Аҟәа. Жьҭаарамза 2, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 3 рзы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылара алахәылацәа аҩганктәи аизыҟазаашьақәа, арегионалтәи жәларбжьаратәи апроблематика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәараны иҟоуп.
Иара убас, Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Аслан Гаглоеви адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоееви злаху х-форматкны иҟоу аиԥылара – Аԥсны-Урыстәыла-Аахыҵ Уаԥстәыла мҩаԥысраны иҟоуп.
Х-ганктәи аиҿцәажәарақәа раан Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәлареи рышьақәыргыларазы Женеватәи аилацәажәарақәа рыплошьадка аҿы аусура акоординациа атема ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭара азԥхьагәаҭоуп.
Аминистрцәа аҩганктәи аиԥыларақәа раан иара убасҵәҟьа 2024 – 2025 шш. рзы адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭақәа рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара апланқәа рнапы аҵарыҩраны иҟоуп.