pressadmin-2
Даниил Харчлаа XXVI Жәларбжьаратәи аицлабра «BAIKAL OPEN» аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Даниил Харчлаа зхы иақәиҭу аиқәԥара азы ахацәа рыбжьара XXVI Жәларбжьаратәи аицлабра «BAIKAL OPEN» аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Афинал аҿы Даниил Харчлаа асчиот 4:3 ҳәа диҵахеит Красноиарсктәи аспортсмен Кежик Чымба, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Даниил Харчлаа 65 кьыла иҟоу рыбжьара Калининград акоманда ахьӡала дықәгылон.
Абаҩхатәра злоу аҿар ралкаареи урҭ алитература ахь абзиабара дыркреи: Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы Дырмит Гәлиа изкны апоезиатә хәылԥазы мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьаша, мшаԥымза 11 рзы, С. П. Басариа ихьӡ зхоу Очамчыратәи ашкол-интернат аҿы араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази еиҿнакааит.
Алитературатә хәылԥазы аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Ашкол-интернат аҿы еизеит еицырдыруа аԥсуа поетцәа, Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аусзуҩцәеи аҟәша аиҳабы Ҭемыр Гиндиеи, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи, аԥсуа поезиа абзибаҩцәа.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны абыргцәа Реидгыла ахантәыҩы Аполлон Думааи ари аиҿкаара араионтә ҟәша ахантәаҩы Иури Лагәлааи.
«Ҳарҿиаратә еиҿкаара аусура ахырхарҭа хадақәа иреиуоуп ашколхәыҷқәа рԥылара, урҭ алархәны алитературатә семинарқәа, астол гьежьқәа, аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи. Ҳара ҳзы акыр аҵанакуеит абаҩхатәра злоу аҿар ралкаара, урҭ алитературеи асахьаркыратә ԥхьареи рахь абзиабара дыркра. Ҳазҭоу ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны ирылаҳәоуп. Иахьа ҳара Дырмит Гәлиа изку аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа аҳәаақәа ирҭагӡаны араион алитератор ҿарацәа рсеминари апоезиатә хәылԥази мҩаԥаагоит», – ҳәа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу.
Мшаԥымза 14 рзы Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 14 рзы Ареспублика Аԥсны ашәахтә Маҵзура аԥҵара 30 шықәса ахыҵуеит.
Мшаԥымза 14, 1994 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григории-иԥа Арӡынба инапы аҵаиҩит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ақәҵара «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аус аруразы аиҿкаатә «Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рҳәынҭқарратә маҵзура азы». Ари арыцхә Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура анапҵахаз мшуп. Анаҩс, ԥхынҷкәынмза 2002 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала ари амаҵзура Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аҳасабала ишьақәыргылахеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра шьақәгылоуп аппарат Хадеи, Гагра, Гәдоуҭа, Аҟәа, Гәылрыҧшь, Очамчыра, Гал араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы иаԥҵоу ашәахтә инспекциақәа рыла.
Аппарат Хада аилазаара иалоуп анаҩстәи аусбарҭақәа: азинтә хаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; хазхаҭалатиә ахаҿрақәа ршәахтәқәҵаразы аусбарҭа; аоперативтә усбарҭа; анализи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; азинқәҵаразы аусбарҭа; акадрқәеи аусеилыргареи рзы аусбарҭа; афинансқәеи аԥхьаӡаратәреи алкаақәҵеи рзы аусбарҭа; аинформатизациазы аусбарҭа.
Раԥхьаӡа иргыланы, хықәкынагӡарак аҳасабала Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аҿаԥхьа иқәгылоуп атәыла аекономика иаҵанакуа асубиектқәа зегьы рыбжьара ашәахтә закәанԥҵара аусура ахылаԥшра аҭара, иԥҵәоу ашәахтқәеи, егьырҭ аизгақәеи рыгжьра амҭакәа, ианаамҭоу аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ралагаларазы.
Аппарат Хада аусбарҭақәа рпрактикатә усура ҵаҵҕәыс иамоуп ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра ауснагӡара хра злоу ахырхарҭақәа рыла, «Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтә маҵзуразы» захьӡу Азакәани, аминистрра аусбарҭақәа рықәҵарақәеи рыла.
Уажәтәи аамҭазы ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра асистема аҿы аус руеит 200-ҩык инареиҳаны аусзуҩцәа. 53-ҩык аусзуҩцәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа роуп, урҭ рахьынтә 9-ҩык иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп.
