Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 71-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит анапылампыласҩы, аолимпиатә чемпион, Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә аԥхьахә згахьаз, адунеи ҩынттәи ачемпион, Европа ԥшьынттәи ачемпион, адунеи Ахраҿа ҩынтә изгахьаз, Асовет Еидгыла Зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, Аҟәа ақалақь аҿы ииз Владимир Виачеслав-иԥа Дорохов.
Владимир Дорохов диит жәабранмза 18, 1954 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Иара иҭаацәа Аҟәатәи афизика-техникатә Институт аҿы аус руан. Иара анапылампыл ала иҽазыҟаиҵо далагеит 13 шықәса анихыҵуаз Асовет Еидгыла Зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Роберт Дилениан иҿы. 2022 шықәсазы иара Аԥсны имҩаԥысуаз ахацәа ркомандақәа рыбжьара анапылампыл азы атурнир даҭааит.