
pressadmin-2
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҿы иазгәарҭеит аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра аиубилеи.
Аҟәа. Лаҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол 160-шықәса ахыҵра иазкны Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр аҿы аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҵара аминистр Инал Габлиа ашкол арҵаҩратә коллективи аҵаҩцәеи аҵараиурҭа 160-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит, ақәҿиарақәеи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.
Уи ҷыдала иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡараҿы ишыҟоу ареспублика аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа ауажәларратәи аполитикатәи аусзуҩцәа, аҵарауаа, акультура аусзуҩцәа, аҳақьымцәа.
Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи дрыдныҳәаларц арахь дымҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Ари акырӡа зҵазкуа хҭысуп шәара шзеиԥш, ҳреспублика аҵара асистема зегьы азы», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада еизаз иргәалаиршәеит Ашьхарыуаа рышкол 1863 шықәсазы ишаԥҵаз.
«Шәышықәса ҵуеит Ашьхарыуаа рышкол Аԥсны аҵеи хьӡырҳәага Нестор Лакоба ихьӡ ахыижьҭеи. Абрантә иалагеит иналукааша Аԥсны аҵарауаа аӡәырҩы рымҩа», - ҳәа иазгәеиҭеит Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ари ашкол аушьҭымҭацәа рлагамҭа шдуу ҳнаукеи ҳкультуреи рыҿиараҟны. Урҭ активла иалахәын ҳтәыла аполитикатә ԥсҭазаара, Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны иԥхьагылаҩцәан.
«Акрызҵазкуа абри амш аҽны ашкол иазеиӷьасшьар сҭахуп аихьӡара дуқәа, аизҳара иҿыцу ахырхарҭақәа рыла. Сгәы иаанагоит, Ашьхарыуаа рышкол аушьҭымҭацәа аԥхьаҟагьы Аԥсны аҭоурых иацырҵап, еихарҳап ҳәа», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Ашкол 160-шықәса ахыҵра инамаданы авидеодныҳәалара аалышьҭит Урыстәылатәи аҵара Академиа апрезидент Ольга Василиева.
Рышкол гәакьа аиубилеи азы адныҳәалара ҟарҵеит ари ашкол аушьҭымҭацәа, Аурыс драматә театр анапхгаҩы хада Иракли Хьынҭәбеи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениеи.
Ашколхәыҷқәа аиубилеи иаздырхиеит аныҳәатә программа: урҭ ажәеинраалақәа ирыԥхьон, аԥсуа шәақәа нарыгӡон, икәашон.
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҭоурыхи еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф, алитературадырҩы Шьалуа Денис-иԥа Инал-Иԥа игәалашәарақәеи ирызкны адокументалтә фильм дырбан.
Ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иахьа иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 70 шықәса.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аԥсуа шәҟәыҩҩы, апоет, апублицист Даур Занҭариа иԥсы ҭазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Ари аиубилеитә рыцхә иазкуп И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз аконференциа.
Астол гьежь рхы аладырхәит аԥснытәи урыстәылатәи алитература ахаҭарнакцәа, ажурналистцәа, ашәҟәыҩҩы иколлегацәеи иҩызцәеи Владимир Занҭариа, Даур Наҷкьебиа, Ричард Ҷкадуа, Леонид Бахнов, Игорь Сид, Владислав Отрошенко, Анил Џьанвиџьаи, Надежда Венедиктова, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Анатоли Лагәлаа, Арда Инал-Иԥа, Аида Ладариа, Лиана Кәарҷелиа, Баҭал Кобахьиа, Адгәыр Ӡиӡариа.
Аԥсны 1777-ҩык аушьҭымҭацәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы геит.
Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы игеит аҵыхәтәантәи аҵәҵәбжьы. Сынтәа ашкол иалгаз рхыԥхьаӡара 1777-ҩык рҟынӡа инаӡоит, урҭ рахьынтә ԥшьҩык ахьтәы медал ала иалгеит.
