа рахь иоурыжьҭит. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.