АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьетқәа рзы азакәан апроектқәа рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы 2024 шықәсазы абиуџьетнҭыҵтә фондқәа фба рбиуџьетқа рзы азакәан апроектқәа рыдыркылеит.

2024 шықәсазы афондқәа зегьы рбиуџьетқәа дефицитдахоит.

1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 224, 696,9 млн. мааҭ артәеит.

Атәанчахәытә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 1 млрд 565 млн 726,5 нызықь мааҭ артәеит.

Хымԥадатәи амедицинатә ԥгаԥса афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 71 млн 425,9 нызықь мааҭ артәеит.

Арепатриациа афонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 263 млн. 069,0 263,069 нызықь мааҭ  артәеит.

Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 197 млн. 812,5 нызықь мааҭ артәеит.

Амҩатә фонд 2024 шықәсазы ахашәалеи ахарџьи рзеиԥш хышәаҵышәа 130,0 млн мааҭ артәеит.

 


Read 372 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 19:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.