pressadmin-2
Аԥсны аусура иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) аҳәса-афермерцәа адгылара рыҭара иазку апроект ҿыц.
Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра ақалақь аҿы, жьҭаарамза 9 рзы аусура иалагеит «Аԥсны аҳәса-афермерцәа рекономикатә ҭышәынтәалара адгылара аҭара» ҳәа хыс измоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәи ақыҭанхамҩатәи аиҿкаара (ФАО) апроект ҿыц.
Апроект ақыҭанхамҩа знапы алаку аҳәса адгылареи ацхыраареи рыҭара иазырхоуп. Уи ихадоу ахырхарҭақәа ҩба амҽханакуеит: ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьреи ашәырқәеи ауҭраҭыхи аус рыдулареи. Атехникатә цхыраара аҭара анаҩс апроект иалагалоуп ақыҭанхамҩатә компонент. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны афермерцәа анхамҩа амҩаԥгаразы ҳаамҭа иақәшәо апрактикақәа рзы хра злоу адыррақәа раиуразы алшара рзаԥҵахоит.
Амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы амедицинатә цхыраара рырҭоит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал араион Аҟармара аҳабла азааигәара амҩа-транспорттә машәыр иақәшәаз фҩык атуристцәа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы ихымԥадатәиу амедицинатә цхыраара рырҭоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра.
Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атуристка Ҭҟәарчал араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыртә хҭыс аҿы дҭахеит.
Аконфискациа зызуз Аԥснытәи амашьынақәа хәба Иҷыдоу арратә Операциа аҭаххрақәа рынагӡаразы идәықәҵахеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә закәанԥҵара аилагара афактқәа рыла иаанкылаз Ареспублика Аԥсны аҟынтәи автомашьынақәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра ахь ииагоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы актәи аԥхьарала азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, жьҭаарамза 9 рзы аҳәынҭқарра-зинтә политиказы апарламенттә Еилакы аҿы азакәан апроектқәа ԥшьба ирыхәаԥшит. Аилатәара мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, Аилак алахәылацәа Апарламент ахь иааиуа асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы азакәан апроектқәа ԥшьба рыдкыларазы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Карелин, Журовеи Бибилови апартиа «Аԥсны Акзаара» VII Аизараду аусура ахәшьара ҳаракы арҭеит.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә партиа «Аԥсны Акзаара» VII Аизараду аусура зхы алазырхәыз апартиақәа «Урыстәыла Акзаара», «Уаԥстәыла Акзаара» ахаҭарнакцәа ажурналистцәа ирыҿцәажәо рҭаареи апартиатә форум аусуреи рзы ргәаанагара рҳәеит.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, «Урыстәыла Акзаара» алахәыла Светлана Журова Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа ахаҭарнакра назыгӡо апартиақәа русеицура иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит. Лара иара убас ареспублика аҿы имҩаԥысуа хра злоу аиҭакрақәа азгәалҭеит, иара убас апартиа «Аԥсны Акзаара» аҵарадырреи аҿартә политикеи ахшыҩзышьҭра ду ахьанаҭо ахәшьара ҳарак алҭеит.
Бадра Гынба: Ҳара шәышықәсақәа иргәылганы иааҳгоит ҳаилибакаара, ҳкультурабжьаратә еимадарақәа. Ари Афорум иаанарԥшит ҳадгьыл еснагь гәаартыла асасцәа шаднакыло, акультурабжьаратәи аконфессиабжьаратәи еимадара арҿиара ишацхраауа.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада актәи аԥсуа-дыга форум «Урыстәылеи Аԥсни риашьаратә жәларқәа рԥеиԥш ахьӡала аҭынха: Ислам, аҭоурыхтәи ҳаамҭазтәи аԥышәарақәа рконтекст ала акзаареи ашьҭреимдареи" алахәцәа идикылеит.
Афорум мҩаԥысуеит Аԥсны жьҭаарамза 8 инаркны 11-нӡа.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, аҩныҵҟатәи аполитика аусбарҭа аиҳабы Инал Хышба.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахеилак арезолюциаҿы ахархәара змоу атерминологиа – «ампыҵахалара», «закәаншьаҭадатәи арратә хылаԥшра» — зынӡаскгьы аҵабырг иадҳәалаӡам.
Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. «Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа “Қырҭтәыла аус ацура” адкылареи, уи ашьҭахь Британиа Ду ахаҭарнакцәа иҟарҵаз аҳәамҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыхьӡ аицакра аполитикатә спектакль иахәҭаку». Убас иаҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Ахеилак арезолиуциа адкылара иазкны иҟаиҵаз ахҳәаа.
2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩразы аахәаратә хәыԥсақәа шьақәыргылоуп.
Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩра аизгареи аахәаратә хәыԥсақәа рышьақәыргылареи рзы ақәҵара рыдыркылеит.
Ишьақәыргылоуп 2025 шықәсазы ацитрусттә шәырқәа рҽаҩразы абарҭ еиҵаӡоу аахәаратә хәыԥсақәа:
– 45 мааҭ 1 кьылак амандаринеи апаҭырқали рзы;
Хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа аԥснытәи атәанчаҩцәа ртәанчахәқәа рышәагаақәа рышьҭыхразы азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит апрофильтә парламенттә Еилакы аҿы.
Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы Акомитет аилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара иалахәыз иалацәажәеит:
- «Ареспублика Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа ашьақәыргыларазы» ақәҵара апроект;
- Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 2026 шықәсазы абиуџьеттә харџьынҵа апроект;
- «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект»;
- «Ареспублика Аԥсны аперсоналтә тәанчахәқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 7 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект;
- Ареспублика Аԥсны хазы игоу акатегориақәа ирыҵанакуа атәанчаҩцәа ртәанчахәы ашәагаақәа рышьҭыхразы» Ареспублика Аԥсны Азакәан ахәҭаҷ 1 аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект.
- «Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект Аԥсны иҟоу аҳаирбаӷәаза аоператор ила жәларбжьаратәи аҳаиртә ыиагарақәа рымҩаԥгараан аҳәаанырцәтәи аҳаиртә еилазаарақәа рзы инагӡахо амаҵзурақәа рзы Иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтә анольтә қәҵа азакәанԥҵаратә шьақәыргыларазы идәықәҵоуп.








