Аҟәа. Абҵарамза 11,2020 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Никарагуа Ареспублика Ахада Даниель Ортега Сааведра иира Амш идиныҳәалеит
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны иҳәоуп:
«Аԥсны жәлар рыхьӡала, хаҭала сара сҟынтә гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәира Амш.
Шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу аполитик, амилаҭтә интересқәа рыхьчареи жәларбжьаратәи аренаҟны Никарагуа апозициа арӷәӷәареи рус аҟны Шәыԥсадгьыл аҟнеиԥш уи анҭыҵгьы зылшамҭақәа рыхә ҳаракны иршьо, хамеигӡарак злам аҳәынҭқарратә усузуҩы иаҳасабала.
Ахә ашьара уадаҩуп ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә усеицуреи аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рырҿиараҟны хаҭала Шәара шәлагаламҭа. Агәра згоит ҳаидгыларатә еизыҟазаашьақәа ирыбзоураны аԥхьаҟагьы аԥсны-никарагуатәи аимадарақәа реихаҳара шалҳаршо.
Даниель Ортега Сааведра Шәаҳаракыра, аҭагылазаашьа схы иархәаны, ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа аԥхьаҟагьы аҳәынҭқарратә усураҟны».