Лиосик Аиба, Аинститут аусура аринахысгьы аҵиаақәеи аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рыла иҳамоу агенитикатә ресурсқәа реиқәырхара, шықәсык ицо реиԥш, акыршықәсатәи аҵиаақәеи реиҭаҳареи рааӡареи, Аԥсны аекспорттә позициақәа зырӷәӷәо аусдуларатә усхкы аҿиара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ҷыдала дырзааҭгылеит.
Иара аԥыза-министр Аҟәатәи абаҳчааӡаратә ақыҭанхамҩатә Станциа 130-шықәса ахыҵреи Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩа Аинститут 30-шықәса ахыҵреи иазкны имҩаԥысраны иҟоу жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа азы адырра ииҭеит.
Жәларбжьаратәи аконференциа «Асубтропикатә аҵиааӡара аҿиара иҭышәынтәалоу анаукатә еиқәыршәара» ( «Научное обеспечение устойчивого развития субтропического растениеводства») имҩаԥыслоит абҵарамза 14-15 рзы. Аконференциа ахь ааԥхьара рыҭоуп Урыстәылатәи анаукақәа Ракадемиа анапхгараҭара, иара убас Урыстәыла инагоу анаукатә центрқәеи аинституқәеи рхаҭарнакцәа.
Алеқсандр Анқәаб иарбоу аусмҩаԥгатә амҩаԥгара акыр шаҵанакуа азгәеиҭеит.
Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит апленартә еилатәара. Уаҟа ажәәхәқәа ҟаҵо иқәгылараны иҟоуп Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа ақыҭанхамҩа Аинститут, Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә абаҳчааӡара, аӡахәааӡара, аҩыҟаҵара анаукатә центр, Афедералтә ҭҵаарадырратә Центр «УАР Асубтропикатә наукатә центр» («Субтропический научный центр РАН»), Донтәи аҳәынҭқарратә техникатә унверситет, Н. И. Вавилов ихьӡ зху аҵиаатә генетикатә ресурсқәа рзы Урыстәылазегьтәи Аинститут, уҳәа ахаҭарнацәа.