
pressadmin-2
Алхас Кәыҵниа Москва ақалақь аҿы Ахсар Џьиоев диԥылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьоеви реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы адипломатцәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи традициала ирыбжьоу аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы ргәаанагарақәа рҳәеит.
Ацҳаражәҳәарҭа аҿы иара убас ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Москва усуратә визитла иҟоу Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылара мҩаԥысит.
Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа, Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәылацәа идикылеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аделегациа ахаҭарнакцәа, Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәылацәа идикылеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩцәа Сергеи Пустовалов, Владимир Делба, агәабзиарахьчара аминистр Едурад Быҭәба, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, аԥыза-министр афорум аҿы иахьалахәхаз, насгьы ганрацәала иҟарҵаз ацхыраареи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ҳара раԥхьаӡа акәны амедицинатә форум мҩаԥаагоит. Сара сгәаанагарала ари ахҭыс ҳара ҳзы аҵак ду аҵоуп, агәыӷрагьы сымоуп ас еиԥш иҟоу аформат аҿы аколлегацәа реизыҟазаашьақәеи реимадареи акыр хра злоу традицианы ишышьақәгыло», -ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.
Аԥыза-министр ҷыдала иазгәеиҭеит, «аԥснытәи амедицина урыстәылатәи рколлегацәеи рҩызцәеи рыцхыраареи рыдгылареи ирыбзоураны хәыҷы-хәыҷла ашьапы иқәгылоит, урыстәылатәи афинанстә цхыраарала амедицинатә усбарҭақәа жәпакы еиҭашьақәыргылахеит, ҳара ҳастудентцәа – раԥхьаӡа иҳақьымхараны иҟоу, Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵоит. Иара убас, аԥснытәи апациентцәа Урыстәыла агәабзиарахьчара аусбарҭақәа рҿы зыквалификациа ҳараку ацхыраара роуеит. Иазгәаҭатәуп, уажәы, ҳтәылақәа рҟынтәи аспециалистцәа рзанааҭтә форум ала ҳара аусеицура иҿыцу аҩаӡара ахь ҳахьыиасуа акырӡа аҵанакуеит».
Мшаԥымза 25 – Аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 рзы адунеи зегьы аҿы инхо аедыгьаа (ачарқьазцәа) аедыгь (ачарқьазтә) бираҟ Амш азгәарҭоит.
Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара аидеиа иаҵоу аҵакы ажәлар аетнос аҵасқәеи атрадициақәеи амилаҭтә символқәеи акзаареи реиҷаҳареи реиқәырхареи реиҭашьақәыргылареи иадҳәалоуп. Ари абираҟ аҿы – ԥшшәыла ииаҵәоу афон аҿы еихдоу ахҿақәа хԥеи 12 ахьтәы иаҵәақәеи ануп. Аиаҵәақәа 12 ачеркесстә субетносқәа символра руеит, ахҿақәа – адыгатә аимшьҭрақәа рыбжьара аҭынчреи акзаареи.
Аԥсны Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара иазкны аусмҩаԥгатәқәа шьыжьы инаркны Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан иалагеит. Акциа иалахәыз – аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы, аедыгь диаспора ахаҭарнакцәа, «Адыга Хасе» анапхгараҭара, аҿартә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа аԥсуа-дыга жәлар рыиашьара абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ахыци ахәымпали рыла ахысра азы аицлабрақәа мҩаԥысуеит. Урҭ рхы аладырхәуеит Аԥсны ахысратә клуб алахәылацәа – зынӡа 28-ҩык.
Аедыгь бираҟ Амш азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа Аԥсны традициала есышықәса имҩаԥыргоит.
Едуард Быҭәба Иван Павлов имедал ианашьахеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иналукааша аурыс физиолог, Нобелтәи апремиа алауреат Иван Павлов ихьӡ зху аҳаҭыртә медал ианашьахеит.
Едуард Быҭәба Урыстәыла иԥсабаратәу анаукақәа Ракадемиа апрезидиум аӡбамҭа ала амедицинеи агәабзиарахьчареи рыҿиара аҿы илагала азы амедал ианашьахеит.
Иван Павлов имедал ранашьахеит иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Ерик Ҳаҭхәеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа азеиԥш хирургиа аҟәша аиҳабы Маврик Чагәааи.
Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ жәларбжьаратәи аконференциа «Агеноцид: агәалашәареи агәҽанҵареи» ихы алаирхәит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы Османтәи аимпериа аҿы аерманцәа ргеноцид иалаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭеит.
Урыстәыла иқәынхо аерманцәа Реидгыла ааԥхьарала Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа жәларбжьаратәи аконференциа «Агеноцид: агәалашәареи агәҽанҵареи» ихы алаирхәит, ҳәа Аԥсныпрес ахь адырра ҟанаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аекологиа Аинститут аӡиасқәа Баслеи Кәыдри рҿы ашәарҭарақәа рыхсаалага еиқәнаршәоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аекологиа Аинститут UNDP, SIDA апроект «Ауааԥсыра аклиматтә шәарҭарақәа рҿагыларалшара арӷәӷәара» аҳәаақәа ирҭагӡаны Баслеи Кәыдри аӡиасқәа рҿы иҟоу ашәарҭарақәа рыхсаалагақәа еиқәнаршәараны иҟоуп.
