pressadmin-2
2024 шықәса I аԥшьбаразы Аԥсны аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 120-ҩык инареиҳаны административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса I аԥшьбаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәа 120-ҩык инареиҳаны ареспублика аҳәаахьчаратә Закәанԥҵара еилазгаз ааныркылеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә еилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагареи» ахәҭаҷ 1901 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагареи» ахәҭаҷ 1902 « Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи амшынӡқәеи атерриториалтә мшыни рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагареи» рзы иаанкылаз атәылауаа административтә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥырҵаз аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак аҿы еиуеиԥшым анаукатә хырхарҭақәа рыла жә-комитетк аус аулоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥырҵаз аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак абрифинг мҩаԥысит.
Ахеилак ахантәаҩы Милана Бжьаниа ажурналистцәа Ахеилак аԥҵара азы аидеиа, иамоу ахыкәқәеи ахыдҵақәеи, аҵарауаҩ ҿарацәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи афорумқәа рылахәхара, уҳәа атәы рзеиҭалҳәеит.
«2023 шықәса, абҵарамза анҵәамҭазы ҳара ҳҵарауаа, ҳаспирантцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет арҵаҩцәа «Сириус» имҩаԥысуаз аҵарауаҩ ҿарацәа II Рконгресс рхы аладырхәит. Аконгресс анхыркәшаха ашьҭахь уи иалахәыз зегьы идикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа», - ҳәа илҳәеит Милана Бжьаниа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа анапаҵаҟа иҟоу аинститутқәа рыҟны аус зуа аҵарауаа ҿарацәа.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аиԥш зеиԥшу аплошьадка шхымԥадатәиу аҭҵаара знапы алаку аҿарацәа рацәажәаразы.
«Аҳәынҭқарра - ари шәаргьы ҳаргьы еицаҳзеиԥшу ҩнуп, хымԥада ҳҵасқәа ишрыҵанакуа еиԥш еизырҳатәуп. Ҳара еилаҳкаауазароуп, уаҵәтәи амш ашәарҭадаразы ҳара иҳалшои, анҭыҵытәи ҵаргәас иаҳҭахуи. Абри атәы аҭҵаарадырра знапы алакугьы ирҳәароуп», - ҳәа усҟан имҩаԥысыз аиԥылара аҿы иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарауаа ҿарацәеи – Аԥсны анаукақәа Ракадемиа асистема иаҵанакуа аҭҵаарадырратә Институтқәа зегьы рхаҭарнакцәа инарҭбаау реиԥылара.
«Ари аиԥылара иалахәыз еицҿакны ас еиԥш плошьадканы аҟалара зылшо Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иаԥҵахо аҵарауаа ҿарацәа Рхеилак шаку азы агәаанагара рҳәеит. Атәыла Ахада аиԥылара иалахәыз агәра диргеит, аҵаруаа ҿарацәа адгылара шриҭо азы. Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа ахаҭарнакцәа Анаукақәа Ракадемиа, Аԥснытәи Агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа иатәу Аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Аҭҵаарадырратә Институт, Ақыҭанхамҩа Аинститут, аботаника Аинститут, Аекономикеи азини Ринститут, аекологиа Аинститут, Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет рахь аҵарауаҩ ҿарацәа Рхеидкыла аԥҵара азы 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҵарауаа ҿарацәа рыдгалара мҩаԥыргарц азы аҳәара ҟарҵеит.
Бадра Гәынба аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азҵаарақәа рыла акоординациатә штаб аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ, акоординациатә штаб анапхгаҩы Бадра Гәынба, Бабышьра ақыҭан иҟоу Владислав Арӡынба ихьӡ зку аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҵакыраҟны аусутә еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәыз аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылареи уи аусура аиҭахацыркреи рзы апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа шымҩаԥысуа иалацәажәеит. Убас, аиԥылараҟны ирзааҭгылан аусура аамҭа анагӡара иадҳәалаз азҵаатәқәа. Иахьазы аԥырратә дәаҿы нап аркуп аԥырра-тәарҭатә цәаҳәақәа рырҽеира, иара убас аҿықәқәа ррыцқьара. Ажәытә хыбрақәа рықәгаразы аусурақәа цоит. Апассаџьырцәеи аҳаирпланқәеи рмаҵзура азы аамҭалатәи аргыларақәа рҭыԥ алкааразы агеодезиатә дыргақәа рышьақәыргылара алагеит.
Аслан Бжьаниа Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски иира Амш идиныҳәалеит.
Аслан Бжьаниа Приднестровие ахада Вадим Красносельски иирамш идиныҳәалеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны Ахада Красносельски инапхгарала Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика қәҿиарала идемократиатәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарраны аҿиара ишаҿу азгәеиҭеит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рышьақәыргыларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа даҽа тәылак ахь риагара иадгылоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Жәларбжьаратәи Женеватәи Аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа напхгара азҭо Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
Москва ари азҵаара еиҭашьҭнахит уажәаԥхьа, мшаԥымза 4 – 5 рзы имҩаԥысыз адискуссиақәа 60-тәи араунд аҿы. Уи мзызс иаиуит Швеицариа Урыстәыла аганахьалагьы убрахь иналаҵаны, иарбоу аиҿцәажәарақәа ирылаху егьырҭ аганқәагьы рганахьала анеитралтә позициа аанкылара иахьаҟәыҵыз. Швеицариа аганахь агәынамӡара аадырԥшуеит Аԥсынгьы, Аахыҵ Уаԥстәылагьы. Уи зыдҳәалоу авизатә политика ахьдыруадаҩыз ауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы имҩаԥысит Ареспублика Аԥсны апрокуратура Хада аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә.
Апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа иыдныҳәаларц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи рнапхгаҩцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, ақалақьтәии араионтәи аӡбарҭақәа рхантәаҩцәа, адукатә еилазаара ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақьи ареспублика араионқәеи рхадацәа, Урыстәылатәи Афедерациа аекстрадициа аусбарҭа анапхгаҩы Сергеи Григоренко, Аахаҵ Уаԥстәыла апрокурор Хада Григори Собаев, Аахыҵ Уаԥстәыла апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩцәа Тигран Кабулови Алан Плиеви, уҳәа убас аӡәырҩы.
Аныҳәатә церемониа алагаанӡа еизаз зегьы 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахази аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵызи апрокуратура аусзуҩцәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа дрыдныҳәалеит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада 30 шықәса ахыҵра амш гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аколлектив зегьы. Аԥсны атәылауааи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит апрокуратура аусзуцәа, ҳҳәынҭқаара арӷәӷәараҟны иахәҭоу шәлагаламҭазы. Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада азакәанра ԥыжәара аҭара ҳәаақәнаҵоит, ҳтәылауааи, ҳуаажәларреи, ҳҳәынҭқаарра зегь ааидкыланы рзинқәеи ринтересқәеи ахьчоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала итабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса Аԥсадгьыл амаҵ азызуаз апрокуратура аветеранцәа.
«Агәра згоит шәара шәколлектив аԥхьаҟагьы акрызҵазкуа аус ишацнаҵо. Ҳалшарақәа еилаҵаны ҳара иҳалшоит иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу аӡҵаарақәа зегьы рыӡбара, иашала еибарку еизҳазыӷьо ауаажәларра ашьақәыргылара», ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.
Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз адынҳәалара даԥхьеит Апаламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьания.
«Апрокуратура аусбарҭақәа аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәараҟны ароль ду нарыгӡоит, ирыӡбоит ҳтәылауаа рзинқәеи, рхақәиҭрақәеи, ринтересқәеи, ауаажәларреи ареспубликеи рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы азакәанқәа ԥыжәара рыҭареи ирыдҳәалоу имариам ауснагӡатәқәа.
Апрокуратура аусбарҭақәа русураҟны иҟоуп иаарту иуадаҩу аусқәа маҷымкәа. Апрокуратура аветеранцәа рԥышәеи рыпрофессионализми қәҿиарала рхы иадырхәоит уи аусзуҩцәа иахьатәи абиԥарақәа русураҟны. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәколлектив ҳтәыла ашәарҭадара алыршареи, азинрҿиаратә усуреи, жәларбжьаратәи аусеицура аҿиареи рыҟны алагаламҭа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура ихадароу ароль нанагӡоит ацәгьоура иаҿагыланы ақәԥараҟны ареспублика азинхьчаратәи ахылаԥшратәи усбарҭақәа русеицураҟны. Ҳтәылауаа рганахьала аҳәынҭқарра азинхьчаратә система зегьы аусура аҳаҭыри агәрагареи алыршахоит шәара еилахәаахәҭрада, ламысцқьала имҩаԥыжәго аусура иабзоураны», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.
Лаша Ашәба апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, ахирра, Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ аураҟны аихьӡарақәа.
Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы иазгәеиҭеит:
«Иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы иаԥҵаз апрокуратура аусбарҭақәа абар шьҭа 30 шықәса ҵуеит Ареспублика Аԥсны азакәанреи азинеиҿкаареи рыхьчараҿы игылоуижьҭеи. Шәара ацәгьоурақәа рҿагылара, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара иазку акырӡа зҵазкуа ауснагӡатәқәа нашәыгӡоит. Уи апрокуратура азинтә шьаҭа змоу аҳәынҭқарра ашьақәгылара аҿы ихадоу елемент аҳасабала ишьақәнарӷәӷәоит.
Хашҭшьа амам нанҳәамза 14, 1992 шықәса арыцхә. Ари амш аҽны Аԥсны жәлар рыԥсҭазаара аҽеиҩнашеит, усҟан аиҵбы иҟынтәи аиҳабы иҟынӡа зегьы Рыԥсадгьыл аххьчаразы иҩагылеит. Раԥхьа аӷа иҿагылаз дреиуоуп ԥсрашьҭахь Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зыхҵоу, азеиԥш хылаԥшра аҟәша апрокурор Ҷыҭанаа Адгәыр Николаи-иԥа.
Лаша Ашәба: «Апрокуратура аусбарҭақәа аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәараҟны ароль ду нарыгӡоит».
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуроратура хада аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу Адгәыр Нугзар-иԥа!
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә.
