
pressadmin-2
Адамыр Багаҭелиа: абилеҭқәа рыхәԥса аизҳара Риҵатәи апарк аҭаара акала иаԥырхагамхаӡеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент аҿы Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҭаларазы абилетқәеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Г.Ш.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» ахь аекскурсиатә билеҭқәеи рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҭҵаара иазкны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.
Аилатәара аартуа, акомиссиа ахантәаҩы, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, иахьа Риҵатәи ареликтә милаҭтә парки Афонҿыцтәи аҳаԥи рҭаара азы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра иадҳәалоу азҵаарақәеи иарбоу атуристтә обиектқәа 2022 шықәсазы русура аихшьаалақәеи иҟоу апроблемақәеи, урҭ рыӡбаразы иҟаҵоуи ирылацәажәахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Мшаԥымза, 2022 шықәсазы атәыла анапхгара Ақәҵарала Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк аҭааразы абилетқәа рахәԥса 350 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа ихалеит, Афонҿыцтәи аҳаԥы аҭаларазы – 500 мааҭ рҟынтәи 700 мааҭ рҟынӡа.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа ишазгәеиҭаз ала, Риҵатәи апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса 2014 шықәса раахыс ихамлаӡакәа иаанханы иҟан.
«Ҳара ҳазлахәаԥшуа ала, уи ииашаӡамызт, избан акәзар, апарк аҿы еиуеиԥшым анхамҩатә усурақәа рынагӡара ахәҭаны иҟоуп. 2014 шықәса инаркны иааубаратәы ихалеит абылтәи ахьшьтәи рыхәԥса. Иара убас, апарк аусзуҩцәагьы аформамаҭәақәа рҭахуп. Убри зегьы рзы аԥара аҭахуп. Еиҿҳарԥшуазар, Шәачатәи аҳәарԥсарра аҭааразы ишәатәуп 2 нызықь мааҭ», – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.
Риҵаҟа инагоу амҩа иаваршәны иҟоу 70 шықәса иреиҳаны изхыҵуа абетонтә ҵаргәатә ҭӡқәа рырӷәӷәара аҭахуп.
«Иҳаҩсыз ашықәс азы амҩаду 8-тәи акилометр аҿы аҿыбгара ҟалеит. Иарбоу аҭыԥ апарк ишаҵанамкуагьы, ҳара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагеит, урҭ ирықәҳхарџьит 9 млн. мааҭ. Иара убас амҩа 40-тәи акилометр аҿы аҿыбгара ҟалеит. Араҟа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирықәхарџьхеит 17 млн. мааҭ. Хара имгакәа аӡиа акәыршоурала иҟалаз аҿыбгарақәа рықәгара иазкны аусурақәа наҳагӡараны ҳаҟоуп. Иара убасҵәҟьа аҳәынҭқарратә дача ахь инагоу амҩаҿы аҿыбгара инамаданы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥаагараны ҳаҟоуп. Заанаҵтәи аҳасабркрала уи иаҭаххоит 8 - 9 млн. мааҭ иреиҵамкәа», – ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк аҵакыра – 39 нызықь квадраттә километр рҟынӡа инаӡоит. Араҟа иҟоуп апансионат «Ауадҳара», ирацәаны абнахылаԥшырҭақәа. Апарк ахылаԥшра имаҷымкәа ахарџь ацуп.
Апарк аҭааразы абилеҭқәа рыхәԥса ашьҭыхра аԥшьызгаз Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк анапхгараҭара ауп.
«Ҳара ари азҵаара аԥшьаҳгеит, аминистрцәа Реилазаара аҿы адгылара ҳарҭеит. Хаҭала сара шәсазҵаауазар, абилеҭ ахәԥса 1500 мааҭ еиҵамзароуп», - ҳәа иҳәеит Адамыр Багаҭелиа.
Уи ахәԥсақәа рышьҭыхра аҭаара акала иаԥырхагамхаӡеит ҳәа ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Апарк аҭаларҭа аҿы иҟоу аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ х-еиҭакрак рыла аус ауеит. Аиҭакк аҿы иҟоуп 7-8 инспектор. Апарк аҭааразы ахәԥса анапынҵа ԥарала еиԥш, инапынҵадоу ахшәааралагьы, мамзаргьы атерминал ала иҟалоит.
«Лыхнашҭа» игылоу Кавказтәи аҭәаҵла Китаинтәи иаагоу амаҭәашьар ала ирыхәшәтәуеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Тамара Ачба/. Аҭоурыхтә дәы «Лыхнашҭа» игылоу, шәышықәсеи бжаки зхыҵуа кавказтәи аҭәаҵла китаитәи амаҭәашьар ала ирхәышәтәуеит. Уи зны Китаинтәи Москваҟа иааргеит, анаҩс уаантәи Аҟәаҟа.
