Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса рзы атәыла апрокурор хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа Ареспублика Аԥсны ашьаусеиҿкаартә закәанԥҵара инақәыршәаны, адепутат Адгәыр Ҳаразиа иҟаиҵаз иумҭа Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 2 апункт «е», ахәҭаҷ 29 ахәҭа 2 рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа — гәҭакрала азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьреи азеиԥшшәарҭаратә уаҩшьра аҽазышәареи ирыҵанакуеит ҳәа алкаа аиуразы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь ажәалагала ишьҭит.