Бадра Гәынба Апрокуратура Хадеи амчратә хылаԥшырҭақәа зегьи акоординациа зызу ауснагӡатәқәеи аусеилыргара иахәҭоу аҩаӡараҿы амҩаԥгара азы азакәан иарбоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы рымҩаԥгареи шхымԥадатәиу азгәеиҭеит. Уи иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусеилыргара шцо азы адыррақәа Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа рҟынӡа иааиԥмырҟьаӡакәа анагара, агәабзиарахьчара Аминистрра – адепутат Кан Кәарҷиа игәабзиара аҭагылазаашьа азы адыррақәа рыҭара азы адҵақәа ҟаиҵеит.
Апарламент аҿы иҟалаз амашәыр ӷәӷәа зхылҿиааз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Апарламент аҿы иҟалаз амашәыр ӷәӷәа зхылҿиааз ахҭыс инамаданы Ашәарҭадара Ахеилак изаамҭанытәиим аилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара аламҭалазы Бадра Гәынба ахәрақәа зауз ахьнаргаз Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахь днеит.
Аиԥылара аартуа, Бадра Гәынба иҳәеит: «Ишышәдыруа еиԥш, иахьа Апарламент аҿы атрагедиа ҟалеит. Иоуз амцабџьартә ахәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит адепутат Вахтанги Голанӡиа. Иҭахаз иуацәеи иҭынхацәеи гәалсра дула срыдышшылоит. Ибжьаратәу ахәрақәа иоуит адепутат Кан Кәарҷиа».
Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит адепутат Вахтанги Голанӡиа.
Апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар Ашәрҭадара Ахеилак алахәылацәа адырра рырҭеит имҩаԥысуа аоператив-усеилыргаратә уснагӡатәқәа рзы.
Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба адепутат Кан Кәарҷиа игәабзиара аҭагылазаашьа азы адырра ҟаиҵеит.