pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа рзы ацхыраагӡатә шәарақәа рышәагаақәа ҩынтә ашьҭыхразы ақәҵара рыдыркылеит.  

Ахәыҷы рацәа змоу аҭаацәа (хҩык инареиҳаны ахәхыҷқәа змоу аҭаацәа) асоциалтә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны аминистрцәа Реилазаара  ажьырныҳәамза 1, 2026 шықәса инаркны хәыҷыцыԥхьаӡа изы есымзатәи аҳәынҭқарратә цхыраагӡатә шәарақәа рышәагаа абас ала ишьақәгылоит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҳазалхра-тарифтәи адәныҟаекономикатә усура ашәахтә ҳәаақәҵареи рганахьала анорма-зинтә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи аланагалеит.

Аиҭакрақәа алагалахоит Ареспублика аҳазалхратә ҵакырахь аиагараан ашәахтәқәҵара иақәиҭу, атауарқәа рҭыжьразы ихымԥадатәиу, Аԥсны иҭырмыжьуа атехнологиатә еиқәыршәагақәа рсиа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҭҵаарадырра-техникатә программа «Аиадертә медицина аметодқәа рышьаҭала зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку амедицинатә цхыраара Ацентр  аконцепциа аԥҵара» шьақәнарӷәӷәеит.

Апрограмма ахықәкы хаданы иҟоуп — асоциалтә ҵакы змоу ачымазарақәа: акьыбачымазара, ашьада чымазара, анеуроеиҭакратәи аендокринтәи чымазарақәа заанаҵ раарԥшра иазырхоу ацентр аконцепциа аԥҵароуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра             Ахада Ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара «Знамя России» ахада Џьахангир Мамедови реиԥылара.

Аганқәа Аԥснытәи ахәҷқәа урыстәылатәи апроектқәа рылахәхара аҳәаақәа рырҭбаара иалацәажәеит, иара убас аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара азы аусеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа асенатор,  хыттәи Аолимпиатә чемпион Алеқсандр Карелини Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Светлана Журовеи идикылеит. Урҭ Аҟәаҟа иааит ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала рхы аладырхәырц. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Светлана Журовеи Алеқсандр Карелини аполитикатә партиа «Аԥсны акзаара» Аизараду ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала Аҟәаҟа иааит. Светлана Журовеи Алеқсандр Карелини аҳҭнықалақь аԥшаҳәа иаҭааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр актириса Ирина Делба Челиабинск имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи афестиваль «Камерата» аноминациа «Актәи аплан иреиӷьу аԥҳәыс лроль» аҿы аиааира лгеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аурыс драматә театр.

Зхыԥша дуу аӡбаҩцәа реилазаара актириса аџьшьара лынаҭеит  Антон Корнилов иқәиргылаз  А. Палыга испектакль «В лучах» аҿы Марииа Киури лроль анагӡаразы.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. IX Жәларбжьаратәи арт-пленер «Аԥсны ҭагалантәи аԥшшәхәқәа» аатуеит ААУ аҿы жьҭаарамза 13 рзы, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауниверситет ателеграм-канал.

Арт-пленер рхы аладырхәуеит аҵараиурҭақәа рырҵаҩцәа, иара убас Аԥсны, Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Пермь, Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи еицырдыруа асахьаҭыхыҩцәа.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Авидеопроект «Ажәа-еинраалақәеи алакәқәеи» аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара абнатә фонд адгьылқәа егьырҭ акатегориақәа рахь аиагараан абнанхамҩатә усура ацәыӡқәа рышьақәыргыларазы ақәҵара аиҭакрақәа аланагалеит. Ақәҵара 2012 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аԥҟарақәа арҿыцуеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.