pressadmin-2
Цәыббрамза 11 –16 рзы Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥыслоит аорӷантә музыка афестиваль.
Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 11, асааҭ 20:00 рзы Пицундатәи ауахәама аҿы имҩаԥысуеит IX афестиваль «Аорӷантә хәылԥазқәа» аартра иазку аныҳәатә церемониа.
Афестиваль рхы аладырхәуеит Аԥсны жәлар рартистка Марина Шамба, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гаделиа (аорӷан), Кристина Ешба (сопрано), Москватәи аконсерваториа апрофессор Евгениа Кривицкаиа (аорӷан), жәларбжьаратәи аконкурсқәа рлауреатцәа Тимур Карданов (аорӷан), Регина Штеиман (альт), Елена Кеилина (аорӷан), Екатерина Мельникова (аорӷан), Марина Черепанова (аорӷан), Наталиа Гольфарб (аорӷан), Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Сергеи Будкеев (аорӷан), Урыстәыла жәлар рартистцәа Алеқсандр Книазев (аорӷан), Рубин Абдуллин (аорӷан), Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Алеқсеи Семионов (аорӷан).
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Амш азы Башкириа даҭаауеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Башкириа, цәыббрамза 11 рзы иазгәарҭоит Ареспублика Амш. Ари амш азы арегион аделегациа ицны даҭаараны дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Абри азы Ареспублика Башкортостан Ахада Ради Хабиров иахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит асаит https://utv.ru/ufa/.
Иара убас, уи Башкириеи Аԥсни рыбжьара акыр ҵуеит аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоижьҭеи ҳәа иазгәеиҭеит. Ареспублика ахада иажәақәа рыла, уаҟа 90-тәи ашықәсқәа рзы ареспублика иҟанаҵоз ацхыраара атәы шьахәла иргәалашәоит.
Ашахматтә ӷәы адтәалара. Аиааира Амш аламҭалазы аинтеллектуалтә еиндаҭлара.
Аҟәа. Цәыббрамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны ашахматқәа рзы аицлабрақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит Аԥсны Арбџьармчқәа архәҭақәеи аҟәшеиҵақәеи ркомандақәа.
Афицартә еилазаара аҟынтәи ашахматтә хәмарра абзиабаҩцәеи аконтрактла арратә маҵзура иахысуа аруааи аррамаҵура иахысуа асолдатцәеи ашахматә ӷәы аҿы логикала ахәыцра, аппонент иныҟәара заанаҵы аилкаара, еиҳа ииашоу аӡбамҭақәа рыдкылара аҿы еиндаҭлон.
Риҵатәи апарк аҿы афауна аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы ацифратә автоматтә камерақәа (афотоцәҟьақәа) рхархәарала афауна аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Instagram аҿы апарк адаҟьа аҿы.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк афауна амониторинг мҩаԥыргоит аекологиатә ҵарадырреи анаукеи рыҟәша аусзуҩцәа Арсҭаа А.В., Арухаа Д.Иа.
Афотоцәҟьақәа аԥсабараҿы аԥсаатәқәа рыҟазаара ацклаԥшра азы зегьы реиҳа аеффективра злоу, ҳаамҭа иақәшәо ахархәагақәа роуп, урҭ аамҭак ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа амониторинг амҩаԥгара алнаршоит.
Алеқсандр Анқәаб Константин Затулин ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аусқәеи евразиатәи аинтеграциеи аидгьылуаа рымадареи рзы Аҳәынҭқарратә Дума акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, Ихьыԥшым Аҳынҭқаррақәа Реиҩызара Аинститут адиректор Константин Затулин 65-шықәса ихыҵра инамаданы дидныҳәалеит.
Аԥсны аделегациа Калуга иаҭааит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура алацәажәара азы Калуга ақалақь иаҭааит Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хьишба, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа, Гагра араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цышба.
Калуга аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит ақалақьтә ахаланапхгара ахада Иури Моисеев, ақалақь ахада Дмитри Денисов, Ақалақьтә Еизара ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Иванов, Ақалақьтә Еизара адепутатцәа Карп Диденкои Алеқсеи Колесникови.