Мшаԥымза 15, 1994 шықәса рзы ирыдыркылеит «Аҳәынҭқарратә шәахтә Маҵзура азы» азакәан, цәыббрамза 8, 1994 шықәса рзы – «Ашәахтә Маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан рыдыркылеит. Уи Ареспублика Аԥсны аҿы ашәахтә система ашьақәгылара апринципқәа ҳәаақәнаҵоит, ареспублика абиуџьеттә система ахь иалагалахо ашәахтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи рыхкқәа шьақәнаргылоит. Азакәан иара убас ашәахәтәқәа, аизгақәа, абаџьқәеи егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәеи зшәо ахаҿқәеи ашәахтә агентқәеи рҭакԥхықәрақәа, рзинқәа шьақәнаргылоит.
Мшаԥымза 1994 шықәсазы ашәахтқәеи аизгақәеи рзы Аҳәынҭқарратә маҵзура раԥхьатәи анапхгаҩыс дҟалеит Беслан Константин-иԥа Кәыбраа.
1998 шықәса инаркны 1999 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Григори Ражьден-иԥа Еныкь.
1999 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дыҟан Константин Константин-иҧа Озган.
2002-2005 шықәсқәа рзы ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан А.Н. Лышәба.
2005-2010 шықәсқәа рзы ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Вахтанг Ахра-иҧа Ԥиԥиа.
2010 шықәса инаркны 2016 шықәсанӡа ашәахтқәеи аизгақәеи рминистрс аус иуан Рауф Аслан-иԥа Цымцба.
Жьҭаарамза 2016 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра напхгара аиҭон Даур Лионти-иԥа Кәырмазиа.
Лаҵарамза 2021 шықәса инаркны аминистрра напхагара изиуеит Нанба Џьансыхә Едуард-иԥа.
2022 шықәса инаркны Аминистрра дахагылоуп Габелиа Михаил Валери-иԥа.
Аминистрра ашьақәгылара аамҭа азы еиԥш уажәгьы аусура ихадоу аспектқәа иреиуоуп ашәахтәшәаҩцәеи ашәахтә усбарҭеи реизыҟазаашьақәа ииашаны ашьақәыргылара.
Аԥсны ашәахтә усбарҭақәа ҳаамҭа иақәшәо аинформациатә технологиақәа рхархәарала аусура еиҿнакаауеит.
Убас Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусура иҿыцу аинформациатә технологиақәа ралагалара иазкны раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟаҵан 2011-2012 шш. рзы. Актәи аетап аҿы анорма-зинтә база аԥҵан, иаахәан ихымԥадатәиу амаругақәа, раԥхьатәи апрограмматә аалыҵ ҭыжьын. Иарбоу аԥшьгара хықәкыс иаман ашәахтәшәаҩцәеи абиуџьети рыбжьара аицхшәаарақәа рзы аоперативтә база ашьақәыргылара.
Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихаҭыԥуаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә биуџьет ахь ааимҭақәеи абиуџьеттә ҭакԥхықәарақәа рынагӡареи иазкын иахьа, аԥшьаша, мшаԥымза 11 рзы Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала имҩаԥысыз аусуратә еилатәара.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, абиуџьет азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Аԥыза-министр абиуџьеттә процесс аиҿкаараҿы азакәанԥҵаратә усбарҭақәа еиҳа еффективла аус рыцура шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс 197 пачка рҟынӡа асигареҭ лыдырбалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы атранспорттә хархәагақәа ргәаҭара аан Краснодартәи аҳазалхра аусзуҩцәеи аҳәаахьчаҩцәеи Аԥснынтәи иааз автомашьына BMW 325 ааныркылеит. Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә комплекс ала амашьына агәаҭараан иаарԥшхеит автомашьына азы иҟазшьарбагамыз азонақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
«Автомашьына анаҩстәи агәаҭараан еиуеиԥшым ҭыԥқәак рҿы аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит,– ҳәа адырра ҟаиҵеит Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Асигареҭ зҭаз аблокқәа ахатәы маҭәақәа рыбжьара амашьына аидараҭыԥ иҭан, иара убас амашьына асалон аҿы амҩатә сумкақәа рҿы. Асигареҭқәа рыхәҭак амашьына аҩныҵҟа иҭаҟаҵаз амаӡаҭыԥ аҿы иҵәахын».
Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны ааха зауз аҭаацәа рҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба мшаԥымза 5 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз абылра аҿы ааха зауз ԥшьҩык ауаа ргәабзиара аҭагылазаашьа азы есыҽны адырра иоуеит.
