1972 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт далгеит Кембриџь иҟоу Иоанн Ацқьа ихьӡ зху аколлеџь. 1973 шықәсазы алингвист идиплом иоуит, 1976 шықәсазы – дмагистрхеит.
Џьорџь Хьиуитт Кавказтәи абызшәақәа рыҭҵаараҿы илихыз амҩа мариамызт, аха даараӡа аинтерес аҵан. Кембриџь ауниверситет дҭанаҵы индоевропатәи абызшәақәа ихы рзышьҭны рыҭҵаара дшаҿыз, Џьорџь Хьиуитт абри ахырхарҭала британиатәи аспециалист ду, уаанӡа Кембриџьтәи ауниверситет апрофессор, асер Гаролдь Беили иӡбахә иаҳаит, уи усҟан асанскрит ҭиҵаауан. Дара 1973 шықәса инаркны 1996 шықәсазы аҵарауаҩ иԥсҭазаара далҵаанӡа даара еаиҿцаауан. Иара иоуп Џьорџь Хьиуитт иазҳәаз Британиа ҽеишәа иҭҵаамкәа инханы ишыҟоу индоевропатәи абызшәақәа ҩба – алитовтәи бызшәеи, аерман бызшәеи.
Убас, Џьорџь Хьиуитт ажәытә ерман бызшәа аҭҵаара далагеит, ҽнак зны иара уи апрофессор Беили убас иаиҳәаанӡа: аерман бызшәа ҭуҵаауазар уи иазааигәоу абызшәақәагьы ургәылаԥшроуп ҳәа. Нас қырҭшәала иҩыз ашәҟәы наииркит. «Абри ашәҟәы санынахәаԥш иаразнакала анбанқәа сыԥсы рылахеит. Даҽа ҩышықәса раҟара аерман бызшәа иазку аматериалқәа шеизызгозгьы, саамҭа еиҳа-еиҳа ақырҭшәеи егьырҭ кавказтәи абызшәақәеи ирықәсырӡуа салагеит. Урҭ индоевропатәи абызшәақәа рахь иаҵанакуамызт, аха еиҳагьы иуадаҩын, убри аҟнытә алингвист изы еиҳа аинтерес цәырырго иҟан», - ҳәа игәалаиршәоит Џьорџь Хьиуитт.
Арҭ абызшәа ҿыцқәа дыргәылахаланы Џьорџь Хьиуитт иӡбоит ҭырқәтәылатәи Анатолиаҟа ицатәуп ҳәа. «Ҭырқәтәыла ииз сҩыза ачерқьес ила 1974 шықәсазы сара снанагеит ачерқьес қыҭа Демирқы. Уаантәи сеихеит аубых бызшәала ицәажәоз дуԥшаар ахьауаз аҵыхәтәантәи ақыҭахь. Сара сцара маҷк шагыз Сҭамԥыл исырҭеит аубых бызшәа здыруаз аҵыхәтәантәи ауаҩԥсы иҷкәын иҭел», - абас игәалаиршәоит апрофессор Хьиуитт Тевфик Есенч иӡбахә раԥхьаӡа ишиаҳаз.
Апрофессор иажәақәа рыла, иараӡәк иакәын – аубых жәлар рцынҵәарах – зхатәы бызшәала ацәажәара зылшоз. Хьиуитт усҟан Есенч Сҭамԥыл диԥшааит, хәымш иара иҿы дыҟан, иажәаҳәа аниҵон. Ари анҵамҭа иахьа изҭаху иоуртә иҟоуп апрофессор Хьиуитт исаит аҟны.
1975 шықәсазы Џьорџь Хьиуитт илиршеит ақырҭшәеи егьырҭ дзызҿлымҳахаз кавказтәи абызшәақәеи (еиҳаракгьы ачерқьес бызшәа) рҵаразы Қарҭҟа дрышьҭыртә аҟаҵара. Аха уа дахьнеиз англыз бызшәала ачерқьес бызшәа иалацәажәашаз ҳәа уаҩ дизымԥшааит. Аха аҵарауаҩ қәыԥш дырԥылеит англыз бызшәала аԥсуа бызшәа алацәажәара иақәшаҳаҭхаз Аԥснынтәи аспиранткацәа ҩыџьа – Заира Хьиԥҳаи, Аза Иналԥҳаи.
