
pressadmin-2
Аҟәа ақалақь аҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәаладыршәеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 24 – аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш ауп.
Адевиз «Иаҳгәалашәоит адҵагьы ықәҳаргылоит» раԥхьаӡа акәны иҟаҵан 2015 шықәсазы, аерманцәа ргеноцид 100-шықәса ахыҵра амш аҽны. Иара убасҟан Аермантә Апостолтә Уахәама ала ари ацәгьоура хлымӡаах иалаӡыз рканонркра мҩаԥган.
Аҟәа ақалақь аҿы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит асааҭ 9 рзы О. Туманиан ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №9 ахыбраҿы.
Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр азы ацәашьқәа адыркит. Ашкол аҵаҩцәа 108-шықәса раԥхьа иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирызкыз ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Агәалашәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Ерик Рштунии Левон Галустиани.
«Есышықәса, мшаԥымза 24 рзы ҳара ҳҿы Османтәи аимпериа аҿы агеноцид иалаӡыз аерманцәа ргәалашәара иазкны алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысуеит. Уи азы агәазыҳәара змоу зегьы ари амш аҽны иаҳзеиԥшу ари ахьаа ҳацеиҩыршарц азы ҳашкол ахь иааиуеит. Ҳара иҭахаз ргәалашәара иазкны ацәашьқәа аҳаркуеит. Асасцәа рзы ацәыргақәҵа еиҿаҳкаауеит.
Алахьеиқәҵаратә митинг ашьҭахь ашәҭқәа кны амшын ахь аиасра мҩаԥгахоит. Анаҩс ҳара зегьы ҳаицны Гаграҟа, аерманцәа руахәама ахь ҳцоит. Араҟа иҭахаз рыԥсы арҭынчра иазкны Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥгахоит», - ҳәа илҳәеит ашкол адиректор Аза Кериан.
Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Левон Галустиан:
«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Османтәи аимпериа аҿы Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш. Традициала ишышьақәгылаз еиԥш, иахьа аерман школ ахь иааит ауаажәларра рхаҭарнакцәа. Ашкол уахьыныҩнало ишьақәыргылоуп аерманцәа ргеноцид азхазҵаз аҳәынҭқаррақәа рбираҟқәа. Хымԥада иазгәаҭатәуп Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит. Есышықәса ари амш аҽны аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ҳгәалаҳаршәоит», – ҳәа иҳәеит Апарламент адепутат Левон Галустиан.
Ашкол аҿы имҩаԥгаз амитинг ашьҭахь уи иалахәыз зегьы амшын ахь инеины агеноцид иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашәҭқәа аӡы ихырҵеит.
Асааҭ 13:00 рзы Гагра ақалақь аҿы иҟоу Аерманцәа рапостолтә уахәама Сурб Аменапркич аҿы Аԥсны иқәынхо аерманцәа рдоуҳатә анцәамаҵуҩы Тер Седрак (Азнавуриан) Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥигоит. Анаҩс ауахәама адәаҿы алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥгахоит.
Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум. Афорум аԥснытәи аҳақьымцәа ирыцны рхы аладырхәуеит урыстәылатәи аспециалистцәагьы - академикцәа, аҳақьымцәа, амедицинатә наукақәа ркандидатцәа.
Афорум алахәылацәа рахь Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә ажәахә даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба.
«І-Аԥснытәи амедицинатә форум еиднакылаз зегьы ишәыдысныҳәалоит уи алахәцәеи аусура амшхәаԥш рылеи ҳҳәынҭқарразы аҵак ду змоу ахҭыс.
Ҳазҭагылоу аамҭазы Аԥсны аԥсҭазааразы, аԥсшьаразы, агәабзиара аиҭашьақәыргыларазы иреиӷьу аҭыԥқәа иреиуоуп. Ари азы ара имҩаԥган ақәранҵыра ду афеномен аҭҵаара, иалыршан аҭыԥ афизико-географиатә ҭагылазаашьа, аргылареи акурорт-гәабзиарачаԥарҭатә инфраструктура рыҿиара. Акырџьара ари аҭынха ду аиқәырхарагьы ҳалҳаршеит.
Иахьа имҩаԥысуа І- Аԥснытәи амедицинатә форум апрограммаҟны иақәнагоу аҭыԥ ааныркылоит агәабзиара аиҭашьақәыргылара, асанаториатә-курорттә ҿиара, ауааԥсыра ргәабзиара аиҷаҳара – абри зегьы, Аԥсны иаҭахны иҟоу, зырҿиара алшо иналукааша урыстәылатәи аҭҵаарадырратәи амедицианатәи усбарҭақәеи аколлектиқәеи ралахәрала.
Афорум иалахәу реилазаара иаҳәоит аҭҵаарадырратәи амаҵзуратәи медицина иамоу аҿиара аԥеиԥш, Аԥсны иамоу акурорттә-гәабзиарачаԥарҭатә лшара ду атәы аҭыԥантәи еиԥш, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟынгьы.