Апрокуратура аусбарҭақәа аԥсуа ҳәынҭқарра арӷәӷәараҟны ароль ду нарыгӡоит, ирыӡбоит ҳтәылауаа рзинқәеи, рхақәиҭрақәеи, ринтересқәеи, ауаажәларреи ареспубликеи рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы азакәанқәа ԥыжәара рыҭареи ирыдҳәалоу имариам ауснагӡатәқәа.
Уасил Царгәыш ихьӡ зхоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Сартов ақалақь аҿы аконцерт аманы иқәгылараны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уасил Царгәыш ихьӡ зхоу Аԥсны ашәаҳәареи акәашареи рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль Сартов ақалақь аҿы аконцерт аманы иқәгылараны иҟоуп.
Зыхьӡ нагоу аԥснытәи арҿиаратә коллектив ақәгылара акультуратә сезонқәа «Урыстәыла-Аԥсны 2024» раартра аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥымза 27 рзы, Саратов ақалақь, А. Шнитке ихьӡ зху аобласттә филармониа аҿы имҩаԥысуеит.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵразы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа 30 шықәса рхыҵит. Аиубилеитә уснагӡатә мҩаԥысит Аминистрцәа реилазаараҟны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура Хада аԥҵоижьҭеи 30 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа. Иара апрокуратуратә усбарҭақәа русзуҩцәа риубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит, ареспублика ажәлар рыхьӡала апрокуратура аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿ рлагала ду азы.
Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә аҟны иҳәоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада 30 шықәса ахыҵра амш гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит аколлектив зегьы.
30 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса мшаԥымза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба Иусԥҟала иаԥҵан ҳреспублика апрокуратура.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада азакәанра ԥыжәара аҭара ҳәаақәнаҵоит, ҳтәылауааи, ҳуаажәларреи, ҳҳәынҭқаарра зегь ааидкыланы рзинқәеи ринтересқәеи ахьчоит.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рыҩныҵҟа аколлектив аус ду мҩаԥнагеит азакәани азинтәлеишәеи рырӷәӷәараҟны. Иҭҵаауп зқьыла ашьауӷатә усқәа, уахь иаҵанакуеит ауаажәларра рыҟны ирылаҩыз ацәгьоурақәагьы.
Апрокуратура аусбарҭақәа рышьақәыргылареи рырҿиареи рус аҟны рлагала ҟарҵеит иналукааша азиндырҩцәеи апрактикцәеи, аҳәынҭқарратә усзуцәа дуқәеи.
Аԥсны атәылауааи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит апрокуратура аусзуцәа, ҳҳәынҭқаара арӷәӷәараҟны иахәҭоу шәлагала мҭазы.
Ҷыдала итабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп апрокуратура аветеранцәа, акыршықәса Аԥсадгьыл амаҵ азызуаз.
Агәра згоит шәара шәколлектив аԥхьаҟагьы акрызҵазкуа аус ишацнаҵо. Ҳалшарақәа еилаҵаны ҳара иҳалшоит иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоу аӡҵаарақәа зегьы рыӡбара, иашала еибарку еизҳазыӷьо ауаажәларра ашьақәыргылара.
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, аҭынчра, аихьӡарақәа, иара убас аҭакԥхықәра зцу шәус аҟны ачҳара, ахаҵара.
Апринципра, аиашара, аиашаӡбара гәык-ԥсык ала азыҟазаара есқәынгьы зегь реиҳа ихадароу акәны иҟазааит шәусураҟны.
Гагра ақалақь аҿы 200 рҟынӡа алеи ацгәи рраҟәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥстәқәа рыцхрааразы агәыҳалалратә фонд «Багиреи» алақәа аамҭалатәи рбарҭа «Топеи» рнапхгаҩы Саида Оҭырԥҳа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Гагра ақалақь аҿы хәыда-ԥсада аԥстәқәа рраҟәара акциа шымҩаԥысуа атәы далацәажәеит.
«Ҳара Аԥсны аԥстәқәа рраҟәара азы иҟоу апроблема еилкааны, аԥстәқәа рыцхырааразы Бриџьит Бардо л-Фонд ахь ашәҟәы ҳаҩҩит. Иахьа лак араҟәара азы хә-нызықь мааҭ ашәара зылшо рацәамзар ҟалап, убри аан ҭаацәак рҿы акы еиҳаны аԥстәқәа аныҟәоу маҷӡам. Ҳшымгәыӷуаз, насыԥны иҟаҳҵаз аҳәара ақәҿыҭра аиуит. Афонд ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иааит. Акциа мҩаԥыслоит жәамш рыҩныҵҟа. Акциа мбаԥыргоит Бриџьит Бардо л-Фонди аԥстәқәа рыхьчаразы анемец Ассоциациеи. Ареспубликахь иааргоит жәаҩыла аҳәаанырцәтәи аҟазауаа», – ҳәа илҳәеит лара.
Акциа абар шьҭа хәымшуп имҩаԥысуеижьҭеи.
«Даара ирацәаны ауаа адҵаалахьеит, иахьатәи амш азы 200 рҟынӡа алеи ацгәи рраҟәара алыршоуп», – ҳәа илҳәеит лара.