
pressadmin-2
Џьамал Делба ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Апрокуратура Делба Џьамал Доди-иԥа ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада асаит.
Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭала ишышьақәыргылоу ала, рашәарамза 11, 2023 шықәса, 00 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан, 2006 шықәсазы ииз Делба Инал Џьамал-иԥа, ауаҩшьра игәы иҭакны, зыхҭаларшә шьақәыргылам, згәыцәеизадоу ашәарыцага шәақь ала, 1972 шықәсазы ииз Делба Џьамал Доди-иԥа иааигәаны диеихсит. Изеихсыз ахаҵа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иаразнак иԥсҭазаара далҵит.
Гәдоуҭа араион аҿы аӷьычраҿы игәҩароу даанкылоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аоперативтә еилазаареи Афон Ҿыц амилициа аҟәшеи русзуҩцәеи рыла Амазаратә ҟазшьа змоу ацәгьоура, даҽакала иуҳәозар атәым мал ампыҵакра иадҳәалоу ацәгьоура аартхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит. Даанкылоуп ацәгьоураҿы игәҩароу, 1982 шықәсазы ииз, Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭаҿы инхо Ԥлиа Давид Теренти-иԥа.
Давид Ԥлиа, Афон Ҿыц ақалақь аҿы дшыҟаз амилициа ахь адырра ҟазҵаз имашьына асаркьа ԥҽны зтәы рӷьычыз ихатәы маҭәақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз асахҭан шәыра иӷьычит. Иӷьычыз амазара амилициа аусзуҩцәа игәҩароу имырхит. Уи иаразнак имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь даанкылан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аусзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идныҳәаларатә шәҟәы Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа рзаанаҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!
Ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура амш.
Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аԥҵоижьҭеи 31 шықәса ҵит, абри аамҭа иалагӡаны аусзуцәа ирылшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых адаҟьақәа иналукааша ахҭысқәа рыла рхарҭәаара.
Азанааҭ адырра, иҷыдоу аҭагылазаашьа ианаамҭоу ақәҿыҭра, ҭакԥхықәрала амаҵзура азнеира, инарҵауланы амаҵзура аҵакы аилкаара реиԥш иҟоу аҷыдарақәа рылоуп Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура аусзуҩцәа.
Очамчыра ақалақь аҿы асасааирҭа «Амшынеиқәа абырлаш» аартра иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥшьаша, рашәарамза 15 рзы, Очамчыра ақалақь аҿы асасааирҭа «Амшынеиқәа абырлаш» аартра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Асасааирҭа аартра иазкыз ацеремониа ихы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи анаплакҩы Михаил Сыҷынааи алента ҟаԥшь хырҵәеит, «Амшынеиқәа абырлаш» аартра хацдыркит.
Аҳәынҭқарра Ахада адныҳәалара ҟаҵо, иаҵшьны иҳәеит ари Очамчыра араион азы мацара акәымкәа, Аԥсны зегьы азы аҵакы змоу хҭысны ишыҟоу.
«Аҟәа инаркны Егрынӡа аиԥш зеиԥшу асасааирҭа ыҟаӡам иахьазы. 70-тәи ашықәсқәа рзы излагаз асасааирҭа аргылара акыр шықәса раахыс иаанкыланы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахҟьаны. Ҳара ари аусура хҳаркәшеит: ҳаамҭазтәи атехнологиақәа инарықәыршәаны иргылоу иагьеиҭашьақәыргылоу 16 еихагыла змоу асасааирҭа иаднакылар алшоит 700-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа.
Ахра Анқәаб агазеҭ «Аԥсны» аредактор хадас дҟаҵоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуа агазеҭ «Аԥсны» аколлектив дыдирдырит аредактор хада ҿыц Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.
Роберт Џьопуа қәҿиарала аусеицуразы агәыӷра шимоу иҳәеит.
«Ахра Владимир-иԥа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус иуеит. Иара аҵарадырра асистема аҿиараҿы илагала дууп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Ахра Владимир-иԥа аредактортә усура аԥышәа имоуп», - ҳәа иҳәеит Роберт Џьопуа.
Ахра Анқәаб иоуз агәрагара азы ҭабуп ҳәа раҳәо, зыхьӡ нагоу агазеҭ аколлектив қәҿиарала аус рыцура шалыршахо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.
Анқәаб Ахра Владимир-иԥа диит ԥхынгәымза 20, 1974 шықәсазы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.
1981 - 1991 шш. В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара иҵон.
1991 - 1997 шш. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аҿы азанааҭҵара «Аԥсуа бызшәеи алитературеи» ала аҵара иҵон.
1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.
Аԥснытәи Аихамҩа Гагра араион аихамҩаҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аихамҩа Гагра араион аихамҩаҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи Аихамҩа апресс-маҵзура.
Аусурақәа мҩаԥысуан ҽынла еиԥш уахынлагьы. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа абригадақәа ирыцхраауан урыстәылатәи аспециалистцәа.
Иахьатәи амш азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаауа адәыӷбақәа зегьы аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь» иаанкылоит.
Аԥснытәи аихамҩа, аԥсабаратә рыцҳара аныҟала раԥхьатәи амш азы еиԥш уажәгьы апассаџьырцәа Аҟәантәи Цандрыԥшь аҟынӡа раагара еиԥш, иаауа асасцәа аҳҭнықалақь аҟынӡа ргарагьы еиҿкнакаауеит.
Санкт-Петербург иҟоу Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аконсулра хара имгакәа аусура иалагоит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ааигәа аформат нагӡаны аусура иалагараны иҟоу Санкт-Петербург иҟоу Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аконсулра аофис даҭааит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аофис Санкт-Петербург ақалақь аҿы зегьы реиҳа иҳараку ахыбра «Лидер Тауэр» 40 аихагыла аҿы иҟоуп.
Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхоит хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи аџьынџьуаа, лассы-лассы имҩаԥысуеит идуу жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәеи афорумқәеи, иҟоуп жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рофисқәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны Никарагуа аделегациа дырԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа Ахада аинвестициақәеи ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы иабжьгаҩ, Урыстәыла аус ацура азы Никарагуа иҷыдоу ахаҭарнак Лауреано Ортега Мурилио напхгара зиҭо Никарагуа аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи уи афинанстәи алогистикатәи еиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Гагра иҟалаз ақәыршҩы иахҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьыжь шаанӡа Гагра ақалақь аҿы илеиз ақәыршҩы иахҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.
«Иахьа, рашәарамза 14 рзы, ашьыжь шаанӡа, асааҭ 5 инарзынаԥшуа Гагра ақәыршыҩ ӷәӷәаны иауит. Уи иахҟьны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ала Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра иатәу амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Давид Бганба.
Ареспубликатә трасса ахәҭак илеиз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны аамҭала иаркхеит.
Инал Арӡынба Санкт-Петербург аҵара зҵо аԥснытәи астудентцәа дырԥылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Санкт-Петербург ақалақь иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо, ахәҭакахьала, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ацхыраара иҭалаз астудентцәа дырԥылеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Инал Арӡынба астудентцәа хара имгакәа Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аус ацура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны Санкт-Петербург иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны аконсул икандидатура аликаауеит ҳәа адырра риҭеит.