Аԥсныпресс иарбоу Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара ахьӡ нагӡаны аҳәара азы Аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа анагӡаҩцәа Рмаҵзура ахь иҟанаҵаз аҳәара аҭак ҟаҵо, ауал зқәызи аршәара назыгӡази аҩганк ақәшаҳаҭхара ашьҭахь ауп уи азы азин анроуа ҳәа иазгәарҭеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа анагӡаҩцәа Рмаҵзура Аҟәа ақалақь, Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони ртерриториалтә ҟәшақәа рҿы анагӡаразы ишьҭан ауал зқәу – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Ак... И...» аганахьала ашәахтә шәатәқәа аршәара азы анагӡаратә ус.
Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла ауал зқәыз имхын 11 млн. 292 нызықь 800 мааҭ. Уи Ареспублика абиуџьет ахь идәықәҵахеит. Иарбоу аӡбареиҿкаара фактла анагӡарала ихыркәшоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа анагӡаҩцәа Рмаҵзура Феисбук аҿы адаҟьа аҿы.