Аҳәынҭқарра Ахада афорум аиҿкааҩцәеи алахәцәеи иаадырԥшыз аинтерес азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Иҭабуп ҳәа расҳәоит аиҿкааҩцәеи алахәцәеи иаадырԥшыз азҿлымҳара азы.
Аслан Бжьаниа: Аԥсынтәыла агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи ҩныс, иара убас иҿыцу ҧсадгьылны ирзыҟалеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш азы аерман жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьара атекст аҿы иарбоуп:
«Иахьа ҳара иаҳгәалаҳаршәоит аерман жәлар рҭоурых аҟны итрагедиатәу арыцхә, Агеноцид иалаӡыз ргәалашәара амш.
108 шықәса рнаҩс, ҳара иаҳгәалаҳаршәоит ихамшҭыхәны иҟалаз арыцхә, харада индырҵәаз ауаа ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Милаҭ еилыхла жәларык ауаа рнырҵәара ариашара зымуа усуп. Ауаатәыҩса ирылшо зегьы ҟарҵароуп ари аҩыза агыгшәыгра ахааназы даҽаџьара иҟамларц азы.
Аԥсны жәлар ари атрагедиа иалаӡыз ргәалашәара ирыцуп, ҳтәылаҟны дара рхатә хьааиԥш ирыдыркылоит жәларык рхьаа. Агеноцид иацәынхаз аерман жәлари урҭ рхылҵшьҭрақәеи Аԥсынтәыла ҩныс, иара убас иҿыцу ԥсадгьылны ирзыҟалеит.
Едуард Быҭәбеи Урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Актәи Аԥснытәи амедицинатә форум алахәхаразы ареспубликаҟа иааз урыстәылатәи аҳақьымцәа рделегациа алахәылацәеи аҳҭнықалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы Афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иара убас акциа алахәылацәа ари апарк аҿы збиустқәа гылоу аԥсуа ар рԥызацәа, Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбари Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиеви ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
Иахьа Аԥсны Афырхаҵа Султан Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы 81 шықәса ихыҵуан.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара акавалер, аинрал-леитенант Султан Асламбек-иԥа Сосналиев иԥсы ҭазҭгьы иахьа 81 шықәса ихыҵуан. Аԥсны жәлари Аԥсны Арбџьармчқәа рыруааи рзы ари акыр зҵазкуа агәалашәаратә мшуп.
Султан Асламбек-иԥа Сосналиев диит мшаԥымза 23, 1942 шықәса рзы, Нальчик ақалақь аҿы.
1961 -1964 шш. Сызрантәи авиациатә ҵараиурҭа аҿы аҵара иҵон.
1978 шықәсазы Г. К. Жуков ихьӡ зху аҳаиртә хыхьчаразы арратә Академиа далгеит.
29 шықәса рзы Султан Асламбек-иԥа Асовет Еидгыла аҳаиртә хыхьчаразы архәҭақәа рҿы арратә маҵзура дахысуан. Аԥырҩы иҟынтәи ақәхратә ҳаирмчқәа рполк акомандаҟаҵаҩи авиацентр анапхгаҩи рҟынӡа амаҵурамҩа данысит.
1989 шықәса рзы аполковник ҳәа арратә хьӡы иманы ԥхьатәара дцеит.
1990 шықәсазы иара аус иуан Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу «Каббалкгражданстрой» адиректор хада ихаҭыԥуаҩыс.
1992 шықәсанӡа Султан Сосналиев Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконгресс арратә ҟәша анапхгаҩыс дыҟан.
Нанҳәамза 15, 1992 шықәсазы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага аҩбатәи амш азы Султан Сосналиев хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз ргәыԥ ицны автобус ала Гагра ақалақь аҿы ақырҭцәа ркардон дахысны зегьы раԥхьа Гәдоуҭанӡа днаӡеит. Акадртә афицарс иҟаз, арра-академиатә зыҟаҵара змаз Сулҭан Сосналиев аибашьра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аҭакԥхықәра ду зцыз адҵа анагӡара далагеит.
Нанҳәамза 16, 1992 шықәса рзы Султан Сосналиев жәлар рырдыԥхьалара аштаб аиҳабыс дҟарҵеит, нанҳәамза 18, 1992 шықәса инаркны Аԥсны атәылахьчара Аҳәынҭқарратә Комитет аштаб анапхгаҩыс дыҟан. Атәылахьчара Аминистрра, Арбџьармчқәа рыштаб Хада, аԥҵарала – Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩыс – атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс мшаԥымза 25, 1993 шықәса рзы Аԥсны атәылахьчара аминистрс дҟаҵан.
«Арбџьармчқәа раԥҵареи рышьақәгылареи бџьаршьҭыхла агрессиа аҟынтәи Аԥсны атәылахьчара аиҿкаареи рҿы илагала дууи рзы», лаҵарамза 21, 1993 шықәсазы Султан Сосналиев аинрал-маиор ҳәа арратә хьӡы ианашьахеит.
Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иазку афильмқәа рырбара мҩаԥыслоит.
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25 инаркны лаҵарамза 2 аҟынӡа Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ- аԥша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы имҩаԥыслоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа иазкны еицырдыруа урыстәылатәи акинорежиссиорцәа иҭырхыз асахьаркыратә, адокументалтә, аҭоурыхтә фильмқәа дырбара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа.
Апрограмма арежиссиор Н. Лебедев иҭихыз асахьаркыратә фильм «Нюрнберг» (2023 ш.) аԥхьарбарала иаатуеит.
Аамҭак ала амузеи аҿы иаатуеит хыԥхьаӡара рацәала афотосахьақәа, архивтә документқәа, атрибунал амҩаԥысшьа иазкыз асахьақәа, уҳәа рыла ишьақәгылоу ацәыргақәҵа «Нюрнбергский процесс. Взгляд из Москвы». Ари ацәыргақәҵа анацистцәа рконцлагерьқәа рҿы иҭакыз аӷа иҿагылара иалахәыз, агәыԥмаӡа иалаз, анемец аккупациа иалаӡыз ргәалашәара анаунагӡара иазку аусура назыгӡо Александр Печиорски ифонд ала иаԥҵоуп.
Аԥсны имҩаԥысуеит иаарту ахәыҷтәы реитингтә шахматтә турнир «Алашара – молодые надежды».
Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 22-23 рзы традициала имҩаԥысуа ареспубликатә хәыҷтәы шахматтә еицлабрақәа «Алашара – молодые надежды».
Актәи амш азы еицлабуан 8 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, урҭ рхыԥхьаӡара 70-ҩык рҟынӡа инаӡон.
Аицлабрақәа рымҩаԥгара ашықәсқәа ирылагӡаны раԥхьаӡа акәны аиааира згаз зегьы аӡӷабцәа ракәхеит:
1-тәи аҭыԥ – Нила Бганба (ақ. Гагра);
2-тәи аҭыԥ – Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа);
3-тәи аҭыԥ – Амира Агрба (ақ. Гәдоуҭа).
Амҽыша, мшаԥымза 23 рзы, ашахматтә еиндаҭларақәа рхы аладырхәит Аԥсны арегионқәа зегьы рҟынтәи 10 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи. Урҭ рхыԥхьаӡара 70-ҩык рҟынӡа инаӡон.
Аиндаҭлара аихшьаалақәа рыла, аԥхьахәтә ҭыԥқәа абас ала еихшахеит:
Каха Пертаиа Аԥсны Аконтрольтә палата ахантәаҩыс далхуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Каха Пертаиа Аконтрольтә палата ахантәаҩыс иалхразы рыбжьы рҭиит.
Апарламент аҿаԥхьа иқәыргылан Аконтрольтә палата ахантәаҩы имаҵураҭыԥ ахь акандидатурақәа ҩба - Кама Гогиеи Каха Пертаеи.
Кама Гогиа рыбжьы лырҭеит 16-ҩык адепутатцәа, Каха Пертаиа - 18-ҩык адепутатцәа.
Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рҵарадырра иадҳәаланы Аԥсны атуристтә усура азы азакәан аиҭакрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепуцтатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит «Аԥсны атуристтә усура азы» азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Бадрик Ԥлиа.
Зыдгалара мҩаԥгоу аиҭакра, аекскурсиамҩаԥгаҩ, амҩаԥгаҩ-аиҭагаҩ, уҳәа раҳасабала аттестациа ахысра иашьҭоу 18 шықәса зхыҵхьоу, атуристтә усхкы ала абжьаратәи, мамзаргьы иреиҳаӡоу аҵарадырра змоу, мамзаргьы иарбоу аусура ахырхарҭа иақәшәо иназыцҵоу азанааҭдырра змоу хаҿызароуп.
Аԥсны аҭаҭын аалыҵи аникотин злоу аалыҵқәеи ҭзыжьуа ахәаахәҭратә маркақәа рӡыргаразы азин ҟалаӡом.
Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент «Аӡырга азы» азакәан аиҭакрақәа аланагалеит.
Убас, адәахьтәи аӡырга аҟаҵареи аӡыргатә еиқәыршәагақәа рышьақәыргылареи рзы иназыҵоу аԥҟарақәа алагалоуп.
Аӡыргатә еиқәыршәагақәа ауаажәларратә шәарҭадара акала иаԥырхагахар ахьалшо, мамзаргьы ауааԥсыра иахьырзыманшәалам аҭыԥқәа рҿы рышьақәыргылара ҟалаӡом.
«Зыдгалара мҩаԥгаз аусшәҟәы апроект хазы игоу атауарқәа, инҭкааны иуҳәозар, аҭаҭын аалыҵқәеи аникотин злоу аалыҵқәеи рӡыргара иамоу аҷыдарақәа ирызку аԥҟара ауп», – ҳәа азакәан апроект адгалара мҩаԥго иҳәеит адепутат Дмитри Маршьан.