Ҩышықәса ааҵуаны Заира ԥҳәысс дааигоит. Абас џьашьахәыла Џьорџь Хьиуитт илингвистикатә интересқәа иаарыхәҭакхеит аԥсуа бызшәагьы.
Џьорџь Хьиуитт раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит 1976 шықәса, мшаԥымзазы: дааит Қарҭынтәи Аҟәаҟа автобусла, дагьаангылеит иахьазы ибылны игылоу асасааирҭа «Абхазиа» аҟны. Иара ибзиаӡаны игәалашәоит раԥхьаӡа акәны иибаз ақалақь изцәырнагаз ацәаныррақәа.
Хьиуитт раԥхьаӡатәи Аԥсны иаҭаара иалагӡаны драбадырит иналукааша аԥсуа ҵарауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан – Шьалуа Инал-Иԥа, Гьаргь Ӡиӡариа, Константин Шьаҟрыл, Сергеи Зыхәба уҳәа убас егьырҭгьы. Иара лингвистк иаҳасабала раԥхьаӡа иргыланы дзызҿлымҳаз аԥсуа бызшәа иазкыз азҵаарақәа ракәын.
Араҟа иҳәатәуп, иахьазы апрофессор ибзиаӡаны аԥсшәеи ақырҭшәеи рыла дышцәажәо, аха иара ихаҭа ихы ӡырымгакәа иазгәеиҭоит «ауаа дара рбызшәала срацәажәартә сыҟоуп ауп», ҳәа, насгьы иациҵоит инагӡаны иидыруа бызшәа заҵәык шакәу – уи ангылз бызшәоуп.
Апрофессор Џьорџь Хьиуитти уи иԥҳәыс Заира Хьиԥҳаи аус адырулон акыр зҵазкуаз аԥсуа бызшәа арҵагатә цхыраагӡақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Аԥсуа бызшәа» (ҩ-томк), «Аԥсуа газеҭқәа рыԥхьаразы ацхыраагӡа», «Аԥсуа жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа» (Зураб Џьапуеи иареи еицеиқәдыршәеит), «Аԥсуа жәлартә традицақәа рдаҟьақәа», «Аԥсуа бызшәа ахаларҵага».
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993 шықәсқәа – аред.) алагаанӡа апрофессор Хьиуитти, иԥшәмаԥҳәыси, ҩыџьа иԥҳацәеи иманы есышықәса Аԥсны даҭаауан, Очамчыра инхо иԥшәмаԥҳәыс лҭаацәараҿы хымз инарзынаԥшуа рыԥсы ршьон.
1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара иҟалаз аидысларақәа хаҭала избаз, насгьы аҩ-жәларык реизыҟазаашьақәа иаарласны аицәахара ишаҿу еилызкаауаз Џьорџь Хьиуитт, ԥхынгәымзазы ақырҭуа жәлар рахь иҩуеит иаарту ашәҟәы. Уи аҟны иара иаартны дрылацәажәоит игәы ԥызжәоз ақырҭқәа егьырҭ ажәларқәа ирҿагыланы иаԥшьыргоз ашовинисттә, анационалисттә қәгыларақәа.
Араҟа иазгәаҭатәуп, ари асаламшәҟәы анцәырҵуаз аамҭазы, апрофессор Хьиуитт Қырҭтәыла зегь реиҳа пату зқәыз аҳәаанырцәтәи кавказҭҵааҩцәа дшырхыԥхьаӡалаз. Иара изы Қарҭ ашәқәа зегь аартын, иара дықәгылон қырҭшәала ақырҭуа телехәаԥшрала, уи, ҳәарада, атәылауаа зегьы хнахит. Аха исаламшәҟәы аамышьҭахь иара изы Қырҭтәылаҟа амҩа акит. Хьиуитт официалла «ақырҭуа жәлар раӷа» ҳәа ахьӡ ихҵан. Убас акәын ишыҟаз усҟантәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы апрофессор Џьорџь Хьиуитт иникылаз ахаҵареи агәымшәареи зцыз аппозициа.
