АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынҷкәын.2025

Украина аибашьра згәы иҭаз Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ҩыџьа Шәача иааныркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзуреи еицымҩаԥыргаз аунагӡатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа иҟаны аимадарақәа шьақәзыргылоз, аинформациа еизызгоз, анаҩс асоциалтә ҳақәеи амессенџьерқәеи рхархәарала уи зегьы украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа рахь изышьҭуаз ҩыџьа Урыстәыла атәылауаа ааныркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Урыстәыла Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 205.5 инақәыршәаны ашьаус хацнаркит  (*Атеррористтә еиҿкаара аусура аиҿкаареи иарбоу аиҿкаара аусура алахәхареи).

Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ареспублика атәылауаа ргәырҽанаҵоит украинатәи иҷыдоу амаҵзурақәа активла аинтернет аҿы аусура ишаҿу азы, иара убас ааԥхьара ҟанаҵоит иахәҭоу аусбарҭақәа рахь иарбоу ахҭысқәа рзы ианаамҭоу адырра ҟарҵаларц азы.

 


Read 23 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.