Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә Палата алахәылацәа Ареспублика Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы иҟалаз атрагедиатә хҭыс ӷәӷәала иаргачамкит.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы, апарламенттә Еилакы аилатәара аан ахәра иоуит адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Леон» иорден акавалер, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Кан Кәарҷиа ахәрақәа иоуит, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Вахтанги Голанӡиа дҭахеит.
«Иҭахаз иуацәеи иҭынхацәеи ҳрыдышшылоит. Ари атрагедиа аҭаацәа рзы мацара акәӡам, ҳауаажәларра зегьы рзы рыцҳара дууп.
Иҟалаз ацәгьоура Аԥсны аҳәынҭқарратә шьақәгылара, ареспублика арепутациеи уи аинститутқәеи ӷәӷәала иаԥырхагахеит. Убри инамаданы, азинтә ҳәаақәа рыҽҭагӡара акырӡа аанагоит ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Аконфликат аескалациа аҟынӡа анамгара, ачҳара аарԥшра, азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан иазԥхьагәанаҭо ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы алшара рыҭара акырӡа аанагоит», – ҳәа иазгәаҭоуп Ауаажәларратә Палата аҳәамҭа аҿы.