АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Жьҭаара.2025

Олег Барцыци Сергеи Лаврови Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзтәи Аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 1, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылараан, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара 2026-2027 шықәсқәа рзтәи Аконсультациақәа рыплан рнапы аҵарҩит.

Аконсультациақәа рыпланабарҭ атемақәа аҵанакуеит: аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу актуалтә зҵаарақәа, аҩганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә шьаҭа аҿиара; Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рдәныҟаполитикатә усураз аинформациатә мҩангара; еицырзеиԥшу аҭҵаарадырратәи апрактикатәи семинарқәа, аконференциақәа, астол гьежьқәа реиҿкаара; акультуратәи аспорттәи усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы ацхыраара.

 


Read 97 times - Ахәаша, 03 Жьҭаара 2025 15:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.