Аԥсны раԥхьаӡатәи ашколқәа иреиуоу – Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аҟны иахьа иҟаз зегьы шьыжьырнахыс аныҳәатә гәалаҟазаара рыман. Аушьҭымҭацәа иахьа ҷыдала рҽырхианы, актәи акласс аҵаҩцәа рзы анкьаԥышҭақәеи аҳамҭақәеи ааргеит, урҭх – зышкол гәакьа ааныжьны ицо 11-тәи акласс аҵаҩцәа рзы ашәҭқәа дырхиеит. Сынтәа ажәабатәи ашкол иалгоит 66-ҩык. Урҭ дрыдныҳәалеит ашкол адиректор Аида Кәарҷелиа.
«Шәара иахьа ашкол шәалгоит. Уи сынтәа, атәылауаа нагақәа иакымкәа абиԥарақәа зааӡаз ашкол 160-шықәса ахыҵра иақәшәеит. Шәара шәышьҭахьҟа иааншәыжьуеит шәхәыҷра аԥсҭазааратә мҩа ду ахь шәшьаҿа еихыжәгоит. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынч ԥсҭазаара, агәабзиара, ахирра, ақәҿиарақәа рацәаны», – ҳәа илҳәеит Аида Кәарҷелиа.
Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ашкол аушьҭымҭацәеи урҭ рҭаацәеи дрыдныҳәалеит. Уи арҵаҩцәа 11 шықәса ирылагӡаны рҵаҩцәа адыррақәеи рыҭареи рааӡареи рнапы алакын ҳәа иазгәеиҭеит.
Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы аамҭала инапынҵақәа назыгӡо Лоу Инал-иԥа ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Уи зегьы адырра риҭеит Жәлар Реизара-Апарламент аҿы арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы административтә ҭакԥхықәра еиҳа арӷәӷәара азԥхьагәазҭо ауснагӡатәқәа рзы Азакәанеидкыла аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы азакәан шрыдыркылаз.
«Убас, ахәҭаҷ 119 аиҭакрақәа алагалоуп. Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы акра азы ишьақәыргылоу ахараԥса шьҭарнахыс 30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит. Иара убас аилагара ҟазҵаз ахаҿы 6-мыз аҽҳәара аманы амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭга имххоит», -ҳәа адырра ҟаиҵеит Лоу Инал-иԥа.
Арыжәтә џьбара, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зку аҩнтәраан иаанкылараан 15 мши-ҵхи ирылагӡаны аҭакрала админитративтә хьырхәра дақәыршәахоит, иара убас шықәсык ҳәа амашьына арныҟәцразы аршаҳаҭха имххоит.
Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы Олег Бебиа иҭахара инамаданы адышшылара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу арратә операциа анагӡраҿы Донбасс фырхаҵарыла дҭахеит гәылрыԥшьтәи абокс ашкол ааӡамҭа, Аԥсни Урыстәылеи аспорт азҟаза Бебиа Олег Борис-иԥа.
Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аколлектив Бебиа Олег Борис-иԥа иҭахара инамаданы гәалсра дула иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит. Уи игәалашәара лаша дыздыруаз зегьы наунагӡа ргәаҵаҿы иаанхоит.
Аслан Бжьаниа: 30 шықәса раахыс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысуеит Аминистрацәа Реилазаара аконференц-зал ахыбраҟны. Аилатәара ааиртит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи алипломатиатә маҵзура аусзуцәеи Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аҧҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра арыцхә рыдиныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа, ҳаҭыр зқәу Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аусзуцәа!
Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәа ахыҵра.
Аԥсуа дипломатиатә маҵзура акыр иуадаҩыз, аинтерес зҵаз ашьақәгылареи аҿиара амҩеи ирнысит. Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра аԥҵан аибашьра ашыкьымҭазы, 1993 шықәса лаҵарамза 17рзы.
Амацәаз ҳанҭакыз, аекономикатәи аполитикатәи блокада аныҟаз, Қырҭтәыла аганахь ала ақәыларазы аҽазышәарақәа анцоз, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра имариамыз адәныҟаполитикатә усура мҩаԥнагон.
Есаамҭа Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаԥсаз анапхгаҩцәа аман.