Мшаԥымза 9 рзы аҳақьымцәа реилацәажәара ашьҭахь, уажәраанӡа Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа № 3 абылрахәышәтәратә ҟәша аҿы ишьҭаз абылра аҿы ааха зауз аҭаацәа раб Краснодартәи Аклиникатә хәышәтәырҭа №1 Абылрахәышәтәратә Центр ахь дыиаргеит.
Краснодартәи атәылаҿацә акомбустиолог хада, апрофильтә Центр анапхгаҩы Сергеи Богданов ашьыжь, мшаԥымза 11 рзы Аԥсны агәабзиарахьчаа аминистр Едуард Быҭәба апациентцәа – ҩы-шықәсеи хы-шықәсеи зхыҵуа ҩыџьа ахәыҷқәеи урҭ рани раби рҭагылазаашьа азы адырра ииҭеит. Урҭ рҭагылазаашьа макьаназы акыр иуадаҩуп.
Гагратәи «Иҷыдоу автонхамҩа» аусзуҩцәа Алаҳаӡы ақыҭан иҟалаз амцакра аанкылара иазку аусурақәа нарыгӡоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу амца зкыз агәамсамеизакырҭа 70% рҟынӡа инаӡо амҽхак аҿы абылра аанкылара алыршоуп. Абри азы адырра Аԥсныпресс ахь иҟаиҵеит Гагратәи «Иҷыдоу автонхамҩа» ахада Ҭемыр Бигәаа.
«Агәамсамеизакырҭа аҵакыра зегьы аҟынтәи 60-70 % арцәара алыршоуп, аха агәамсамеизакырҭа макьана алҩа ахылҵуеит. Ус абжьааԥны иҟалоит амца зку аҭыԥқәа адгьыл ақәыԥсараан», – ҳәа иҳәеит Ҭеиыр Бигәаа.
Аԥсни Урыстәылеи аӡбаратә експертиза амҩаԥгара аганахьала аусеицура рыбжьарҵоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡбаратә експертиза аусхкы аганахьала аусеицура арӷәӷәара иазкын мшаԥымза 9 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Аԥсны аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Руслан Лагәлааи Урыстәыла аиустициа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Евгени Зубарчукови Урыстәылатәи Афедерациа аиустициа Аминистрра аӡбара-експерттә усура аганахьала аҳәынҭқарратә политика анагӡаразы Адепартамент адиректор Владимир Лукианови уи ихаҭыԥуаҩ Екатерина Козыревеи реиԥылара.
Аиԥылара аҿы аганқәа аусеицуразы еиқәшаҳаҭхеит.
Аԥснытәи аԥсылманцәа Аурычра амыз ахыркәшара азгәарҭеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Адунеи аҿы иқәынхо аԥсылманцәа зегьы рзы Иԥшьоу амыз иалагӡаны ҽынла изҵаз ачгара ахыркәшара ашьҭахь иааиуа амш Ураза-баирам (Ид аль-Фитр) ҳәа изышьҭоу ныҳәамшны иԥхьаӡоуп. Аԥсуаа ари аныҳәамш Аурычра-ныҳәа ҳәа иашьҭоуп. Аҟәеи Гәдоуҭеи аус зуа аџьамаақәа рыҟны аныҳәа ахьӡала Иаҳхылаԥшхәу иганахьала имҵахырхәеит, Аҟәырҟан иаԥхьеит, аныҳәатә чысла аишәақәа дырхиеит, ахыҷқәа рзы агәырҿыхгатә программа еиҿкаахеит.
Аԥсны амыфҭы атәыла иқәынхо аԥсылманцәа рахь адныҳәаларатә ааԥхьара ҟаиҵеит:
«Ҳаҭыр зқәу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы! Шәахьымҩахыҵуазаалакгьы Ҳазшаз илԥха, игәыԥха шәыцзааит!
Аԥсны аԥсылманцәа Иаку адоуҳатә Усбаҭа ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала шәара, шәҭаацәа, ишәзааигәоу ауаа зегьы ари аныҳәа ду, иԥшьоу Аурычра-ныҳәа («Ураза-Байрам») шәыдысныҳәалоит! Аллаҳ сиҳәоит ҳара инаҳагӡаз ачгара, аматанеирақәа, хра злоу аусқәа, иааҳарԥшыз агәыҳалалреи ахачҳареиа идикыларц, ҳагәнаҳақәа ҳхихырц.
Енвер Нанба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Енвер Нанба «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп.
Уи азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.