pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.   Ареспубликатә партиа «Аԥсны Акзаара» VII Аизараду аусура зхы алазырхәыз апартиақәа «Урыстәыла Акзаара», «Уаԥстәыла Акзаара» ахаҭарнакцәа ажурналистцәа ирыҿцәажәо рҭаареи апартиатә форум аусуреи рзы ргәаанагара рҳәеит.

Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, «Урыстәыла  Акзаара» алахәыла Светлана Журова Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа ахаҭарнакра назыгӡо апартиақәа русеицура иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит. Лара иара убас ареспублика аҿы имҩаԥысуа  хра  злоу аиҭакрақәа азгәалҭеит, иара убас апартиа «Аԥсны Акзаара» аҵарадырреи аҿартә политикеи ахшыҩзышьҭра ду ахьанаҭо ахәшьара ҳарак алҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада актәи аԥсуа-дыга форум «Урыстәылеи Аԥсни риашьаратә жәларқәа рԥеиԥш ахьӡала аҭынха: Ислам, аҭоурыхтәи ҳаамҭазтәи аԥышәарақәа рконтекст ала акзаареи ашьҭреимдареи" алахәцәа идикылеит.

Афорум мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаарамза 8 инаркны 11-нӡа.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, аҩныҵҟатәи аполитика аусбарҭа аиҳабы Инал Хышба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа “Қырҭтәыла аус ацура” адкылареи, уи ашьҭахь Британиа Ду ахаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыхьӡ аицакра аполитикатә спектакль иахәҭаку». Убас иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа адкылара иазкны иҟаиҵаз ахҳәаа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩра аизгареи аахәаратә хәыԥсақәа рышьақәыргылареи рзы ақәҵара рыдыркылеит.   

Ишьақәыргылоуп 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩразы абарҭ еиҵаӡоу аахәаратә хәыԥсақәа:

– 45 мааҭ 1 кьылак  амандаринеи апаҭырқали рзы;

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы  абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Акомитет аилатәара мҩаԥысит.

Аилатәара иалахәыз иалацәажәеит:

  • «Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа ашьақәыргыларазы» ақәҵара апроект;
  • Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа апроект;
  • «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект»;
  • «Ареспублика Аԥсны аперсоналтә тәанчахәқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 7 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект;
  • Ареспублика Аԥсны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ашәагаақәа рышьҭыхразы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 1 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.
  • «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект Аԥсны иҟоу аҳаирбаӷәаза аоператор ила жәларбжьаратәи аҳаиртә ыиагарақәа рымҩаԥгараан аҳәаанырцәтәи аҳаиртә еилазаарақәа рзы инагӡахо амаҵзурақәа рзы Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә анольтә қәҵа азакәанԥҵаратә шьақәыргыларазы идәықәҵоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рзы ацхыраагӡатә шәарақәа рышәагаақәа ҩынтә ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит.  

Ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа (хҩык инареиҳаны ахәхыҷқәа змоу аҭаацәа) асоциалтә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны аминистрцәа Реилазаара  ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны хәыҷыцыԥхьаӡа изы есымзатәи аҳәынҭқарратә цхыраагӡатә шәарақәа рышәагаа абас ала ишьақәгылоит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳазалхра-тарифтәи адәныҟаекономикатә усура ашәахтә ҳәаақәҵареи рганахьала анорма-зинтә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи аланагалеит.

Аиҭакрақәа алагалахоит Ареспублика аҳазалхратә ҵакырахь аиагараан ашәахтәқәҵара иақәиҭу, атауарқәа рҭыжьразы ихымԥадатәиу, Аԥсны иҭырмыжьуа атехнологиатә еиқәыршәагақәа рсиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҭҵаарадырра-техникатә программа «Аиадертә медицина аметодқәа рышьаҭала зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара Ацентр  аконцепциа аԥҵара» шьақәнарӷәӷәеит.

Апрограмма ахықәкы хаданы иҟоуп — асоциалтә ҵакы змоу ачымазарақәа: акьыбачымазара, ашьада чымазара, анеуроеиҭакратәи аендокринтәи чымазарақәа заанаҵ раарԥшра иазырхоу ацентр аконцепциа аԥҵароуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра             Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Знамя России» ахада Џьахангир Мамедови реиԥылара.

Аганқәа Аԥснытәи ахәҷқәа урыстәылатәи апроектқәа рылахәхара аҳәаақәа рырҭбаара иалацәажәеит, иара убас аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара азы аусеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа асенатор,  хыттәи Аолимпиатә чемпион Алеқсандр Карелини Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Светлана Журовеи идикылеит. Урҭ Аҟәаҟа иааит ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала рхы аладырхәырц. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.