Аҟәа. Абҵарамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата анапхгара асистема аконституциатә еиҭакрақәа ралагаларала аҳәынҭқарратә институтқәа рырӷәӷәара иадгылоит. Абри атәы аҳәоит Ауаажәларратә Палата Аԥсны жәлар рахь иҟанаҵаз ааԥхьара аҿы.
«Ҩаԥхьа иҟалаз аполитикатә кризис даҽазныкгьы ҳажәлар рзы ԥышәара дуны иҟалеит. Раԥхьатәи амшқәа инадыркны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа иарбоу акризис лыԥхала алҵразы, атәылаҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы активла аусура мҩаԥнагон. Аганқәа рыла ачҳара, ахарахәцра, агәҽанызаара, ианаамҭоу аҽынкылара раарԥшреи аконструктивтә диалог ахь рцәырҵреи аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа рполитикатә рымчхареи аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы ргәазыҳәареи акомпромисстә ӡбамҭақәа рыдкылара разхиареи иабзоураны ҳҳәынҭқарратә шьақәгылара азы акырӡа зҵазкуаз, аҭагылазаашьа анаҩстәи аибарххара ацәцареи аконституциатә шьаҭала акризис аҭышәынтәалареи алыршхеит», – ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.
Ауаажәларратә Палата алахәылацәа аҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иадҳәалоу акыр зҵазкуа азҵаарақәа рыӡбараан атәыла анапхгареи ауаажәларреи иаарту адиалог рыбжьаҵара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭоит.
Ауаажәларратә Палата шықәсыбжак инареиҳаны апартиатә система аҿиара, азинмчы азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии амчрақәа рыбжьара аихшара, алхратә система ареформа амҩаԥгара, уҳәа злагалоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара апроект аус адулара иаҿуп.
Ауаажәларратә Палата иаарту адискуссиақәа рзы иаартуп, ҳҳәынҭқарра аҿиара иазырхоу аконструктивтә усеицура иазхиоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп Ауаажәларратә Палата иаланарҵәаз ауаажәларра рахь ааԥхьара.