Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара агәабзиарахьчара Аминистрра ахылаԥшратә хықәкытә программақәа хԥа аиҭакрақәа аланагалеит. Урҭ иреиуоуп:
«Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа уи анҭыҵгьы атәылауаа рыхәышәтәра»;
«Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа реиқәыршәаразы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи еизакны раахәара».
«Ареспублика Аԥсны аҷаҷатә чымазара ахәышәтәырҭақәа рҿы ахарҭәааратә терапиа амҩаԥгара аиҿкаареи уи аҩаӡара ашьҭыхреи»,
Апрограмма «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа уи анҭыҵгьы атәылауаа рыхәышәтәра» азы ишьақәырӷәӷәаз афинансыркра ахышәа-ҵышәа уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аасҭа 38,5 млн. мааҭ рыла иацҵахеит – 150 млн. мааҭ рҟынтәи 188,5 млн. мааҭ рҟынӡа.
Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә медицинатә усбарҭақәа реиқәыршәаразы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәахәқәеи еизакны раахәаразы афинансыркра ахышәа-ҵышәа 5 млн. 849 нызықь мааҭ рыла иацҵахеит, уи 195 млн. 849 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Ареспублика Аԥсны аҷаҷатә чымазара ахәышәтәырҭақәа рҿы ахарҭәааратә терапиа амҩаԥгара аиҿкаареи уи аҩаӡара ашьҭыхреи рзы уаанӡа 50 млн. мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәаз афинансыркра уажәы 630 нызықь мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәахеит.