Аҟәа. Абҵарамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба атәыла Анапхгара алахәылацәа дыдирдырит аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба.
«Ишыжәдыруа еиԥш, сара Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа снапы аҵазҩит. Дышәсырдыруеит шәколлега Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба. Шәара зегьы Валери Рашьыхә-иԥа ибзианы дышәдыруеит. Иара изныкымкәа атәыла Анапхгара дахагылахьеит, имариамыз аамҭақәа раан Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабыс дыҟан, атәыла Ахада инапынҵақәа наигӡон. Сара сақәгәыӷуеит, ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, хра злоу, алҵшәа бзиа аазырԥшуа аусеицура шшәыбжьало. Иахьа атәыла Анапхгара аҿаԥхьа акыр зҵазкуа аусқәа шьҭоуп. Урҭ рыӡбаразы иаҭахуп ахшыҩеилаҵара, аԥышәеилаҵара, апроффессионализм», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Бадра Гәынба.
Валери Бганба иколлегацәа аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит:
«Сара агәра ганы сыҟоуп, шәара ишеилышәкаауа иахьа ҭакԥхықәраны иҳаду аус аҵакы ахьынӡаҳараку. Ҳара атәыла аҿы алхрақәа рҟынӡа алхыҩцәа ргәазыҳәара ҭынч иаадырԥшыртә еиԥш иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьа аҟазаара алҳаршароуп. Убри аҟнытә ихымԥадатәиуп доусы иааникыло аҭыԥ аҿы излауа ала иусура ҭакԥхықәрала дазнеирц. Ҳара аҳәынҭқарреи абиуџьеттә усхки аенергетикеи, егьырҭ аусхкқәеи рганахьала иҳақу аҭакԥхықәрақәа зегьы рынагӡара алҳаршароуп».
Анаҩс аминистрцәеи ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәеи Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡои атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡои доусы напхгара зырҭо аусхкқәа рҿы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа азы адыррақәа рырҭеит.