Апрофессор џьара аҭыӡшәа аҟаҵара дашьҭаӡамыз, хықәкысгьы имаз даҽак аакәын, уи иҭахын, ақырҭқәа рҿы имаз ахьӡи апатуи рыбзоурала уи атәылаҿы «ахы зхагылаз» ауааԥсыра ргәы архаҵара, Мераб Костава, Звиад Гамсахәырдиа, Гиа Чанҭуриа, Иракли Ҵереҭелиа реиԥш иҟоу аппозиционерцәа ирхылҵуаз ашовинизм зегьы арбгар шалшо атәы иазхәыцырц, еилыркаарц. Аха, рыцҳарас иҟалаз, уи аамҭазы «ахы зхагылаз» ауаа ыҟамызт, зегьы ирдыруеит, аԥсуааи, ауаԥсааи, дара ақырҭқәеи рзы уи ашовинизм иахылҿиааз арыцҳарақәа ртәы.
Убас акәын ишыҟаз усҟантәи иуадаҩыз аамҭақәа рзы апрофессор Џьорџь Хьиуитт иникылаз ахаҵареи агәымшәареи зцыз аппозициа.
Аибашьра анеилга ашьҭахь Џьорџь Хьиуитт иҭаацәара Аԥсны иаҭаауеит 1996 шықәсазы. Џьорџьи Заиреи рыԥҳацәа аԥсуа хьыӡқәа рымоуп – Амра, Гәында. Аӡӷабцәа ибзиаӡаны, егьырҭ еиуеиԥшым абызшәақәа реиԥшҵәҟьа, аԥсшәа рдыруеит. Иахьазы апрофессор Хьиуитт дабдухахьеит, ԥшьҩык амоҭацәа имоуп – Александра, Анна Џьоан, Софиа, Николь.
Урҭ зегьы х-тәылак иртәылауаҩны иҟоуп – Аԥсны, Британиа Ду, Урыстәыла. Џьорџь Хьиуитт ихаҭа Аԥсны датәылауаҩны дҟалеит Сергеи Багаԥшь атәыла ахадас даныҟаз аамҭазы. Иара убасгьы 2004 шықәса рзы иара ианашьахеит Аԥсны иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара.
Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» Џьорџь Хьиуитт ибзиан дыздыруа ауаа иара изы ирымоу агәаанагареи ахәыцрақәеи рыцеиҩыршарц азы ирыдҵаалеит: «Џьорџь Хиуитт – иналукааша алингвист, кавказҭҵааҩы, ақарҭвелтә бызшәақәеи аԥсуа бызшәеи рыҭҵаараҿы аспециалист ду иоуп.
Иара Мраҭашәаратәи Европа иҭыҵыз зеиӷьаҟам аԥсуа грамматика иҩит, уи иазхьаԥшуеит аԥсуа бызшәа аҭҵаара знапы алаку адунеи аҵараауа реиҳараҩык. Уи моу, иара аԥсуа бызшәа аҭҵаара аганахьала иреиҳау хыҵхырҭаны дыҟоуп, - ҳәа иазгәеиҭеит афилологиатә наукақәа рдоктор, академик Виачеслав Чыркба.
Иара 1992 шықәсазы иҟалаз ашьаарҵәыратә еибашьра ахь икылызгаз ақырҭуа шовинизм иақәыӡбо Џьорџь Хиуитт ипринципиалтә позициа даара ахәшьара ду аиҭоит. «Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналагаз, Џьорџь Хьиуитт Мраҭашәаратәи атәылақәа рҿы ари аконфликт азы излауа ала ирацәаны адыррақәа роурц азы даара акыр аџьабаа ибеит. Ирацәаӡаны имоуп ари аконфликт иазкны апубликациақәа. Уахь иаҵанакуеит Кавказ иҟалаз аконфликт ду иазку анаукатә усумҭа ду»-, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥснытәи аҵарауаҩ. Виачеслав Чыркба иажәа иацҵо – уи зегьы рыла иналукааша ауаҩ иоуп аҵарауаҩ иаҳасабала аума, ауаажәларратә усура аганахьала аума, Аԥсны аҩыза ду иаҳасабала аума ҳәа иазгәеиҭеит:
«Ҳара лассы-лассы ҳаибабалон, иара 1996 шықәсазы аԥсуа-дыга аԥхьабызшәа ареконструкциа иазкыз сдоктортә диссертациа ахьчараан аппонентс дсыман.
Џьорџь Хьиуитт изеиӷьасшьар сҭахуп раԥхьа иргыланы агәабзиара, агәамч, кавказтәи, британтәи, аԥсуа ишықәснҵыра ду, иҭаацәеи иареи аманшәалара, аизҳазыӷьара, анасыԥ. Џьорџь Хиуитт даараӡа иаҳзааигәоу ауаҩы иоуп, уи Аԥсны азы илиршаз ахә ашьара уадаҩуп. Иара идукылашагьы аӡәгьы дҳамаӡам».
