Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Кәычбериа Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахатәы еилазаара аҳәаахьчаратә Маҵзура аԥҵара амш рыдиныҳәалеит. Иара аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа рҿаԥхьа игылоу ахыдҵақәа рҵакы ахадара азгәетиҭеит, ҿыц еиҵагыло аҳәаахьчаҩцәа рабиԥара аиҳабацәа ишьақәдыргылаз атрадициа шьахәқәа хыӡла-ԥшала ишацырҵо, ишеиқәдырхо азы агәрагарагьы ааирԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа аусзуҩцәа гәыԥҩык аџьшьарақәеи «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараҿы зҽалызкааз» ҳәа амедалқәеи ранашьахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.