АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Цәыббра.2025

Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аԥсны даҭааит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа аҽрылархәразы.

Авизит аҳәаа иҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхьаҟа иазгәаҭоу жәларбжьаратәи апроект «Аԥснытәи аҳәаа» ашҭа иахәаԥшны ирбеит.

 Урҭ Аҟәа жәларбжьаратәи аспорттә проект ахацыркразы аҽазыҟаҵарақәа ахьымҩаԥысуа аихамҩатә станциа Кьалашәыр иаҭааит.

Ари апроект нанҳәамзазы Сергеи Кириенко ивизит аан акадртә еицлабра «Аԥсны акоманда» афиналист Габуниа Гьаргь Аԥсны Ахада иҟны апрезентациа азиуит.

Ҳазҭагылоу аамҭазы Аӡҩыбжьа ақыҭаҟны иԥсабаратәу, иԥсабаратәым аелементқәа рыла ишьақәгылоу аԥынгылақәа ркомплекс аԥҵара мҩаԥысуеит.

«Аԥснытәи аҳәаа» аспорттә еицлабрақәеи акультуратә программеи еидызкыло иуникалтәу форматуп. Уи шьақәыргылахоит аԥышәеимдарақәа, аконцертқәа, аетнопрограмма рыла. 

Апроект иадԥхьалахоит Урыстәылеи ааигәатәи аҳәаанырцәи рыҟнытә аспортсменцәа, иара убас уи аҩныҵҟатәи атуризм арҿиара иазкуп. Аусмҩаԥгатәқәа рхацыркра азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы.

Ахәылбыҽха Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәа иаҭааит. Урҭ иҿыцуа архитектуратәи хәылԥазтәи арлашагеи иахәаԥшны ахәшьара арҭеит, иара убас аҳҭнықалақь анаиааирҭатә ҭыԥ хада комплексла аиҿкаара иазку аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

Аԥшаҳәа арҿиареи арҿыцреи атуристцәа радԥхьалара азырҳареи ҳаамҭазтәи ауаажәларратә ҭыԥқәа раԥҵареи ирзынархоу, Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи рзы игәыҟаҵагоу ақалақьтә ҭагылазаашьа аԥҵара иазку аусура ду иахәҭакны иҟоуп.

 


Read 52 times - Аҩаша, 30 Цәыббра 2025 21:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.