Арда Инал-Иԥа: Џьорџь Хьиуитт –аҵарауаҩ ду, кавказтәи абызшәақәа рыҭҵаара аганахьала афундаменталтә усумҭақәа жәпакы дравторуп, иара изанааҭ ала адагьы кавказдырра еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аенциклопедиатә дыррақәа змоу иналукааша аҵарауаҩ иоуп! Аԥсны азы ҩынҩажәижәаба шықәса рыҩныҵҟа ас иҟоу ауаҩы ҩызас имазаара апривилегиа дууп. Аԥсни аԥсуа-қырҭуатә еиҿагылареи ирызку иарбан хҭысзаалакгьы иара ихшыҩзышьҭрада иаанхаӡом. Хыԥхьаӡара рацәала аҳәаанырцә иҭыҵуа аԥсны-қырҭтәылатәи аиҿагылара, мамзаргьы ҳаамҭазтәи Аԥсны асахьа еицакны изныло астатиақәеи амонографиақәеи Џьорџь Хьиуитт иақәҿыҭрада иаанхаӡом. Иара иҟоу шыҟоу цқьа еилкааны ишрымам, мамзаргьы қырҭтәылатәи апропаганда ацхырааразы афактқәа реицакрала гәҭакыла адизинформациа аларҵәара аҭыԥ шамоу азгәаҭо, гәцаракрыла, аргументациа азуа авторцәеи аҭыжьырҭақәеи дырҿагылоит. Ари анаукатә обиективреи аиашареи рыдгылара шьаҭас измоу гәыкала имҩаԥгоу аусура ахә ашьара уадаҩуп. Џьорџь Хьиуитт ииашара, иԥсыцқьара, игәаӷьра, ихьаҳә-хьачарадара иҟаиҵо зегьы рҿы иаарԥшхоит, иҩызцәа рызныҟәара аҿгьы уахь иналаҵаны. Лассы-лассы аԥснытәи анапхгара русура аҿы, ахәҭакахьала Гал араион ауааԥсыра рганахьала, мамзаргьы, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, ма харатәи аҳәаанырцә аҟынтәи асасцәа аус рыдулара аҿы агхақәа анибалоз, Џьорџь Хьиуитт иаартны Аԥсны анапхгара рахь азҵаарақәеи аԥшьгарақәеи рыла ааԥхьара ҟаиҵон. Акыр шықәса ирылагӡаны, Британиа Дуи Мраҭашәаратәи Европеи рҿы ҳаҭыр зқәу аконсулс даныҟаз аамҭазы, Џьорџь Хьиуитт иҽазҵәылхны Аԥсны аинтересқәа ихьчон, иара заҵәык иусурала аҳәаанырцәтәи ацҳаражәҳәарҭак инанагӡаша аусура нагӡо. Иахьа Џьорџь Хьиуитт изеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара ду, аҭаацәаратә маншәалара, инаукатәии ипублицистикатәии аусура аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡара дуқәеи!
Лиана Кәарҷелиа: Џьорџь Хьиуитт, 80-тәи ашықәсақәа рынҵәамҭа инаркны аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчараҿы дгылоуп. Аԥсны-қырҭуатә еибашьра аан иара Лондон имҩаԥсуаз аконференциа ахь Аԥсны ахаҭарнакратә делегациа ааԥхьара риҭеит. Уи иабзоураны Аԥсны ахаҭарнакцәа Лондонтәи ауниверситет аҿы атрибуна роуит, иԥхьагылоу лондонтәи агазеҭқәеи аинформациатә Маҵзурақәеи аинтервиу рырҭартә, БиБиСи аҿы иқәгылартә еиԥш аҭагылазаашьа роуит.
Аибашьрашьҭахьтәи аамҭа азы иара иахьа уажәраанӡагьы Џьорџь Хьиуитт аԥсуа жәлар ахьыԥшымразы рзин азықәԥара адгылара ду аиҭоит. Иара алингвистика адагьы Аԥсны аҭоурыхгьы ирызкны хыԥхьаӡара рацәала астатиақәа иҩхьеит. Џьорџь Хьиуитт Аԥсни аԥсуа-қырҭуатә еибашьреи ирызкны англыз бызшәала, мамзаргьы ақырҭуа бызшәала иҩу публикациакгьы азхьаԥшрада иаанижьӡом.