pressadmin-2
Мшаԥымза 15 рзы – 100 шықәса ҵит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Алеқсандр Ҭариа диижьҭеи.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 15 рзы – 100 шықәса ҵит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран, Асовет Еидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи ареспубликатә аибашьра, аџьа, Арбџьармчқәа аветеранцәа Реиҿкаара ахантәаҩы Алеқсандр Мақьҭаҭ-иԥа Ҭариа диижьҭеи.
Алеқсандр Мықьҭаҭ-иԥа Ҭариа диит мшаԥымза 15, 1924 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. Ашкол даналга ашьҭахь Қарҭтәи аршьаҟатә ҵараиурҭа дҭалеит. Уаҟа аҵара шиҵоз ауп аҩхаақәа Аӡаԥшьи Аллашҭрахәи рыхьчара дшалахәыз.
Санкт-Петербург ақалақь аҿы аԥснытәи ауаажәларатә усзуҩ Рауф Аиба ииубилеи азгәарҭеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 12 рзы Санкт-Петербург ақалақь, атеатр «Плоды просвещения» аҿы аԥснытәи ауаажәларратә усзуҩ, амеценат, 1990 – 2000 шш. рзы Санкт-Петербургтәи аԥсуа диаспора аилазаара “Аԥсны” ахантәаҩыс иҟаз акыр шықәса Санкт-Петербург инхо, ҳаҭыр зқәу ақалақьуаҩ Рауфа Ҭархәына-иԥа Аиба 90-шықәса ихыҵра аиубилеи иазкны акультуратә хәылԥазы мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс а-Telegram-канал.
Аусмҩаԥгатә алагамҭазы иаԥхьан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа, аԥсуа-база аконгресс аиҳабы Мусса Хабал-иԥа Еқьзеқь, иара убас аиҿкаарақәа жәпакы: Аԥсни Урыстәылеи аофициалтә хаҿқәа, аҵарауаа, адипломатцәа, ажурналистцәа, ашәҟәҭыжьыҩцәа, акультура аусзуҩцәа, еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи аҩызцәа, ԥыхьа класск аҿы аҵара ицызцозгьы уахь иналаҵаны аиубилиар ихьӡала иаарышьҭыз адныҳәаларатә цҳамҭақәа. Аӡәырҩы хаҭала асцена аҟынтәи аиубилиар идныҳәалеит.
Аиубилиар иара убас дидныҳәалеит Урыстәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ахьӡала ари аиԥылара иалахәыз апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа, ауниверситет астудентцәа Аделиа Царгәыши Миранда Џьениеи Милана Гәынбеи аиубилиар идныҳәалеит, ауниверситет аректор Алеко Алеқсеи-иԥа Гәарамиа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы иаԥхьеит, аиубилиар ирҭеит ауниверситет ахьӡала инагаз агәаларшәагатә ахьтәы ԥараҿырпы. Дара иара убас Рауф Аиба ирҭеит иара изку аочерк зну агазеҭ «Республика Абхазия» изаамҭанытәиу аномери аредакциа аҟынтәи адныҳәаларатә шәҟәи.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилкаара-акриминалистикатә Центр ахаҭарнакцәа рԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилкаара-акриминалистикатә Центр аиҳабы, аполициа аинрал-леитенант Вадим Казьмини реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара аҿы Аԥсни Урыстәылеи Аусеилкаара-акриминалистикатә центрқәа русеицура арҭбааразы иҟаҵатәу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут аҳәынҭқарратә зинхьчаратә хылаԥшырҭақәа аусеилыркаара-акриминалисттә усура аганахьала русеицура аҩаӡара аҳаракра адинамика убаратәы иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусеилкаара-акриминалистикатә Центр аиҳабы, аполициа аинрал-леитенант Вадим Казьмин хаҭала Аԥсны аҟазаара азы иоуз алшара даара гәахәарыла идикылеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аҩ-тәылак рыбжьара аимадара аҿиара ахырхарҭа азҭо иреиҳау аҩаӡараҿы анапхгараҭара ауп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Марина Аршба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аспециалист хада Марина Аршба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ лыхҵоуп. Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыли Аусбарҭа аколлективи Марина Коллоди-иԥҳа Аршба иҳараку ахьӡ лыхҵара лыдырныҳәалоит, илзеиӷьаршьоит агәабзиареи аизҳазыӷьареи.