Анапылампыласратә команда «Аԥсны» Урыстәылазегьтәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» рхы аладырхәуеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапылампыласратә команда «Аԥсны» Расул Гамзатов диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку Урыстәылазегьтәи атурнир «Аиҩызара Ахраҿа» рхы аладырхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир Каспииск ақалақь Али Алиев ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы имҩаԥысуеит. Уи рхы аладырхәуеит акомандақәа: «Ростов-Волеи» (ақ.Ростов-на-Дону), «Дагестан» (ақ.Махачкала), «Текстильщик» (ақ.Иваново), «Аԥсны» (Ареспублика Аԥсны), «Грозный» (ақ.Грозныи), «Динамо-МГТУ» (ақ.Маиҟәап).
Акомандақәа зегьы Урыстәыла ачемпионат Иреиҳаӡоу алига «Б» алахәылацәа роуп.
Нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрреи аинспекциақәеи Аҟәа ақалақьи араионқәеи рҿы русура аихшьаалақәа рыла, нанҳәамзазы ареспублика абиуџьет иалагалахеит зеицҵалыҵ 450,3 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо ашәахтә шәатәқәа. Убри аан планла иазԥхьагәаҭаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 399,6 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аплан анагӡара нанҳәамзазы 113 % рҟынӡа инаӡоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аофициалтә саит.
2023 шықәса аамзы ирылагӡаны ареспублика абиуџьет иалагалахеит 2 млрд 902 млн. мааҭ. Убри аан планла ишьақәыргылаз ашәахтәқәа реицҵалыҵ 2 млрд 341 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Азԥхьагәаҭатә рбагақәа рынагӡара 124%. рҟынӡа инаӡоит. Планла иазԥхьагәаҭоу аицҵалыҵи фактла иалагалоу аицҵалыҵи реивгара 560,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ашәахтәқәа ралагалара адинамика 117% рҟынӡа инаӡоит, уи аицҵалыҵла 423,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ихьанҭоу ацәгьоуреи ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоуреи рзы игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра изалхуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса рзы Ҭҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ Ажьиба В.Р. изыӡба ала Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аусеилыргаратә гәыԥ аусеилыргаҩ Шьоуа Е.Ф. Аԥсны Аусеилыргаратә Закәеиндкыла ахәҭаҷ 221, ахәҭа 2, ап. «а» (заанаҵтәи ацәыҵеижәажәарала гәыԥҩык ахаҿқәа рыла иԥжәо амаҭәашьарқәеи арҭҟәацгақәеи, аџьаԥҳани абџьари ацәгара, мамзаргьы иӷьычны агара), ахәҭаҷ 155, ахәҭа 4, апункт «б» (мҽхакы ҭбаала атәым мазара аӷьычра, мамзаргьы маӡала ампыҵакра) рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа рыла игәҩароу Чамба А.Р. иганахьала аҭакрала ахьырхәра изалхра азы иҟаиҵаз азыҳәамҭа анагӡара мап ацәкхеит. Убри аан иарбоу ацәгьоурақәа рзы ахьырхәра аҳасабала азакәан ала 10 шықәса иреиҳаны ҭакрала ахгара шарбогьы, аӡбаҩ иӡбамҭа инақәыршәаны, иарбоу ахаҿы иганахьала ахьырхәра аҳасабала аҩнытә баандаҩтәра алхуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.
Аслан Бжьаниа Арезервтә фонд аҟынтәи ахарџь азоужьзарц сынтәа аԥхын иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы иацҵаны аԥара азоужьразы адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа ҳазҭоу ашықәс аԥхынразы иҟалаз арыцҳара анализ азуа иҳәеит, Аԥсны ас еиԥш иҟало аԥсабаратә рыцҳарақәа ауаҩытәыҩсатә фактор шакәу еиҳарак изыхҟьо. «Зегь раԥхьа иргыланы, аԥшаҳәаҿы ииашамкәа иҟарҵо аргыларақәа ирыхҟьоит. Акурорттә усхк ала идыргыло аобиектқәа ахархәарахь ирырҭоит аԥҟарақәа ирхыԥаны», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр, насгьы ихымԥадатәны иԥхьаӡоит ареспубликаҟны аҟны иаку амониторингтә система алагалазарц.
Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь Ахада адырра ииҭеит ԥхынгәымза 9 рзы араион аҟны иҟалаз арыцҳара аԥыхразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рзы. Иара иазгәеиҭеит уи иахҟьаны Гагра араион аҟны аԥхасҭа шроуз ақыҭақәа: Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыԥҭа аҳабла, хәҭа-хәҭала иара ақалақьгьы. 1200 ҩны аӡы рыҵалеит. Арыцҳара аанкылара иалахәын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан, иара убас ахархәара азун араион аҟны иҟаз атехника зегьы.








