
pressadmin-2
Рашәарамзазы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп урыстәылатәи ахәыҷтәы психиатрцәа.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 7 рзы имҩаԥысит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аомбудсмен аминистр илҭаз адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Марииа Львова-Белова лԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсныҟа аҳақьымцәа раара азы аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара алыршахеит.
Алеқсандр Анқәаб аргылара азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи алархәны 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аргыларатә усурақәа рымҩаԥгара иазку азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит.
Иарбоу аобиектқәа рҿы аусурақәа рфинанстәра мҩаԥысуеит Аԥсны абиуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыла. Зынӡа асиа иҭагалоуп 73 усмҩаԥгатә. Урҭ рыхәԥса 270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Убас зеиҭашьақәыргылара, мамзаргьы зыргылара азԥхьагәаҭаны Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 14 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 44 млн. 542 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;
Гагра араиони Пицунда ақалақьи рҿы 8 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 25 млн. 842 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;
Гәдоуҭа ақалақь аҿы 13 обиект, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 57 млн. 946 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;
Аҟәа араион аҿы 6 обиектк, урҭ рыхәԥса азеиԥш еицҵалыҵ 21 млн. 800 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. ;
Д.Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс аҽҳәара ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 1 аҟынӡа иацҵахоит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Д.И.Гәлиа ихьӡ зху алитературеи аҟазареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа, апремиа аиуразы аконкурс аҽҳәара ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 1 аҟынӡа ишацҵоу азы адырра ҟанаҵоит.
Аконкурс ахь инашьҭхоит 2020-2022 шш. адунеи збаз аԥҵамҭақәа.
Уи иазку аусшәҟәқәа рыдыркылоит Аҟәа ақалақь, Ажәанба имҩа, аҩ. №9, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху алитературеи аҟазареи архитектуреи рзы Аҳәынҭқарратә премиа Акомиссиа.
Нестор Багаҭелиа ахацәа рыбжьара ашахматқәа рзы адгьылҿацәтә еицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анатоли Карпов ихьӡ зху аҟәатәи ашахматтә школ ааӡамҭа Нестор Багаҭелиа ахацәа рыбжьара ашахматқәа рзы адгьылҿацәтә еицлабрақәа «Мемориал А.А. Сапфирова» рҿы аџьазтә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аицлабрақәа лаҵарамза 26 инаркны рашәарамза 3 аҟынӡа Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуан. Атурнир рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи ашахматистцәа.
Аҟәатәи «Динамо» ааӡамҭа Леон Агрба Москватәи афутбол Афедерациа Ахраҿагара аҿы аиааира игеит.
Аҟәа. Рашәарамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи «Динамо» ааӡамҭа 2008 шықәсазы ииз Леон Агрба Арра аспорттә клуб Хада (ЦСКА) акоманда аилазаараҿы Москватәи афутбол Афедерациа апрезидент Ихраҿагара аҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Арра аспорттә клуб Хада (ЦСКА) ааӡамҭацәа сасцәас изҭаз Аҿар ршьапылампылтә школ ааӡамҭацәа асчиот 2:0 ҳәа ириааит. Убас ала урҭ Ахраҿа ргеит.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы 1 479 амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа аарԥшхеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Автоҳәынҭинспекциа аҟәшеиҵақәа русзуҩцәа амҩатә шәарҭадара ашьақәыргылара иазкны имҩаԥыргаз ареидтәи апрофилактикатәии аусмҩаԥгатәқәа рыла иҳаҩсыз амчыбжь азы 1 4791 479 амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа аарԥшхеит.
Урҭ рахьынтә 53 – автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара иадҳәалоуп. 43-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акразы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Амилициа аусзуҩцәа Гагреи Очамчыреи ақалақьқәа рҿы 18 цыра амаининг арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарти "Амшынеиқәафымцамчи" русзуҩцәеи акриптовалиута арҳара азы изакәанымкәа аусура аарԥшреи аԥхьырҟәҟәаареи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Гагреи Очамчыреи ақалақьқәа рҿы 18 цыра амаининг арҳара иазку аппаратқәа рымхра мҩаԥыргеит.
