pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иқәҵарала Аԥсны ауаажәларра-политикатә усзуҩ, 1992-1993 шш. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Жәлар Реизара-Апарламент IV, V ааԥхьарақәа рдепутат, VI ааԥхьаразы Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Сангәылиа Михаил Пиотр-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы  Аҳәынҭқарратә  комиссиа аԥҵоуп. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба иқәҵарала Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Голанӡиа Вахтанги Владимир-иԥа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп.   

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба напхгара зиҭо акомиссиа аилазаараҿы иҟоуп:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсмен Нарҭ Конџьариа Ашықәс Ҿыц иазкны имҩаԥысыз аӡиудо азы Шәача ақалақь атурнир «Детская лига» IV аетап аҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы имҩаԥгаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусзуҩцәа ирыԥшааит амхрагьы мҩаԥыргеит акриптовалиута арҳара иазку амаининг-аппаратқәа ааба. Аиқәыршәагақәа шьақәыргылан Агәыӡера аҳабла, Курчатов имҩала игылоу аҩны № 184 аҿы. Аппаратқәа рыԥшәма - Федонников Виктор Михаил-иԥа иоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, ԥхынҷкәынмза 20, асааҭ  18:00 рзы Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Рафеҭ-иԥа Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Шьониа хантәаҩра ззиуаз Лиа Адлеибеи Генри Гамсаниеи злахәыз Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩцәа рколлегиа  иарку аӡбаратә еилатәара аҿы Ареспублика Аԥсны апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа  Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инаишьҭыз ажәалагала иахәаԥшит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба «Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аҿы Ауаажәларратә Хеилак аилазаара ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20,  2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  20,  2024 шықәса рзы атәыла апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь ажәалагала ишьҭит.

 

 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара Аминистрра аҿы аҳҭнықалақь аҿы лаҵарамза инаркны рашәарамза аҟынӡа имҩаԥысуаз ХVII Ареспубликатә ашколхәыҷқәа рыспартакиада аҿы аиааира агаразы ахраҿақәа ранашьара ацеремониа мҩаԥысит.

Аԥшьаша, 19 Ԥхынҷкәын 2024 17:19

Иԥсҭазаара далҵит Владимир Дорохов.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 71-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит анапылампыласҩы, аолимпиатә чемпион, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә згахьаз, адунеи ҩынттәи ачемпион, Европа ԥшьынттәи ачемпион, адунеи Ахраҿа ҩынтә изгахьаз, Асовет Еидгыла Зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, Аҟәа ақалақь аҿы ииз Владимир Виачеслав-иԥа  Дорохов.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.