Уи азы Аинститут аспециалистцәа аӡиасқәа авиртуалтә агидравликатәии агидрологиатәи амодельқәа аԥырҵоит.
Ашәарҭарақәа рыхсаалагақәа ашәарҭарақәа раарԥшреи урҭ иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабареи аӡиасқәа ирыԥну аҭыԥқәа рҿы инхо ауааԥсыреи аӡиасқәа рыԥшаҳәаҿы иҟоу анаплакқәеи ишырныруа аилкаара иацхраауеит.
Баслеи Кәыдри аӡиасқәа рмониторинг азы аусмҩаԥгатәқәа аклимат глобалла аиҭакрақәа ирыхҟьаны иҟалар зылшо аӡхыҵрақәеи асырӡлеирақәеи ирыцу ашәарҭарақәеи ахҟьаԥҟьақәеи излауа ала рырмаҷра иазырхоуп.
Москва ақылақь аҿы астудентә шьапылампылтә турнир AALF мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа-дыгатә бызшәатә ҭаацәара иаҵанакуа москватәи астудентцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы I Иаарту аҵараиурҭабжьаратәи атурнир (ААLF) Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Ареспублика Адыгеиа Аҿартә хаҭарнакра, Москва иҟоу Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи Ҟарачы-Чекесстәи Ареспубликеи рхаҭарнакрақәа, иара убас Краснодартәи атәылаҿацә «Адыге Хасе» иҟарҵаз адгылара иабзоураны имҩаԥысит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Атурнир рхы алыдырхәит Иреиҳаӡоу Аекономика Ашкол (ВШЭ), Адипломатиатә Академиа, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Институт (МГИМО), Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә Университет (МГСУ), Москватәи аҳәынҭқарратә Университет (МГУ), Москватәи аҳәынҭқарратә азиндырратә Академиа (МГЮА), Москватәи аенергетикатә Институт (МЭИ), Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС), Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Университет (РГУ), Урыстәыла агәабзиарахьчара иатәу Н. И. Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи амилаҭтә амедицина-ҭҵааратә Университет (РНИМУ), Ажәларқәа Реиҩызаразы Урыстәылатәи Ауниверситет (РУДН), Афинанстә университет рҟынтәи 12 команда.
Москва ақылақь аҿы астудентә шьапылампылтә турнир AALF мҩаԥысит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсуа-дыгатә бызшәатә ҭаацәара иаҵанакуа москватәи астудентцәа рыбжьара ашьапылампыл-маҷ азы I Иаарту аҵараиурҭабжьаратәи атурнир (ААLF) Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа, Ареспублика Адыгеиа Аҿартә хаҭарнакра, Москва иҟоу Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи Ҟарачы-Чекесстәи Ареспубликеи рхаҭарнакрақәа, иара убас Краснодартәи атәылаҿацә «Адыге Хасе» иҟарҵаз адгылара иабзоураны имҩаԥысит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵеит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Атурнир рхы алыдырхәит Иреиҳаӡоу Аекономика Ашкол (ВШЭ), Адипломатиатә Академиа, Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Москватәи аҳәынҭқарратә Институт (МГИМО), Москватәи аҳәынҭқарратә аргыларатә Университет (МГСУ), Москватәи аҳәынҭқарратә Университет (МГУ), Москватәи аҳәынҭқарратә азиндырратә Академиа (МГЮА), Москватәи аенергетикатә Институт (МЭИ), Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС), Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә Университет (РГУ), Урыстәыла агәабзиарахьчара иатәу Н. И. Пирогов ихьӡ зху Урыстәылатәи амилаҭтә амедицина-ҭҵааратә Университет (РНИМУ), Ажәларқәа Реиҩызаразы Урыстәылатәи Ауниверситет (РУДН), Афинанстә университет рҟынтәи 12 команда.
Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны ачарқьазтә бираҟ Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 рзы Аԥсны ачарқьаз бираҟ Амш азгәаҭара инамаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысраны иҟоуп.
Асааҭ 11:00 рзы Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан адыгааи аԥсуааи реиашьара иазку абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.
Асааҭ 14:00 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы ахыци ахәымпали рыла ахысра азы аицлабрақәа мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа ақалақь имҩаԥысуа амедицинатә форум иалаху урыстәылатәи аҳақьымцәа апациентцәа рыдкылара мҩаԥыргоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аусура иалагеит Актәи аԥснытәи амедицинатә форум. Уи зхы алазырхуа урыстәылатәи аҳақьымцәа апациентцәа рыдкылара мҩаԥыргоит.
Убас, ашәахьа, мшаԥымза 24 рзы, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҟны иҟоу аполиклиника аҿы адкылара мҩаԥыргалоит:
Асааҭ 11:00 рзы – И. М. Сеченов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Амедицинатә Университет атравматологиеи ахирургиеи ркафедра адоцент, атравматолог Тернова К.С.,
Асааҭ 14:00 рзы – И. М. Сеченов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә Амедицинатә Университет аклиникатә иммунологиеи аллергологиеи акафедра аиҳабы, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик Караулов А. В.,
Асааҭ 14:30 рзы – анеирохирург Мидов М. З.,