pressadmin-2
ИЗАКӘАНЫМКӘА АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЕИКӘЫРШАРА АЗЫ 2022 ШЫҚӘСАЗЫ АԤСНЫ 171-ҨЫК РУС РЫӠБЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа рыдкылара азы рус рыӡбеит 171-ҩык. Х-ҩык рганахьала амедицинатә ҟазшьа змоу ауснагӡатәқәа рхархәара мҩаԥгоуп. Зус аӡбара мҩаԥысуаз иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы усеилыргарак иаанкылахеит. Арҭ арбагақәа арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара аҿы иааигеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба.
Гагра араион аӡбарҭа ала Аԥсны Ашьустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224.1 ахәҭа 3, ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3 инарықәыршәаны ахара здыз атәылауаҩ Мумџьан М.Г. лганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. 2022 шықәсазы Аԥсны аӡбарҭақәа рыла апрокурорцәа алархәны ирыхәаԥшит 480 ашьаусеилыргарақәа. Урҭ рахьынтә 175, даҽакала иуҳәозар 36,4% – анаркотикатә маҭәашьарқәа, мамзаргьы урҭ раналогқәа изакәанымкәа раарыхра, рхархәара, рыҭира, Аԥсныҟа раагара азы ацәгьоурақәа ирыдҳәалоуп.
Анаркотикатә хархәагақәа рыларҵәара (рыҭира) азы 11-ҩык рганахьала 11 усеилыргарак ирыхәаԥшит.
Анаркотикатә маҭәашьар «прегабалин» аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыганы аагара азы 18-ҩык рганахьала ирыхәаԥшит аусеилыргарақәа 10. Аӡәы иганахьала ариашаратә шьауӷақәҵара азы аӡбамҭа рыдаркылеит.
ДАУР АМҶБА: ЗЕГЬЫ ИРЕИҲАУ АПРОБЛЕМА – АЗИНХЬЧАРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РОПЕРАТИВТӘ МАҴЗУРАҚӘА РУСЕИЦУРА АҞАМЗААРА АУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рыдкылареи рыларҵәареи рҿагылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын аԥшьаша, хәажәкырамза 30 рзы, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥгаз Акоординациатә еилатәара. Уи ахантәаҩра аиҭон атәыла апрокурор хада Адгәыр Агрба.
Аилатәара рхы аладырхәит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба, Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Занҭариа, Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Бганба, апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩцәа, апрокуратура Хада аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа, аҷыдалкаатә прокурорцәеи урҭ рхаҭыԥуаҩцәеи, амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа.
Ажәахә хада ҟаҵо дықәгылеит апрокуратура Хада Аӡбаратә усбарҭа анапхгаҩы Даур Амҷба. Уи иажәахә аҿы 2022 шықәсазы астатистикатә рбагақәа ааигеит.
«Иаагозар, 10 шықәса раԥхьа изакәанымкәа анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа рыдкылара азы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәахоз ауаа реиҳарак аибашьра иалахәыз ракәызҭгьы, иахьа анаркоманцәа – ари ақәыԥшцәа роуп», - ҳәа иазгәеиҭеит ажәахәҟаҵаҩы.
Даур Амҷба иажәақәа рыла, «анаркотикатәии арҩышьыгатәи амаҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршра, ауааԥсыра анаркотикқәа рыдкыларазы ралагалара, аиҳарак аҿар, амилаҭ агәабзиара азы ӷәӷәала иаҵоу ашәарҭара адагьы, аҵыхәтәантәи аамҭазы активтә ҟазшьа зауз аекстремисттә цәырҵрақәеи акоррупциеи ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, иааизакны аҳәынҭқарра азы ашәарҭара ду шаҵоу умбар залшаӡом».
Аҵыхәтәантәи аамҭазы анаркотикқәа рхаҭабзиара аҩаӡара адагьы, урҭ рыларҵәареи рхархәареи рметодқәагьы рҽырыԥсахит, аҽаԥсахит иара убас урҭ здызкыло ахаҿқәа ркантингентгьы.
Аҽаԥсахит иара убас анаркотикқәа рыларҵәара знапы алаку рмилаҭра, насгьы уаанӡа уи аиҳарак ахацәа ракәызҭгьы уажәы аҳәсақәагьы лассы-лассы иаҿашәоит. Уаанӡа ари аус Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи аҭыԥантәи атәылауааи инарыгӡозҭгьы, уажәы урҭ ирыцлеит Казахсҭан, Узбекьысҭан, Ҭаџьыекьысҭан, уҳәа атәылауаа. Уаанӡа аҭиҩы ихала аус наигӡозҭгьы, уажәы уи аиҳарак гәыԥ-гәыԥла еиҿкааны инарыгӡоит.
Агәҭынчымра узцәырнамгар залшаӡом анаркотикқәа здызкыло ауаа амашьына арныҟәцара азы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа ахьрымоу, урҭ рхарала лассы-лассы амҩа-транспортә машәыртә хҭысқәа ҟалоит.

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ АԤСНЫ АТӘЫЛАУАА МШАԤЫМЗА-РАШӘАРАМЗА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРРАТӘ УАЛԤШЬА АНАГӠАРАХЬ ААԤХЬАРА РЫҬАРА АЗЫ АҚӘҴАРА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны атәылауаа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Атәылахьчара Аминистрра аҭакԥхықәра адуп:
- мшаԥымза-рашәарамза 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара амҩаԥгара алыршара;
- арратә маҵзура ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара анапхгараҭареи ахылаԥшреи рыҭара;
- Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәсанӡа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара аихьшьаалақәа рзы адыррақәа аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭызароуп.
Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа ԥхықәраны ирыдуп: ааԥхьаратә комиссиақәа раԥҵара;
- ааԥхьаратә комиссиақәа иахәҭоу атерриториа, ауадақәеи амазареи атранспорти абылтәи-ахьшьтәи рыла еиқәыршәазароуп, иара убас арра ирго ареспубликатә аизгаратә пункт рахь рнагара алыршазароуп;
- ақыҭақәеи апаселкақәеи рхадацәеи егьырҭ арра-зыҟаҵаратә усура азы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәеи арра иргараны иҟоу араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилатәарақәа рахь рнеира алыршара азы аҭакԥхықәра рыдҵоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаԥхықәроуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ареспубликатә, араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилазаарақәа ирылагалазароуп ахылаԥшырҭа ахаҭаранакцәа;
- арратә уалԥшьа анагӡара иацәхьаҵуа ахаҿқәа рыԥшаара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршазароуп.
- Агәабзиарахьчара Аминистрра иаԥхықәроуп: Арра ирго рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь аҳақьымцәа-аспециалистцәа ралагалара;
- араион аҿы иахәҭоу аҳақьымцәа-аспециалистцәа рыҟамзаараан аусуразы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь егьырҭ араионқәа, ма Аҟәа ақалақь аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьалара мҩаԥгазароуп;
- араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи рыла арентгенологиатә, афлиуорографиатә, алабораториатә, уҳәа аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алыршазароуп.
Ареспубликатә медицинатә комиссиа амҩаԥгара аамҭахәҭа иалагӡаны еиҭаҵуа афлиуорограф ала аиқәыршәара хымԥадатәиуп;
- атәылахьчара Аминистрра алархәны ааԥхьаратә комиссиақәа акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҽацәыхьчара азы ихымԥадатәиу ахархәагақәа рыла еиқәыршәазароуп;
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ РАДИ ХАБИРОВИ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИИ АДӘНЫҞАЕКОНОМИКАТӘИИ АИМАДАРАҚӘА РЫБЖЬАҴАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РНАПЫ АҴАРҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаби Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови Аҟәа ақалақь аҿы «ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рынагӡара азы» Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Башкортосҭани (Урыстәылатәи Афедерациа) рнапхгарақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АСЕИССИА ИЗААМ)АНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараАпарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәара.
Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:
«Афинанстә қьыразы (ализинг азы)»
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 административтә зинеилагарақәа ралагаларазы».
«Административтә зинеилагарақәа ирызку аусқәа рзы аӡбареиҿкааразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 216 ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
«Амҩатә ныҟәарақәа русхк аҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Ирыхәаԥшит актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанапроектқәа:
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аԥсны Абанк азы)» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа:
БАШКОРҬОСҬАН АРЕСПУБЛИКА АХАДА ДЫЗХАГЫЛОУ АДЕЛЕГАЦИА ОФИЦИАЛТӘ ВИЗИТЛА АԤСНЫ ИАҬААИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 30, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада дызхагылоу аделегациа официалтә визитла Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааит.
Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҟны аделегациа иаԥылеиит Ахада Аслан Бжьаниа зхадараҟны дыҟоу Аԥсны анапхгара.
Авизит мҩаԥысуеит хәажәкырамза 30 инаркны мшаԥымза 2 рҟынӡа.
Аделегациа аилазаараҟны иҟоуп: Башкорҭосҭан Ареспублика Аиҳабыра Аԥыза-министр Александр Назаров, Башкорҭосҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә Еизара – Курултаи ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рустам Ишмухаметов, БА Аиҳабыра Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ – аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муратов, БА адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычева, БА аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Аибулат Хажин, БА анаплакреи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Светлана Верещагина, ааглыхреи, афымцамчи, арҿыцрақәеи рминистр Валери Галиев.
РАДИ ХАБИРОВИ АСЛАН БЖЬАНИЕИ АҞӘА АҚАЛАҚЬ, АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АФЫРХАЦӘА РМЕМОРИАЛ АМҴАН АШӘҬ ШЬЫҴӘРАҚӘА ШЬҬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аофициалтә делегациа напхгара азҭо Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ақалақь, Ахьӡ -Аԥша апарк аҿы игылоу, 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
УРЫСТӘЫЛАТӘИ АФЕДЕРАЦИА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛАТӘИ АРЕСПУБЛИКЕИ ГАНРАЦӘАЛА АЦХЫРААРА РЫНАҬАЛОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рынаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәларбжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәыла ахь аинтеграциа арӷәӷәара анагӡара адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.
АԤСНИ БАШКОРТОСҬАНИ РТУРИСТТӘ ЕИЛАЗААРАҚӘА АУСЕИЦУРАЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА РЫБЖЬАРҴЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризми асасдкылареи русхкы аҿы аусеицура аҿиара хықәкыс иҟаҵаны, атуроператорцәа – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Вояж» Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тархан» Ареспублика Башкортосҭан – атуризм аусхкы аҿы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
«Атуризм асоциал-економикатәи акультуратә ԥсҭазаареи рҿы акырӡа зҵазкуа усхкны иԥхьаӡаны, Аԥсни Башкортосҭани, атуризм аусхкы аҿы акыраамҭатәи аусеицура азы азхиара аарԥшуа, уи азы ихымԥадатәиу аиҿкааратәи, азинтәи, аметодологиатә шьаҭақәа раԥҵара азы агәазыҳәара рыманы, атуризм аусхкы аҿы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аҟынӡа инаӡеит», ҳәа иазгәаҭоуп аиқәшаҳаҭра апреамбула аҿы.