30 шықәса раахыс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра қәҿиарала Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитикатә интересқәа рыхьчаразы анапы иану аусура мҩаԥнагоит. Ҷыдала, ААР аҵак ду змоу алагаламҭа ҟанаҵеит урыстәыла-аԥснытәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны. 2008 шықәсазы ҳтәыла аҭоурых аҟны акрызҵазкуа ахҭыс ҟалеит – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхарҵеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки».
Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, Аминистрра алагаламҭа дууп жәларбжьаратәи аренаҿы Аԥсны адәныҟаполитикатә позициа арӷәӷәара аус аҟны, арегионалтәи, жәларбжьаратәи аконтекст аҿы иара иақәнагоу аҭыԥ алыршараҟны.
Аҵак ду змоу абри амш аҽны Аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә усбарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, аизҳазыӷьара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьӡала адипломатиатә усураҟны аихьӡарақәа!».
Алхас Кәыҵниа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааколлектив атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа аԥҵара 30-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иҳәоуп:
«30 шықәса рыла Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра актуалра злоу адипломатиа ахыдҵақәа назыгӡо зыгәрагоу еиҿкаау амеханизмны аҟалара алшеит. Адәныҟаполитикатә хылаԥшырҭа хадара злоу аусура ашықәсқәа рыла, Аԥсны азы иуадаҩыз аамҭақәа рзы, аԥснытәи адәныҟатәи аполитика ҳастратегиатә ҩыза, ҳпартниор – Урыстәылатәи Афедерациа раԥхьа инаргыланы, Аԥсны ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рыбжьаҵарала имаҷымкәа ақәҿиарақәа аиуит».
Акассациатә инстанциа аӡбарҭа «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа ишшыбӷьыц анагӡарада иааннажьит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 19 рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа административтә усқәеи админитративтә зинеилагарақәеи рзы Акассациатә коллегиаи иаарту аӡбаратә еилатәара аҿы Алеқсандр Анқәаб «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьара азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусԥҟа азакәанмчы амам ҳәа азхаҵара азы административтә ус ала Иреиҳаӡоу аӡбарҭа хәажәкыра 22, 2023 шықәсазы иаднакылаз аӡбамҭа азы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа хазхаҭалатәи изыҳәамҭа иахәаԥшит. Акассациатә коллегиа аилазаараҿы иҟан: ахантәаҩы - Лииа Адлеиба, аӡбаҩцәа - Мадина Логуеи Ҭемыр Ҭарбеи.
Едуаорд Быҭәбеи Пиотр Глобычкои Аԥсны азы амедицинатә кадрқәа разыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москваҟа иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны И. М. Сеченов ихьӡ зху Актәи Москватәи аҳәынҭқарратә медицинатә университет аректор Пиотр Глыбочко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәбеи Пиотр Глыбочкои Аԥсны азы амедицинатә усзуҩцәа разыҟаҵареи, Аԥснынтәи апациентцәа ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса аҳәаақәа ирҭагӡаны ауниверситет иатәу ахәышәтәырҭа аҿы рыстационартә хәышәтәреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр “Агастроль дуқәа” Горно-Алтаиск ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Лаҵарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр рашәарамза 24 -25, 2023 шықәсазы Горно-Алтаиск ақалақь аҿы «Агастроль дуқәа» мҩаԥысраны иҟоуп.
П.В. Кучиак ихьӡ зху Амилаҭтә театр асцена аҿы имҩаԥысуеит аспектакльқәа рырбара. Убас: рашәарамза 24, асааҭ 17:00 рзы – «Ишьаарҵәыроу ачара» , рашәарамза 25, асааҭ 16.00 рзы – «Ахаҵа ԥшӡа», ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Алтаи акультура Аминистрра.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳынҭқарратә аурыс драматә театр – Аԥсны иҟоу аурыс театр заҵәык ауп. Уи 1981 шықәсазы Аҟәатәи ахәаԥшыҩ қәыԥш итеатр аҳасабала иаԥҵан. 1991 шықәсазы аурыс драматә театр астатус аиуит.