АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Цәыббра.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ареспублика Амш азы Башкириа даҭаауеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Башкириа, цәыббрамза 11 рзы иазгәарҭоит Ареспублика Амш.  Ари амш азы арегион аделегациа ицны даҭаараны дыҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Абри азы Ареспублика Башкортостан Ахада Ради Хабиров иахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит асаит https://utv.ru/ufa/.

Иара убас, уи Башкириеи Аԥсни рыбжьара акыр ҵуеит аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоижьҭеи ҳәа иазгәеиҭеит. Ареспублика ахада иажәақәа рыла, уаҟа 90-тәи ашықәсқәа рзы ареспублика иҟанаҵоз ацхыраара атәы шьахәла иргәалашәоит.

«Абылтәы, ачашыла, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, ҳҳақьымцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аибашьцәа еиқәзырхоз ахирургцәа. Ҳара ҳаиҩызара злашьаҭарку маҷӡам», - ҳәа иҳәеит Ради Хабиров.


Read 90 times - Ахәаша, 08 Цәыббра 2023 16:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.