АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Абҵара.2024

Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ҳамҭас иарҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ҳамҭас иарҭеит  Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ. Ари амшхәыбзазаратә миссиа анагӡарала Аԥсныҟа дааит ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба.

Владимир Какоба иажәақәа рыла, Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ашаҩ Италиантәи иааган, анаҩс урҭ Испаниаҟа идәықәҵан, аҵыхәтәаны, Анцәа иџьшьаны Аԥсныҟа аагара алыршахеит.

«Сара исҭахын Аԥсны акала сацхраарц, исҭахын араҟа зыԥсҭазааратә мҩа хзыркәшаз Иоанн Ахьҿы ибаҩ-ишаҩ араҟа наунагӡа иаанхарц. Иара араҟоуп иҭыԥ, уи Аԥсны аҭынчра ашьақәгылара иасимволхароуп. Ихашәымҵар ҟалап, аха сара исыздырӡомызт Аԥсныҟа аара арыцхә, аха абҵарамза 16 рзы абилеҭқәа анаасхәа ашьҭахь, ас еиԥш иҟаз иуадаҩыз аҭагылазаашьа аилашымҭаз, ҳшымгәыӷӡоз иаарласны аҭышәынтәалара ҟалеит, азҵаара ҭынчмҩала иӡбахеит», – ҳәа иҳәеит Владимир Какоба.

Ҳара ҳџьынџьуаҩ уажәаԥхьагьы ас еиԥш амиссиа анагӡарала Аԥсныҟа даахьан. Уаанӡа иара VI ашәышықәса иатәу Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лылацәеикәыԥсара Аныхабаа ахь иԥшьоу абер Нил Столобенски еицамкуа ибаҩ-ишаҩ ааигахьан, ааӡабхгаҩы, ахәшәтәҩы Пантелеимон, Ацқьа Трифони аԥшьаҩы Спиридон Тримифунтски еицамкуа, зҿаҳәатәы ҟалоз  Ацқьа Илииа рыбаҩ-ашаҩ Агәыӡера игылоу ауахәама ахь иааигахьан.

«Сара схала схы ахырхарҭа асҭаӡом. Иҟалар ҟалап Анцәа амҩа сықәиҵозар ари амиссиа анагӡаразы. Сара ари аус сыцааиуеит, даарагьы агәахәара дула инасыгӡоит. Сара бзиа избоит сыԥсадгьыл Аԥсны. Москва сшынхогьы, сара ахаангьы исхашҭӡом сыԥсадгьыл. Есыҽны схәыцрақәа арааҟ, сыжәлар, сҩызцәа, сҭынхацәа, исзааигәоу ауаа ирыцуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Какоба.  

Ацқьацәа рыбаҩ-ашаҩ аиагареи аҭареи амеханизм есымша еиԥшӡам – зны-зынла урҭ џьара аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҿы Европа, зны-зынла Урыстәыла иаахәахәоит, мамзаргьы аиҭныԥсахлара аҳасабала, ҳамҭас аҭарала, уҳәа ҳнапаҿы иҟалоит. Владимир Какоба ишеиҭеиҳәаз ала, зегьы Анцәа илԥха-игәаԥхала иӡбахоит.

Агәыӡера аҳаблаҿы игылоу зҿаҳәатәы ҟалоз Ацқьа Илииа ихьӡ зху Аныхабаа ахылаԥшыҩ аиереи Далмат Гоԥиа зегьы Аԥааимбар Михаил зхадараҿы дыҟоу заҳаҭыр рбо ицәеижьдоу ажәҩантә мчқәа раҳаҭыр азы аиашахаҵаратә уахәама иазгәанаҭо аныҳәа рыдиныҳәалеит, анаҩс Анцәа игәахәтәы назыгӡо  Владимир Ацқьа Иоанн Ахьҿы иеицамкуа ибаҩ-ашаҩ ахьааигаз азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит: Ишыжәдыруа еиԥш, Ацқьа Иоанн Аԥсны дынхон, уи даныԥсуаз аҵыхәтәантәи иажәақәа ракәын: «Анцәа иџьшьоуп зегьы!»

Аиереи Далмат ишеиҭаиҳәаз ала, дарбааназаалак идыруазароуп аамҭала адгьыл дшықәу;  ауаҩы дыныԥсуа, уи ицәеижь аиашазы  «Иԥшьоу Аҩыра» ишаҳәо еиԥш, «адгьыл иалҵыз адгьыл ахь ицоит».

«Аха рыԥсы ҭанаҵы здоуҳатә мчи Анцәа гәкала изыҟазаареи аазырԥшыз ҷыдала алкаара рыхәҭаны иҟалоит. Урҭ рцәеижьхәақәа имбаауа, еицамкуа абаҩ-ашаҩны иҟалоит. Урҭ рыбаҩ-ашаҩ зеиқәдырхо убри ауп, анцәа дхазҵо зегьы адоуҳатә мчы, абзиахара, амшхәыбзазара роурц азы», – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә аказакцәа рырхәҭа арратә атаман, хатәгәаԥхарауаа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы  Вадим Мироненко адинмаҵзуҩцәа Аԥсны иҟоу Амшынеиқәатә аказакцәа рырхәҭа Ацқьа Гьаргь Иџьар аҩбатәи аҩаӡара амедалқәа шранашьахо атәы иҳәеит. Амедалқәа ранашьара абҵарамза 4 – Казантәи Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа лныхачаԥа Амши Урыстәылатәи Афедерациа ажәлар ракзаара Амши иадҳәалахеит, уи иарбоу ауаа ауаажәларратә ԥсҭазаара аҿы рлагала иаҵоу аҵакы ахадара аанарԥшуеит.  Ацқьа Гьаргь Иџьар аҩбатәи аҩаӡара амедалқәа ранашьахеит амонахԥшьаҩы Иоанн Свинухов, аиереи Никита Адлеиба, амонахԥшьаҩы Давид Гәазаа, иара убас ҳара ҳџьынџьуаҩ Владимир Какоба, аиереи Далмат Гоԥиа, амитрополит Каширски Феогност имаӡаныҟәгаҩ-ицхырааҩ Сусанна Чабалырхәа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра 30-шықәса ахыҵра» амедал ланашьахеит.  

Ацқьа Иоанн Ахьҿы еицамкуа ибаҩ-ишаҩ аҭара ацеремониа ашьҭахь ауахәама аҭааҩцәеи уи азы агәазыҳәара змаз зегьи абаҩ-ашаҩ зҭоу ахьыԥшьа ҳаҭырла аҽадкылареи агәӡреи рзы алшара роуит.

 

 

 

 

 


Read 333 times - Ахәаша, 22 Абҵара 2024 14:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.