pressadmin-2
Амра Ломиа Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа рынагӡара, Аинвестициатә программа анагӡашьеи Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи робиектқәа рҿы изаамҭанытәиу аргыларақәеи аиҭашьақәыргыларатә усурақәеи рылацәажәареи иазкын Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара.
Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа аколлектив дыдирдырит ихаҭыԥуаҩ ҿыц – Амра Ломиа. Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа анапхгаҩы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, лара азанааҭтә ԥышәа ду лымоуп, лмаҵураҭыԥ ҿыц дахагылоит аусура анырацәоу аамҭазы.
Жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль «Ҳәаа змам адунеи» аатит Гагра ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аинклиузивтә фестиваль «Ҳәаа змам адунеи» аатит Гагра ақалақь, Т.Кәакәасқьыр ихьӡ зху акультура Аҩны аҿы жьҭаарамза 11 рзы. Арҿиара ҳәаадоуп: афестиваль сценак аҿы еиднакылеит Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҟыбаҩ злоу ауаа, иҷыдоу агәабзиаратә ҭагылазаашьақәа змоу ахәыҷқәагьы уахь иналаҵаны. Афестиваль иалахәуп Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи. Дара асцена иқәгылоит, арҿиаратә қәгыларақәеи арт-терапиазы аҟазара-классқәеи ирылахәуп. Уи адагьы, ауснагӡатә аҳәаақәа иҭагӡаны аԥсуа-аурыс рҵаҩцәеи аинклиузивтә еиҿкаарақәа русзуҩцәеи рԥышәеимдара азгәаҭоуп.
Аԥснытәи аделегациа Ареспублика Башкортосҭан Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа иалахәуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа ареспублика Амш азы Башкириа иаҭааит.
Уфа ақалақь ахь иааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аиустициа аминистр Анри Барцыц, егьырҭ ҳаҭыр зқәу асасцәа, ҳәа адырра ҟааҵоит Ареспублика Башкортосҭан анапхгара апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь аҿы ақалақьтә адгьылқәаарыхара азы азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьтә адгьылқәаарыхареи уи иҭышәынтәалоу афатә-ажәтә система ашьақәыргылараҿы инанагӡо ароли иазкын жьҭаарамза 10 рзы Ацентр «Проспект» аҿы имҩаԥгаз аинформациатә воркшоп ҳәа изышьҭоу азыҟаҵаратә усмҩаԥгатә.
Бадра Гәынба Ради Хабирови Башкортосҭан ауааԥсыреи Ареспублика Амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови ареспублика ауааԥсыреи Ареспублика Амш рыдиныҳәалеит.
Бадра Гәынба аррамаҵзурауаа Арбџьар мчқәа рымш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш азы аррамаҵзурауааи аветеранцәеи дрыдныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи!
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш!
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳәынҭқарратә маҵзуразы азакәан апроект иахәаԥшит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 7, 2024 шықәсазы актәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз «Аҳәынҭқарратә маҵзуразы» азакәан апроект иалацәажәеит иахьа имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы аилатәараҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апарламент аофициалтә саит.
Абанк Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр аофис ҿыц Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» аофис ҿыц аартра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы жьҭаарамза 10 рзы абри аҭыӡҭыԥ ала: В. Арӡынба имҩа, аҩны №115.
Ацаха ҟаԥшь ахҵәара азы азин рырҭеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанбеи Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» адиректорцәа Рхеилак ахантәаҩы Андреи Барсови.
Асасцәа рзы абанк аофис ҿыц аҿы аекскурсиа мҩаԥыргеит.
Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Ахыԥхьаӡаратә Центр» анапхгараҭара ахантәаҩы Владимир Калмыков, еизаз рахь ихы рханы, аа-шықәса рыла абанк аусурала зыгәра угартә иҟоу, иҭышәынтәалоу афинанстә институт аҳасабала ахы аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит.
Бадра Гәынба: Анхацәеи егьырҭ аекспортмҩангаҩцәеи аҳәааҟны «иофициалтәым» ашәатәқәа аныршәоз аамҭақәа ииасроуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада ацитрустәқәа сынтәатәи рҽаҩра ралгара алыршара иазкны аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аилацәажәара иалахәын Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан, АШӘА Ахантәаҩы Дмитри Дбар, ақыҭанхамҩа аминистр, Аҳәынҭқарратә ҳазалахратә Еилакы, Аҳәынҭстандарт, акарантинтә инспекциа, Аҳәаахәҭра-ааглыхратә палата анапхгара.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит анхацәа ацитрустә ҽаҩра аҭира аамҭа ишазыԥшу, уи иахҭныҵуа рҭаацәа аланыҟәыргарц. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿаԥхьа иқәгылоу уснагӡатәқәаны иҟоуп излауала урҭ ацхыраара рыҭара. Аха Ахада иаҵшьны иҳәеит анхацәа феидала, дара ишырҭаху ртовар аҭиразы аҳәааҟны ауадаҩрақәа шрызцәырҵуа.
«Иахьатәи аилацәажәара хықәкыс иамоуп аҭагылазаашьа аиӷьтәразы имҩаԥгатәу ауснагӡатәқәа рыхцәажәара», — ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла ашәахтә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 5,5 млрд. мааҭ.
Аҟәа. Жьҭаарамза 7, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра иҳәаақәнаҵо Аԥсны абиуџьеттә система ахашәалахәқәа 2024 шықәса иаҿырԥшны 805 млн. 207,6 нызықь мааҭ рыла иазҳаит, урҭ реицҵалыҵ 5 млрд. 5 млн. 295,9 нызықьмааҭ рҟынӡа инаӡеит, убри аан планла иазԥхьагәаҭан – 4 млрд 424 млн. 705,5 нызықь мааҭ.
9 мыз рыла ашәахтәқәа рзы аплан 113% рыла инагӡахеит.