Аекологиа азы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо Китаинтәи ҷыдала иаагаз ахәшәи, уи иадҳәаланы аҵла аиқәырхара аганахьала иҟоу агәыӷрақәеи дрылдацәажәеит.
«Ари даара иҽеим ахҭыс аныҟала, аҵла аиқәырхара азы рыцхыраара ҳадыргалеит Аԥсны аамҭала инхо, арԥхарҭақәа рҿы ауаҭраҭыхқәа рааӡара знапы алаку акитаицәа. Урҭ ас еиԥш ааха зауз аҵлақәа Китаи еиқәдырхоит иҷыдоу амаҭәашьар ала ҳәа агәра ҳдыргеит. Анаҩс ишеилкаахаз ала, уаҟа иҟоуп иарбоу амаҭәашьар аус адулара мҩаԥызго Аинститут. Акитаицәа иара аҿарҵеит, Москваҟа иааргартә еиԥш иҟарҵеит, уаантәи ҳара иаҳдыруаз џьоукы рыла Аԥсныҟа иааҳгеит», -ҳәа иҳәеит Савели Ҷыҭанаа.
Иҳаҩсыз амҽышазы Аԥсныҟа иааган 1 литрак-литрак зкуа 30 инарзынаԥшуа акәаԥлашьҭыгақәа.
Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара абаџь ахшәаарада апропан Аԥсныҟа аагаразы ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Урыстәыла аенергетика Аминистрра ала зыдгалара мҩаԥгаз, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи егьырҭ иарбоу азҵаара иазинтересыз анагӡаратә мчра афедералтә усбарҭақәеи ақәыршаҳаҭны иҟаҵаз, заанаҵы Аԥсуа Ган ала аус зыдулаз, атауарқәа рыла ахәаахәҭра амҩаԥгара арежим азы Аԥсны Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи лаҵарамза 28, 2012 шықәсазы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Апкаанҵа апроект иақәшаҳаҭхеит. Абри азы адырра ҟаҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.
Аиҭакрақәа Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи алгаратә ҳазылхратә баџь ахшәаарада Аԥсныҟа иаагахо атауарқәа рсиа инацҵаны ахарҭәаара иадҳәалоуп. Уажәазы уи пропан ҳәа изышьҭоу агаз иазкуп.
ААУ астудентцәа рзы арацлақәа реиҭаҳара азы атренинг мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 18 – 19 рзы Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет агро-нџьныртә факультет астудентцәа рзы араҵлақәа реиҭаҳара иазкны атренинг мҩаԥнагеит.
Кациқыҭ ақыҭа аҿы араҵлақәа реиҭаҳара мҩаԥысуан. Астудентцәа араҵла аиҭаҳара асхема алкаареи адәы апланркра атехникеи ддырбеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ацентр апресс-маҵзура.
«Аԥышәахысра ҩымш имҩаԥысуан. Астудентцәа аҵлақәа ахьеиҭаҳахо адәы ииашаны апланркреи аизшареи, анаҩс ҳара ҳзы аинновациатә ҵакы змоу араҵла ахкыжәла «Чандлер» аиҭаҳашьеи рзы хра злоу адыррақәа роуит», – ҳәа еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр агроном Гьаргь Ԥанҭиа.
Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас ихыу автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара иалагеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан Аалӡга аӡиас ихыу автомашьынатә цҳа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит.
Аҳәынҭқарратә наплакы «Аԥсныаҟәарахьчара» анџьныр хада Иури Воробиов Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо ацҳа аиҭашьақәыргылара шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Ҳара зоура 90 метра рҟынӡа инаӡо ацҳа аиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Ҭагалан иҟаз амшцәгьақәа инарымаданы Аалӡга аӡиас аҟны аӡы аҩаӡара ахалареи ӷәӷәала аӡы амҩасреи ирыхҟьаны, 15 метр рҟынӡа инаӡоз ацҳа –ҩ-бжьакӡараки абжьашшаратә шьаҟаки бгеит.
Ансамбль "Гәында" Очамчыра ақалақь аҿы иқәгылоит, ахортә капелла - Гал ақалақь.
Аҟәа. Мшаԥымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра ареспубликатә гастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны, мшаԥымза 26 рзы С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернал аҿы имҩаԥсыраны иҟоуп авокал-инструменталтә ансамбль «Гәында» аконцерт. Аконцерт алагоит 14:00 сааҭ рзы.
Ансабль асахьркыратә напхгаҩы – Аԥсны жәлар рартистка Роза Чамагәуа.
