АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥстәбара зцу амҩатә машәыр ҟалеит ашьыжь шаанӡа Бзыԥтәи ацҳа аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥтәи ацҳа аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит.

Ашьыжь, асааҭ хәба инарзынаԥшуа, Гәдоуҭа араион, Бзыԥтәи ацҳа аҿы амҩатә машәыр ҟалеит.

«Ҩ-машьынак ааихеит - Toyota Alphard-и Volkswagen-и.  Альфард аԥсҟы зкыз ицәаҳәа даныҵны Volkswagen иақәтәаз диҿалеит, имашьына изнымкылакәа  иааиуаз амашьына дасит», - ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа.

Иҟоу адыррақәа рыла, Фольксваген аԥсҟы зкыз иара уааҵәҟьа дҭахеит, егьи амашьына аԥсҟы зкыз Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп.

 

 


Read 142 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 23:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.