2016 шықәса инаркны 2019 шықәсанӡа иҭагӡоу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан 950 амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс, уаҟа иҭахеит – 320-ҩык, еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәа-чахәарақәеи роуит - 1 441-ҩык.
Беслан Ҷкадуа иажәақәа рыла, акыр иазҳаит иаарԥшыз амҩақәа рҿы иҟалаз азинеилагарақәа рхыԥхьаӡара.
Убри аамҭазы иара иазгәеиҭеит ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалоу атранспорттә хархәагақәа рхыԥхьаӡара шазҳаз. «2020 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 51 909 автотранспорттә хархәагақәа.
Жьҭаарамза 1, 2024 шықәса инаркны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалоу автотранспорттә хархәагақәа рхыԥхьаӡара 76 515 цыра рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҷкадуа.