
pressadmin-2
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА ИХЬӠАЛА 60-ШЫҚӘСА ИХЫҴРА ИНАМАДАНЫ АДНЫҲӘАЛАРАҚӘА ААУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала 60- шықәа ихыҵра инамаданы адныҳәаларақәа аауеит. ***
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны Ахада Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шира амш.
Иазгәасҭарц сҭахуп Шәара хаҭалатәи шәлагаламҭа Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи еидызҳәало аиҩызареи, астратегиатә усеицуреи, аидгылареи рырӷәӷәараҟны. Иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны ирыдкылоу азыӡбақәа рыҿиарала есааира иӷәӷәоит ахәаахәҭра- економикатә, аҭҵаарадырра-техникатә, акультура-гуманитартә усхкқәа, аԥсҭазаара иаларҵәоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла еицаҳзеиԥшу апроектқәа.
ЛАША АШӘБА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИИРА АМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Иирамш идиныҳәлеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра амш!
Иахьа Шәара аҳәынҭқарра напхгара ашәҭоит аԥсҭазааратә ԥышәа ду рҳаны. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵзураҟны ишәыдгылоу шәҩызцәагьы Шәаргьы атәыла аекономикатә лшарамч, уи акультуратәи адоуҳатәи ҭынха рыҿиара гәацԥыҳәарала шәалахәуп.
Шәара шәыпрофессионализм, ауаажәларра-политикатә, анапхгаратә усураҟны ишәымоу аԥышәа ду ҳтәыла аԥхьаҟагьы асоциалтә-економикатә ҿиара, жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәаразы ицхыраагӡа дуны иҟоуп.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы имаҵзураҟны шәусураан ҳреспублика аҳәынҭқарратәи амилаҭтәи шәарҭадара алыршара иазкыз иуадаҩыз азҵаарақәа рыӡбара шәнапы алакын.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааԥхьара адепутат иаҳасабала Шәара шәлагаламҭа ареспублика азакәанԥҵара аиӷьтәра иазкын. Иахьа Аконституциа ахьчара знапы иану иаҳасабала Ахада имаҵзураҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет, ахьыԥшымра, аҳәынҭқарратә акра аиқәырхаразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыжәгоит.
ВЛАДИМИР ПУТИН АСЛАН БЖЬАНИА ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,
Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 60 шықәса шәхыҵра амш.
Урыстәыла Шәара шәырдыруеит ҳтәылақәа рыбжьара аидгыларатәи астратегиатәи усеицура арӷәӷәара иадгылоу иаҳасабала.
Сгәы иаанагоит Урыстәылеи Аԥсни рыжәларқәа реизҳазыӷьара ахьӡала лыҵшәа змоу ҳусеицуура аԥхьаҟагьы иацҵахоит ҳәа .
Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аҳәынҭқарратә усураҟны аихьӡарақәа, ахирра».
ШӘАЧА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ АҲӘАА ИАԤНУ АРЕГИОНҚӘА РЫҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬАҚӘА РКОМИТЕТҚӘА РЕИЛАТӘАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 6 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни аҳәаа иаԥну арегионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа ркомитетқәа реиԥылара.
Уи аԥхьа ақалақь-курорт ахь аусуратә еилатәара амҩаԥгара азы иааит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Краснодартәи атәылаҿацәа ала Ауабарҭа Хада, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ азы Аусбарҭа Хада, Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика ала Аусбарҭа Хада ахаҭарнакцәа, иара убас афедералтә ҵакыра «Сириус» ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеи рхаҭарнакцәа.
Адлегациақәа рнапхгаҩцәа анаркотикқәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа реикәыршара аҿагылара, ацәгьоуратә аиерархиа аҿы акриминалтә статус аанызкыло ахаҿқәа инарыгӡо азкәанеилагаратә усура аԥхьырҟәҟәаара, иара убас аҿар рыбжьара аекстремизм апрофилактика иадҳәаланы аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи реицымҩаԥгареи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аилатәара ааиртит Нхыҵ-Кавказтәи афедералтә округ азы Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хада анапхгаҩы аполициа аинрал-полковник Сергеи Бачурин.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Вальтер Быҭәба, аиԥылара иалахәыз рахь адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо, Аԥсны Урыстәылатәи Афедерациа ганрацәалатәи аус ацура аҵак ду шанаҭо азгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, акыр шықәса раахыс аиҩызареи агәреибагареи рыла ишьаҭарку ҩ-ҳәынҭқаррак рзинхьчаратә хылаԥшырҭақәа русбарҭақәа русеицура реалла апрофилактикатә еффект ацуп.
АЛХАС КӘЫҴНИА АСЛАН БЖЬАНИА ИИРАМШ ИДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Аслан Бжьаниа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа! Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭаны, азин сышәҭозар, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа арыцхә – 60-шықәсашәхыҵратә аиубилеи.
Аслан Гьаргь-иԥа, Шәара шәиубилеи шәаԥылоит шәҭәымҭа шәанҭагылоу, агәамч аншәымоу аамҭазы. Аҭакԥхықәра зцу шәусура апроессионализм ду, аҟәыӷара, хамеигӡарада Аԥсадгьыли аԥсуа жәлар рымаҵ аура ирҿырԥшыга бзианы иҟоуп.
АԤСНЫТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА УРЫСТӘЫЛА АҲАЗЫЛХРАТӘ УСБАРҬАҚӘА РИНФОРМАЦИА-ПРОГРАММАТӘ ХАРХӘАГАҚӘА ГӘАРҬАРТӘ АҬАГЫЛАЗААШЬА РОУИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 5 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Шәача ақалақь имҩаԥысуаз асеминар рхы аладырхәит. Араҟа урҭ рыблала ирбеит Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа иаку автоматизациа зызу асистема аинформациа-программатә хархәагақәа.
Асеминар Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәии аҵакыра ашьақәыргылара Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аузуҩцәа рзы аужьҭра-гәаҭаратә пункт, аусуратә ҭыԥ, иара убас Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы ахархәара змоу аинформациа-дырранҵатә система афункционалтә лшарақәа дырбара еиҿкаан.
МШАԤЫМЗА 6 РЗЫ – ИИРА АМШ АЗГӘЕИҬОИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА.
Аҟәа. Мшаԥымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа 60-шықәса ихыҵра аиубилеитә рыцхә азгәеиҭоит Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра аофициалла ахаҭарнакра наигӡоит жәларбжьаратәи аусқәа рҿы. Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыԥ аҿы иҟазаара хы-шықәса ирылагӡаны еиуеиԥшым атәылақәа рхадацәеи, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәа рнапхгаҩцәеи акырынтә дырԥылахьеит.
Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥымза 6, 1963 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арҵаҩцәа рҭаацәараҿы.
1980 шықәсазы далгеит Тамшьтәи абжьаратәи ашкол. Иара убри ашықәсан дҭалеит Фрунзе ақалақь иҟоу аполитехникатә Институт «анџьныр-ргылаҩ» изанааҭ ала.
1982 шықәсазы дыиасит, 1985 шықәсазы дагьалгеит Москватәи автомашьына-мҩатә Институт.
1985 – 1986 шш. аихшарала аус иуан Смоленсктәи аобласт Угрансктәи абнааглыхранхамҩа шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аҿы.
1987 – 1989 шш. аинструкторс, Очамчыра араион акомсомол араиком аҟәша аиҳабыс аус иуан.
1991 шықәсазы далгеит Асовет Еидгыла Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет Иреиҳаӡоу акурсқәа.
1991 -1992 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет аҿы аус иуан.
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Гәдоуҭа ақалақь аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рҿы амаҵзура дахысуан.
Ԥхынҷкәынмза, 1999 шықәазы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҟынтәи ԥхьатәара дрышьҭуеит.
1999 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аҟны иҟоу жәлар рынхамҩа Академиа далгеит.
Ԥхынҷкәынмза, 1999 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза 2008 шықәса аҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аусдкыларатә усура инапы алакын.
Ажьырныҳәамза, 2009 шықәса рзы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аекономикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩыс дҟаҵан.
Жәабранмза, 2010 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада Багаԥшь С.У. Иусԥҟа ала Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩыс дҟаҵан.
Лаҵарамза, 2014 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Алеқсандр Анқәаб Иусԥҟа ала «аинрал-маиор» ҳәа ахьӡ ианашьахеит.
ОЛЕГ БАРЦЫЦ: АԤСНЫ – АСОВЕТШЬҬАХЬТӘИ ЕВРАЗИАТӘ ҴАКЫРА ИУЗАҞӘЫМҬХӘО АХӘҬАНЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭратә хаҭарнак, Москватәи Акультура Усуратә Центр ахылаԥшратә Хеилак ахантәаҩы Олег Барцыц аконгресстәи ацәыргақәҵаратәи аусура азы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рҳәынҭқаррабжьаратәи Ахеилак аусура ихы алаирхәит.
Мшаԥымза 5 рзы Москва ақалақь, Жәлар Рынхамҩатә Еихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы имҩаԥысит аконгресстәи ацәыргақәҵаратәи аусура азы Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа Рҳәынҭқаррабжьаратәи Ахеилак аилатәара.
Аилатәара рхы аладырхәит Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рхаҭарнакцәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа, Москва Анапхгара, Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа рдипломатиатә миссиақәа рхаҭаранакцәеи ажурналистцәеи. Аилатәара иалахәыз еиуеиԥшым аформатқәа рҿы азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас аинтеграциатә усеицура апотенциал иазааҭгылеит.
Аилатәара аҿы дықәгыло Олег Барцыц Аԥсны азинтә шьаҭала Ихьыԥшым аҳәынҭқарратә Реиҩызара атәылақәа реилазаара ишаламгьы, жәаҳәарада асоветшьҭахьтәи евразиатәи аҵакыра иузаҟәымҭхо ахәҭаны иаанхоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Ҳара излауо ала Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициақәа рырҭбаареи уи аекономикатәии акультуратәи апотенциал анагӡареи рзы иҟоу аҭагылазаашьақәеи алшарақәеи ҳхы иаҳархәалоит. Иарбоу ахықәкы анагӡараҿы ароль ду нанагӡоит Жәлар Рынхамҩатә Еихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) аҿы акультура-цәыргақәҵатәи ахәаахәҭратәи апавилион еиԥш иҟоу, акыр зҵазкуа аинструмент аҟазаара. Уаанӡа Москава ақалақь ахада Сергеи Собианин уи аиҭашьақәыргылара ҭагалан, 2023 шықәсазы ихыркәшахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан», - ҳәа иҳәеит Олег Барцыц.
ЦХЬЫНВАЛ АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤСНЫ АКУЛЬТУРА АМШҚӘА РААРТРА ИАДҲӘАЛОУ АНЫҲӘАТӘ ЦЕРЕМОНИА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алексеи Шамба/. К. Хетагуров ихьӡ зху Аахыҵ-Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы имҩаԥысит Аԥсны акультура Амшқәа раартра иазку аныҳәатә церемониа.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев Аԥснытәи артистцәа Цхьынвалтәи асцена аҿы рықәгылара иадҳәалоу акыр аамҭа иззыԥшыз амш ҟалеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, атәылақәа ирыбжьоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа зегьы, иара убас аҭоурыхтә шьаҭақәа реалла инагӡахо аусқәа рыла ишьақәырӷәӷәазароуп, уи аколлективқәа зегьы қәҿиарала ақәгылара рзеиӷьаишьеит.
Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аминистр Радмила Ӡагоева Аԥсны акультура Амшқәа акыр зҵазкуа усмҩаԥгатәқәоуп ҳәа илыԥхьаӡоит.
«Сара Аԥснытәи арҿиаратә коллективқәа иҟалараны иҟоу рықәгыларақәа ртәы аԥснытәи аҭыжьымҭақәа руак аҿы саԥхьеит. Ари астатиа ахы аҿы «Аҩнынтәи аҩныҟа» ҳәа афраза анын. Арҭ ажәақәа ҳаиашьаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵоу аҵакы зеиӷьаҟам ала иаадырԥшуеит», -ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Радмила Ӡагоева.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҬЕИҬЫԤШ АРҼЕИРА ИАЗКУ АУСУРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аиқәыршәазааратә усурақәа мҩаԥысуеит. Аҳҭнықалақь аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа, иара убас Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30- шықәса ахыҵреи Аԥсны ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара 15-шықәса азхаҵареи разгәаҭара азы аҽазыҟаҵара иаҿуп. Ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ахҟьара, афуникулиор аҿы ахыргьагьа аиҭашьақәыргылара, иара убас аԥшаҳәа аҿы арлашагақәа рырҽеира, уҳәа убас ирацәаны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Апсныпресс акорреспондент Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Ақалақьргылара апроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа диҿцәажәеит. Уи аиҿцәажәараҿы еиликааит иҟаҵоу атәы, иара убас иҟаҵатәны иҟоуи ртәы.
Асҭамыр Ԥиԥиа иажәақәа рыла, Аҟәа ақалақь Ахадара ахарџь ала, Гәымаа рымҩа аҿы аҵаргәатә ҭӡы хаҳәла ачаԥара хыркәшахеит.
«Имаҷымкәа аобиектқәа рышьақәыргылара азԥхьагәаҭоуп. Афуникулиор (Аҟәатәи ашьха – аред. АП) аҿы аԥшырҭатә ашҭахәыԥшқәа ҩба реиҭашьақәыргылара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Аҳамԥқәа рырҭәара иаҿуп, иҿыцу абаркьылкаламқәеи архитектуратә декор аелементқәеи шьақәыргылахоит. Ателехәаԥшратә ҳар азааигәара иҟоу ашҭахәыԥш аҿы аусуҩцәа амаакырақәа рышьақәыргылареи уи хаҳәцәыла ачаԥареи ирылагеит. Иара убрааҵәҟьа афонтан аргылара азԥхьагәаҭоуп», – ҳәа иҳәеит иара.