Ахәыҷқәа – ҳара уаҵәтәи ҳԥеиԥш здаҳҳәало, ҳаԥсҭазаара ҵакыс иамоу роуп. Аиҳабацәа ируалуп ҳтәыла атәылауаа бзиақәа рааӡара. Ҳара ҳхәыҷқәа рԥеиԥш азы аҭакԥхықәра ду ҳадуп. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳхәыҷқәа абзиареи ақьиареи агәцаракреи аизҳазыӷьареи аҳра ахьыруа адунеи рзаԥҵара азы.
Абҵарамза 20 – ахәыҷқәа рзинқәа рышьақәгылара аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа мшуп. Ари амш аҽны, 1959 шықәсазы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Адекларациа аднакылеит, 1989 шықәсазы ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Аконвенциа аднакылеит. Арҭ акыр зҵазкуа ахҭысқәа ҩба адунеи зегьы аҿы ахәыҷқәа реизҳазыӷьара ахьӡала азинхьчаратә усура аҭоурых аҿы иналукааша усны иҟалеит».