Гагра ақалақь, Лакоба имҩа ала игылоу ахыбра аҿы иԥшаан иагьимырхит Клавишев Даниил Владислав-иԥа итәыз аппаратқәа 7.
Очамчыра ақалақь, Гәлиа имҩала игылоу, Квирквелиа Мераб Зураб-иԥа иҩны аҿы иԥшаан иагьимырхит 11 аппарат.
Аԥсны аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 42 352-ҩык атәанчаҩцәа, даҽакала иуҳәозар - 86%.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, хәажәкырамза 1 инаркны лаҵарамза 31 аҟынӡа Аԥсны атәанчаҩцәа реиҭашәҟәҭаҩра мҩаԥысит. Уи азы Ақәҵара рыдыркылеит жәабранмза 28 рзы аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны.
Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо аиҭашәҟәҭагалара шымҩаԥысыз атәы еиҭеиҳәеит.
Уи ишазгәеиҭаз ала, лаҵарамза 1, 2023 шықәсазы иҟоу адыррақәа рыла атәанчаҩцәа рхыԥхьаӡара 49 161-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Иҟоу адыррақәа рыла, рашәарамза 1 аҟынӡа аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 42 352-ҩык атәанчаҩцәа.
Хыԥхьарала зегьы иреиҳаны атәанчаҩцәа нхоит Аҟәа ақалақь аҿы.
«Аҟәа ақалақь аҿы иҟоуп 11 438-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 10 381-ҩык, даҽакала иуҳәозар - 91%. Аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп Гагра араион, уаҟа иҟоуп 7 795-ҩык атәанчаҩцәа, урҭ рахьынтә аиҭашәҟәҭаҩра иахысит 6 721-ҩык, даҽакала иуҳәозар - 86%», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» аԥырҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Азеиԥш ҭоурыхтә культура ашьақәгылара, аҭыԥантәии адунеизегьтәии аҭоурых аларҵәареи аилыркаареи, амилаҭтә гәалашәареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәеи рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 2023 шықәсазы иаԥҵан Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» (Афонд «ААЕ»).
Афонд анаукатә ҭҵаараеқәа адгылара рыҭара, Аԥсны аҵарауаа русура аихшьаалақәа рыларҵәара амҩаԥгара иазкуп. Уи иара убас абарҭ ахыдҵақәа нанагӡалоит:
– архивтә усшәҟәқәа рҟынӡа иаарту анаӡара алыршара;
– аҭоурыхтә ҵарадырра адгылара аҭара;
– иреиӷьу арҵаҩцәеи аҭҵааҩцәа ҿарацәеи аџьшьара рыҭара алыршара;
– арккаратә ресурс ҿыцқәа раԥҵара (Аинтернет, Ателехәаԥшра, арадио, уҳәа егьырҭ амассатә информациа ахархәагақәа рыла).
Афонд аусура абарҭ ахырхарҭақәа рыла имҩаԥыслоит:
– аҭҵаарадырратә усура;
– аҭоурыхтә информациа аизгара, аларҵәара, аиқәырхара;
Атәылахьчара Аминистрра аҿы лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аҟәа. Рашәарамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арбџьармчқәа рырратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.
Атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аусмҩаԥгатә атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа инапхгарала имҩаԥысуан. Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, арратә ахылаԥшырҭа Хада аиҿкаарақәа, аусбарҭақәа, аҟәшақәа, амаҵзурақәа рнапхгаҩцәа, архәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа.
Лаҵарамза 2023 шықәсазы имҩаԥгаз арратә ҽазыҟаҵарақәа реихшьаалақәа рыҟаҵараан аоперативтә, амобилизациатә, арратә ҽазыҟаҵарақәа рылҵшәақәа иахәаԥшит. Арратәии амобилизациатәи аҽазыҟаҵара, архәҭақәа рҿы арратә дисциплинеи азинлеишәеи рышьақәгылара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан.