Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ԥхынгәымза 5, 2024 шықәса рзы «Абылтәы џьармыкьа ахәԥсақәа рҭышәынтәаларазы аамҭалатәи аԥҟарақәа ралагалара азы» Ақәҵара №76 аиҭакрақәа аланагалеит.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара абылтәы џьармыкьа ахәԥсақәа рҭышәынтәаларазы иаланагалаз аамҭалатәи ауснагӡатәқәа ԥхынҷкәынмза 31, 2024 шықәса аҟынтәи нанҳәамза 31, 2025 шықәсанӡа ирыцҵахоит.
Ақәҵара иалагалаз аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп абылтәы анырҭиуа изеиҳамхаша ахәԥсақәа. Убас, ԥхынгәымза, 2024 шықәса инаркны абензин «Регуляр-92» Аԥсны иахьаҵанакуа аҭираан уи тоннак азы ахәԥса абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа ыҟазаауеит:
8% – анефтаалыҵқәа аизакылаҭираан;
4% – Аԥсныҟа анефтаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин змоу аилахәыра «Роснефти» уи иаҿыгоу анаплакқәеи абылтәы аагара азы аиқәшаҳаҭрақәа (аилаӡарақәа) зыбжьазҵаз анаплакқәа рыла аизакылаҭира ду амҩаԥгара аан;
10% — Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
14% – Аԥсны аҩныҵҟа анефҭаалыҵ аимпортиорцәа рҟны аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
18% – Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
Адизельтә былтәы аҭираан:
4% - анефтаалыҵқәа аизакылаҭира амҩаԥгараан, анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рыла анефҭаалыҵқәа аизакылаҭира ду аҳасабала рыҭирагьы уахь иналаҵаны;
6% - Аԥсны аҩныҵҟа иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
10% - Аԥсны анҭыҵ иаахәаз анефҭаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан;
6% - Аԥсны аҩныҵҟа анефтаалыҵқәа римпортиорцәа рҿы аизакылаҭира ду аҳасабала иаахәаз анефтаалыҵқәа рыла азаҵәылаҭира амҩаԥгараан.
Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара азинмчы амоуп 2024 шықәса ԥхынгәымза 1 аҟынӡа.
аоктантә хыԥхьаӡара змоу абылтәы 95 ма уи инеиҳаны ианырҭиуа уи ахәԥса абарҭ анаӡаратә хәаахәҭратә цҵақәа ыҟазаауеит:
4% рыла еиҳамкәа анефтаалыҵқәа римпортиорцәа ирацәаны еидкыланы ианырҭиуа;
Ирацәаны «анефтаалыҵқәа еизакны аҭира», мамзаргьы «мҽхакы ҭбаала аизакылаҭира» ҳәа иԥхьаӡоуп анефтаалыҵқәа римпортиор ила знык ала Аԥсны анефтаалыҵқәа рыҭира мҩаԥызго анаплакы азы иаарго 120 тонна иҟоу, ма еиҳау абылтәы амҽхак.
Убри аан аоктантә хыԥхьаӡара 95 змоуи уи еиҳаны измоуи абылтәы, иара убас абазатә екологиатә, мамзаргьы ахархәаратә ҟазшьарбагақәа иаҿырԥшны зхаҭабзиара еиҳа иҳараку афирматә мотортә былтәы аганахьала, аизакылаҭира (мҽхакыҭбаала аизакылаҭира ада), иара убас азаҵәылаҭира аан аҭицәа рыла аџьармыкьатә кониуктура иахьыԥшны аџьармыкьатә принципқәа ирықәныҟәаны, амзартә мшы иалагӡаны ахәԥсақәа реиҭамкра алыршазар, иара убас ирҭиуа абылтәы ахкқәа рҿы иарбоу аамҭахәҭа азы ишьақәыргылоу ахәԥсақәа рыла абылтәы ыҟазар, усҟан дара азаҵәылаҭиратә хәыԥсақәа ақәырҵоит.