Атәылахьчара аминистр, Мрагыларатәи афронт 1-тәи аполк акомандаҟаҵаҩы, Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-полковник Владимир Ануа инапы зҵаиҩыз анашьамҭатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала, абаталион «Каҭран» агәыԥ «Стрелец» адәытә медиаҳәшьа Марина Каллоди-иԥҳа Аршба 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа дрылагыланы апартизантә қәԥара активла лхы алалырхәуан ҳәа иазгәаҭоуп.
Мшаԥымза 13 рзы аҵарауаҩ-афольклорист Римма Ҳашба лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса.
Аҟәа. Мшаԥымза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 13 рзы аҵарауаҩ-афольклорист Римма Ҳашба лыԥсы ҭазҭгьы илхыҵуан 90 шықәса. Лара лоуп аԥсуа хәыҷтәы фольклор раԥхьатәи амонографиатә ҭҵаара мҩаԥызгаз.
Римма Арсени-иԥҳа Ҳашба (13.04.1934 – 17.07.2007шш.) аԥсуа филологиа ашьаҭаркҩцәа иреиуаз, Аԥсуа бызшәеи алитературеи аҭоурыхи рыҭҵааратә Институт раԥхьатәи адиректор Арсени Ҳашба иҭаацәараҿы диит.
1960 шықәсазы лара далгеит М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә апедагогикатә Институт «Аурыс бызшәеи алитературеи» азанааҭ ала, ҟәҿиарала лҵара азы илоуит адиплом ҟаԥшь. Лусуратә мҩа лара далагеит К. Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи ашкол-интернат №1 аҿы рҵаҩыс аусурала, араҟа лара 1961 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа аус луан.
1969 -1971шш. рзы лара аҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс аус луан. 1971 шықәса инаркны уи лыԥсҭазаара адылҳәалоит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аҭоурыхи абызшәеи алитературеи Ринститут (уажәы Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут), араҟа уи алаборант еиҳабы иҟынтәи афольклор аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабы иҟынӡа днаӡеит. 1981 шықәсазы лара «Аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор» ҳәа атема ала акандидаттә диссертациа лыхьчеит.
Римма Ҳашба аԥснытәи ахәыҷтәы фольклор аҭҵаара адагьы аԥсуаа рлафтә культура, аҭҳәаратә традициақәа, аԥсуа жәаԥҟақәеи ажәарццакқәеи ажәаԥҵәақәеи ржанрқәа, адгьыл арԥсылара акульт, уҳәа рыҭҵаара аҿы ллагала ду ыҟоуп.
Аҵарауаҩ дшыргәалашәо атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо еиҭарҳәеит уи лколлегацәа, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагбеи Аԥснытәи агуманитартә Ҭҵаарақәа Ринститут адиректор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәбеи.
«Римма Арсени-иԥҳа лыхцәажәара уахи-ҽни инеиԥынкыланы уаҿызаргьы иуҳәаша уԥшаауеит. Ус еиԥш иҟоу ауаа сара сыԥсҭазаараҿы ирацәаӡамызт. Уи лыӡбахә аҳәара уаналаго угәы мыԥшаар ауам. Исҭахуп ас еиԥш иҟоу ауаа излауа ала гәалсрак, хьаа дук рымамкәа, гәырҩада акыр шықәса иҳацзарц. Сара насыԥ сыман ҳәа исыԥхьаӡоит Анцәа иахьсаҭәеишьаз сыԥсҭазааратә мҩа, снаукатә усура аҿы ас еиԥш иҟаз ауаҩы хазына, ауаҩы шьахә дахьсықәшәаз», – ҳәа илҳәеит Лили Ҳагба.
Аҵарауаҩ иазгәалҭеит, Римма Арсени-иԥҳа иҷыдоу ахәыҷқәа рызнеишьа шлымаз, уи зегьы рацәажәара шлылшоз. Дара изныкымкәа анаукатә експедициақәа раҳасабала Аԥсны ахи-аҵыхәеи рахь еиццахьан.
Римма Арсени-иԥҳа лыԥсҭазааа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа зегьы реиҳа иуадаҩыз аамҭан лара лзы. Уи длыԥхеит лыԥҳа.
«Ҳара ари апериод азы даара лассы-лассы ҳалҭаауан. Зыхәҷы дызцәыԥсыз ан лгәы зҟажыша ажәақәас иуԥшаари? Ҳара излаҳалшоз ала адгылара лыҭара ҳәазаҳшәон. Аха лыԥҳа лыԥсра акыр лшьара дықәнаҟьеит лара, лгәабзиара акыр ишьақәҟьеит», - ҳәа гәалсрала иазгәалҭеит Лили Ҳагба.
Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәба изы Римма Арсени-иԥҳа арҵаҩы, ааӡаҩы, аҵарауаҩ лаҳасабала адагьы, акыр ауаҩреи аԥхарреи зҵаз ауаҩы, ан леиԥш игәалашәараҿы даанхеит.

Мшаԥымза 11 рзы – афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 11 рзы афашистцәа рконцлагерқәа рбаандаҩцәа рхақәиҭтәра Жәларбжьаратәи Амш азгәарҭоит. Ауаатәыҩса рҭоурых аҿы иҟоуп акырӡа игәымбылџьбароу, ихьанҭоу арыцхәқәа, урҭ рӷьырак адунеизегьтәи аибашьрақәа ҩба зҭагӡаз XX ашәышықәса азы иҟалеит. Ауаатәыҩса рҭоурых адаҟьақәа ирнылаз адаҟьа еиқәаҵәақәа иреиуоуп афашисттә концлагерқәа рҭоурых.
Аконцлагерқәа рҿы ааӡаб зыхганы иҭадырхази зыԥсы аиқәхара зылшази ргәалашәара иазкны есышықәса, мшаԥымза
Ашәахтә усзуҩцәа ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы Ареспублика Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рахь адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
«Ииасыз ашықәсқәа рыҩнуҵҟа шәара зыхәшьара ҳараку алагала ду ҟашәҵеит ҳтәыла ашьақәгылареи аекономикатә шәарҭадара аиҿкаареи рзы. Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылараз иуадаҩӡаз аамҭақәа рзы шәара ламысцқьала шәнапынҵақәа нашәыгӡон, абиуџьет хашәырҭәаауан, асоциалтә программақәа рԥаразоужьра алшәыршон», – ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.
Атәыла Ахада Аусбарҭа аусзуҩцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиара, азанааҭтә еихьӡара ҳаракы.
Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиа ареспублика ашәахтә усбарҭақәа рышьақәгылара аҭоурыхтә етапқәеи иахьатәи амш азы аусура аиҿкаареи дырзааҭгылеит. Уи ҷыдала иазгәеиҭеит аминистрра аусура аинновациатә технологиақәа шаланагало.
«Уаҵәтәи амш ацифратә технологиақәа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Ашәахтә усхкы аҿы административтә процессқәа рцифравизациеи равтоматизациеи ахырхарҭақәа рыла иҟаҵоу маҷӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.
Апаламент аиҳабы Лаша Ашәба Жәлар Реизара-Апрламент ахьӡала атәыла ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Михаил Габелиеи Аминистрра аусзуҩцәеи Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа русбарҭақәа раԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа рсистема аҩаӡарақәа зегьы рҿы абиуџьет ашьақәыргылареи аҳәынҭқарреи атәылауааи асоциалтә интересқәа рыхьчареи азҵаара аӡбараҿы аҳәыҭқарра ихадоу ашьаҭаны иҟалеит.
Алеопард Бриксик Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алеопард Бриксик Казань ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рталисман аҳасабала ишьақәырӷәӷәахеит. Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз астол гьежь «Мы вместе. Спорт. Развитие многополярного спортивного мира» афорум аҿы дықәгыло абри азы адырра ҟаиҵеит Ҭаҭарсҭан аспорт аминистр Владимир Леонов.
Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа мҩаԥгахоит рашәарамза 12 инаркны 23-нӡа Казань ақалақь аҿы. Ахәмаррақәа рхы аладырхәраны иҟоуп 5000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа. Атурнир апрограмма аҿы иҟоуп 29 дисциплина ала аицлабрақәа.
Аурыс драматә театр Москва имҩаԥнагоз агастрольқәа хыркәшахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ф.Искандер ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр мшаԥымза 6 - 9 рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҿы есышықәса имҩаԥысуа агастроль дуқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны урыстәылатәи ахәаԥшцәа ф-спектакльк днарбеит.
Ԥшьымш ирылагӡаны москватәи апублика еиуеиԥшым ажанрқәа рыла ишьақәгылоу атемақәа, авторцәа, арежиссиор-ақәыргылаҩцәа рыла инеибеиԥшым ақәыргыламҭақәа дырбахеит.