Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аникотин злоу аалыҵқәеи урҭ злашьақәгылоу ахәҭақәеи аелементқәеи рхархәара азы ахархәагақәа реиҭарсра аҭышәынтәалара азы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Инар Гыцба.
«Азакәан апроект аус адулоуп ареспублика Аԥсны ауааԥсыра ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчаразы, аиҳаракгьы зықәра намӡац аникотин злоу аалыҵ ахархәара аҟынтәи ргәабзиара аԥхасҭа аҭара аҟынтәи рацәыхьчаразы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны иахьаҵанакуа авеиперқәа ҳәа изышьҭоу ахаратә хархәагақәа реикәыршара аизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп», – ҳәа иҳәеит Инар Гыцба.
Уи иара убас иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иарбоу априборқәа рхархәара шазшаз ашколхәыҷқәеи зықәра наӡам ахәыҷқәеи рыбжьара. Уи агәҭынчымра узцәынамгар залшаӡом.
«Еиҳа ишәарҭам», «згьама бзиоу», «алҩа зхылымҵуа» иҿыцу аалыҵқәа еиҳа-еиҳа ицәырҵуа иалагеит. Арҭ аалыҵқәа «ишәаҭам», мамзаргьы «згьама хаау» аалыҵ ҳәа адгалара ҟаҵо, иарбоу аалыҵ аҭыжьыҩцәа ахархәаҩ ҿыцқәа, ахәҭакахьала зықәра намӡац радыԥхьаларазы амаркетигтә тактика рхы иадырхәоит, ахәыҷқәа аникотин иадыршьцылоит.
«Имҩаԥгаз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аелектронтә сигаретқәа (авеипқәа) рхархәара арыԥҳа ишазеицәо, абронхит шцәырнаго, аинфаркти, аинсульти, акьыбачымазареи дырҵысыр шауа, аԥҳәыс лыхшараиуратә система ишаныруа, аникотин ушанаршьцыло. Иара убас афизиологиатә ԥырхага анаҩс аелектронтә сигаретқәа рахараан ахаратә шьақәгылақәа ииашамкәа рхархәараан ацәеижьтә ааха аиургьы алшоит. Ахаратә шьақәгылақәа ахагатә ӡшьарқәа рыцәцар алшоит, усҟан уи иалоу ишҳаму амаҭәашьар ахәыҷы ицәа, мамзаргьы ицәеижь иалалар ҟалоит.
Аилыркаагатә шәҟәы инақәыршәаны, уажәы Адунеи атәылақәа ҩажәижәаба инареиҳаны рҟны аникотин аагаразы аелектронтә системақәа рыҭира азин ыҟам.
Аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, 2020 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 2023 шықәса лаҵара 2 рҟынӡа ареспубликахь иаларгалеит 71 000 аникотин злоу аалыҵ ахархәара иазку аелектронтә хархәагақәеи ахагатә ӡшьарқәеи.