Ишьақәыргылоуп зымчхара 100 кВА инаӡо атрансформатор ҿыц. Ҳаамҭа иақәшәо 50 афымцацәаҳәатә шьаҟақәа дыргылеит. Ҩ-километрак рҟынӡа инаӡо, зымчхара 0,4 кВ ыҟоу, афымцамҩангага СИП-70 ацны афымцацәаҳәа ҿыцқәа наргеит.
Имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны ақыҭауаа шьҭарнахыс еиԥҟьарада алашара роулоит.