Мшаԥымза 27 рзы Гал ақалақь акультура Аҩны аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт мҩаԥысуеит.
Есныгьтәи анхарҭа аҳасабала рҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсныҟа иаахьеит 4 - 4,5 нызықьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратәх Еилакы адыррақәа рыла, Аԥсныҟа еснагьтәи анхарҭа аҳасабала ихынҳәхьеит 4 - 4,5 нызықьҩык инарзынаԥшуа ҳџьынџьуаа. Зегь реиҳа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ианыхынҳәыз ашықәсаны иҟоуп 2013 шықәса, усҟан Шьамтәыла иҟаз аибашьра иахҟьаны Аԥсныҟа иааит аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа маҷымкәа.
«Иааизакны уахәаԥшуазар, 2013 инаркны 2018 шықәсанӡа Шьамтәылантәи Аԥсныҟа иааит 700-ҩык инарзынаԥшуа», -ҳәа «Апсны-иахьа» ахь адырра ҟаиҵеит арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Багаҭелиа.
Имҩаԥысит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанови реиԥылара.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит усуратә визитла Москва иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәылатәи Афедерациа афинансқәа рминистр Антон Силуанови реиԥылара.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит аекономикеи афининсқәеи рхырхарҭала аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә ныҟәарақәа ирыцҵоуп.
Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда змоу имаҵурахьы далырхит.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа Анас Кьышьмариа ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинҷыда лыҭаразы рыбжьы рҭиит.
Аԥхьанатә ари амаҵурахьы х-ҩык ркандидатурақәа ықәгылан – Гәында Џьениа, Диана Керселиани Анас Кьышьмариеи. Гәында Џьениа Апарламент аилатәара алагаанӡа лкандидатура ықәылгеит.
«Ауаҩы изинқәа рыхьчаҩы имаҵура ҳтәыла аҿы акыр зҵазкуа акәны иҟоуп. Агәра шәсыргоит исымоу аус адырра баша ажәала акәымкәа аус ала арҵабыргра азы сԥышәеи сдырреи шазхо», – ҳәа илҳәеит Анас Кьышьмариа.
АУРЫС ДРАМАТӘ ТЕАТР ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АФЕСТИВАЛЬ «УРЫСТӘЫЛА ИМҨАԤЫСУА АИԤЫЛАРАҚӘА» АҲӘААҚӘА ИРҬАГӠАНЫ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ АХӘАԤШЦӘА Х-СПЕКТАКЛЬК ДНАРБОИТ.
Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. А.Н. Островски диижьҭеит 200-шықәса аҵра инамаданы имҩаԥысуа ХХV аиубилеитә Жәларбжьаратәи афестиваль «Урыстәыла имҩаԥысуа аиԥыларақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь аҿы, атеатр-фестиваль «Балтийский дом» асцена аҿы ахәаԥшцәа аспектакльқәа дырбара иалагеит.
Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Белорусиа, Киргизиа, Донецк, Ҭаџьыкьысҭан, Туркмениа, Узбекистан рҟынтәи атеатралтә коллективқәа.
Ф.А. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр Мшаԥымза 12, 13, 14 рзы Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, аиубилеитә жәларбжьаратәи афестиваль «Урыстәыла имҩаԥысуа аиԥыларақәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Санкт-Петербург ақалақь аҿы, атеатр-фестиваль «Балтийский дом» асцена аҿы ахәаԥшцәа х-спектакльк днарбараны иҟоуп. Мшаԥымза 12 рзы, А.Н. Островски иира Амш аҽны (хәажәкырамза 31 [мшаԥымза 12] 1823 ш. — рашәарамза 2 [14] 1886 ш.) ахәаԥшцәа идырбахоит аурыс драматург иеихьӡылоу икомедиа ала иқәыргылоу аспектакль «Ахаҵа ԥшӡа». Мшаԥымза 13 рзы петербургтәи ахәаԥшцәа идырбахоит Фазиль Искандер иеихьӡылоу иповест ала иқәыргылоу аспектакль «Софичка». Мшаԥымза 14 рзы идырбахоит испаниатәи адраматург Федерико Гарсиа Лорки иԥсҭазаареи ирҿиарамҩеи иазку аспектакль «Аԥынгыларақәа зегьы ириааиуа агәырӷьара» («Радость вопреки всему»).
Афестиваль мшаԥымза 16 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Уи Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра, Санкт-Петербург акультура азы Акомитет, Урыстәыла атеатралтә усзуҩцәа Реидгыла, Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакреи Ихььыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара иалоу атәылақәа-алахәылақәа Рпарламентбжьаратәи Ассамблеиеи ацхыраареи адгылареи рыла имҩаԥысуеит.